Аԥсны урыстәылатәи атәылауаҩра аиуразы агәаран аркьаҿра ргәы иҭоуп ашықәс анҵәамҭазы
17:52 17.11.2026 (ирҿыцуп: 18:20 17.11.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. Аԥсны урыстәылатәи атәылауаҩра аиуразы агәаран аркьаҿра ргәы иҭоуп ашықәс анҵәамҭазы.
Ари азҵаара иалацәажәеит ареспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови "Росатом" ааглыхратә система аҿиаразы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Обозови.
Аҳәынҭкорпорациа аспециалистцәа ацҳаражәҳәарҭа иацхрааит аконсултә ҟәшаҿы имҩаԥысуа апроцессқәа реиҭеиҿкаареи процедурақәак рырмаҷреи. Уи иалнаршеит ирыдыркыло арзаҳалқәа рхыԥхьаӡара аизырҳара.

"Рашәарамзазы аконсултә ҟәша мызкы ахь 120 рҟынӡа арзаҳалқәа аднакылон. Цәыббрамзазы 400 рҟынӡа еизҳаит, жьҭаарамза аихшьаалақәа рыла урыстәылатәи атәылауаҩра ирмарианы аиуразы 625 арзаҳал рыдыркылахьеит", — ҳәа ителеграмм-канал аҿы иҩит Гладков.
Иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит ашықәс анҵәамҭазы рымчқәа еилаҵаны агәаран аԥыхра алыршахап ҳәа.