Абу-Даби Урыстәылеи Украинеи еиқәшаҳаҭхеит атҟәацәа мҽхакыҭбаала реиҭныԥсахлара ҿыц азы
14:42 11.11.2026 (ирҿыцуп: 15:13 11.11.2026)

© Sputnik / Кристина Соловьёва
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 11 — Sputnik. Абу-Даби Урыстәылеи Украинеи еиқәшаҳаҭхеит атҟәацәа мҽхакыҭбаала реиҭныԥсахлара ҿыц азы.
Аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа ртәы ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит урыстәылатәи аделегациа аиҳабы Владимир Медински.
Иара иҳәеит Урыстәыла уаанӡагьы Европа ииашоу ашәарҭадаратә система аԥҵара шхымԥадатәиу азы азҵаара шышьҭнахуаз, избанзар Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь ишьақәгылаз Иалта-Потсдамтәи асистема "даара иҽеимкәа аус ауеит".
Медински иҳәеит европатәи аделегациа урыстәылатәи аган ишрынмыруаз.
"Европаа украинатәи ажәлар ааидкыланы ржьара иаҿуп, Украина бџьарла еиқәыршәо. Исзеилкаауам урҭ ироуҳәаша: Европа аҟынтәи аҭынчра иазку жәалагалак ҳмоуцт", — азгәеиҭеит иара.