Ашколхәыҷқәа рзы аҵаратә киноквиз "Агравитациа" Аԥсны ихацдыркит
19:27 17.11.2026 (ирҿыцуп: 19:51 17.11.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, абҵара 17 — Sputnik. Ашколхәыҷқәа рзы аҵаратә киноквиз "Агравитациа" Аԥсны ихацдыркит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акультуратә фонд "Аԥсны-Русь" анапхгаҩы Татиана Леонова.
Лара иазгәалҭеит аидеиа анагӡара ишаҿу сынтәа Москва акселератор аҿы аиааира згаз, агрант зауз ареспублика аҿар.
Иахьа Виктор Аргәын ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2 аҿы апроект мҩаԥган. Амчыбжь нҵәаанӡа аиԥш зеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаахоит Гагра, Гал, Очамчыра, Аӡҩыбжьа ақыҭақәа рышколқәа рҿы.
Аусмҩаԥгатә хықәкы хадас иамоуп аҿар акосмос анапаҿы аагара аҭоурых, анаукеи атехникеи рҿы аихьӡарақәа дырдырра ҳәа азгәалҭеит Леонова.
Иара убас, "Роскосмос" акосмонавт Сергеи Прокопиев акосмонавтцәа разыҟаҵара ацентр аҟынтәи апроект алахәылацәа рахь авидеоааԥхьара аниҵеит, ирзеиӷьеишьеит еснагь адырразҿлымҳара аадырԥшларц, ибзианы аҵара рҵарц.
"Акосмонавтцәа зегьы шәара шәеиԥш ихәыҷқәан. Ҳара зегьы иара убас ашҭаҿы ҳаҩуан, уахынла ажәҩан ҳаҵаԥшуан, ҳгәы азыҳәон. Избан акәзар, акосмос даара бзиа ирбоит адырразҿлымҳара злоу, азҵаарақәа рацәаны иқәзыргыло", — иҳәеит Прокопиев.
Апроект нагӡоуп Москва анапхгареи, Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи, Роскосмоси рыцхыраарала.