https://sputnik-abkhazia.info/20261117/1067006575.html
"Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа апарламенттә еилакы адгылара рнаҭеит
"Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа апарламенттә еилакы адгылара рнаҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. "Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа алагалахарц абжьгарақәа ҟанаҵеит аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә... 17.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-17T16:25+0300
2026-11-17T16:25+0300
2026-11-17T16:58+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/11/1067007305_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_18ac54e7bdbed19734dd1d1799b835e0.jpg
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. "Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа алагалахарц абжьгарақәа ҟанаҵеит аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы.Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа ишазгәеиҭаз ала, аус зуа азакәан аредакциа атәыла аинвестициақәа радыԥхьалара анырра анамҭеит уи ахьыуадаҩыз инадҳәаланы. Иарбанызаалак проектк льготак амоуит."Апреференциалтә инвестициатә проектқәа рыстатус аиуристтә хаҿы иҭазар ҟалоит аинвестициатә проект анагӡараан аобиект аусура иалагаанӡа", — абри аҩыза апункт азакәан апроект ахәҭаҷ 18 ахԥатәи ахәҭа иалагалазарц ажәалагала ҟаҵоуп.Апроект аҵакы – аилахәыра Аекономика аминистрраҟны аԥыжәара змоу апроект ашәҟәы иҭанагалазар, апроект анагӡараангьы альготақәа аиуеит, ахәԥсацҵазы ашәахтә ашәара аҟынтәии, амазареи ахашәалеи рҟынтәи ашәахтәқәа рҟынтәии ахақәиҭтәрагьы уахь иналаҵаны. Занҭариа иазиԥхьаӡоит арҭ ариашарақәа Аԥсны аинвестициатә гәазыҳәара аиӷьтәра иацхраауеит, аинвесторцәа атәыла иахьаҵанакуа еиҳа иргәаԥханы апроектқәа аԥара рзоужьра ргәы азҭарҵалоит ҳәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/0b/11/1067007305_161:0:1121:720_1920x0_80_0_0_b0b23cfac0741e8edcc094e64fac2019.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
"Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа апарламенттә еилакы адгылара рнаҭеит
16:25 17.11.2026 (ирҿыцуп: 16:58 17.11.2026) АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. "Аинвестициатә усуразы" азакәан ариашарақәа алагалахарц абжьгарақәа ҟанаҵеит аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә технологиақәеи рзы апарламенттә еилакы.
Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа ишазгәеиҭаз ала, аус зуа азакәан аредакциа атәыла аинвестициақәа радыԥхьалара анырра анамҭеит уи ахьыуадаҩыз инадҳәаланы. Иарбанызаалак проектк льготак амоуит.
"Апреференциалтә инвестициатә проектқәа рыстатус аиуристтә хаҿы иҭазар ҟалоит аинвестициатә проект анагӡараан аобиект аусура иалагаанӡа", — абри аҩыза апункт азакәан апроект ахәҭаҷ 18 ахԥатәи ахәҭа иалагалазарц ажәалагала ҟаҵоуп.
Апроект аҵакы – аилахәыра Аекономика аминистрраҟны аԥыжәара змоу апроект ашәҟәы иҭанагалазар, апроект анагӡараангьы альготақәа аиуеит, ахәԥсацҵазы ашәахтә ашәара аҟынтәии, амазареи ахашәалеи рҟынтәи ашәахтәқәа рҟынтәии ахақәиҭтәрагьы уахь иналаҵаны.
Занҭариа иазиԥхьаӡоит арҭ ариашарақәа Аԥсны аинвестициатә гәазыҳәара аиӷьтәра иацхраауеит, аинвесторцәа атәыла иахьаҵанакуа еиҳа иргәаԥханы апроектқәа аԥара рзоужьра ргәы азҭарҵалоит ҳәа.