https://sputnik-abkhazia.info/20261122/ztsa-zhpou-iiaou-gamala-ikhaa-khyyaakho-afeikhoa-akhararei-akharkharei-1067104885.html
"Зцәа жәпоу, ииаҵәоу, гьамала ихаа-хыҵәыҵәаахо": афеихоа ахәарҭареи ахархәареи
"Зцәа жәпоу, ииаҵәоу, гьамала ихаа-хыҵәыҵәаахо": афеихоа ахәарҭареи ахархәареи
Sputnik Аҧсны
Авитаминқәа злоу, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу, асезонтә шәыр афеихоа иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал. 22.11.2026, Sputnik Аҧсны
2026-11-22T08:10+0300
2026-11-22T08:10+0300
2026-11-22T08:10+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102868/44/1028684455_0:257:2730:1793_1920x0_80_0_0_df2e9370a1d38fc354163861fbe6db46.jpg
Аҵиаақәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы рҵакы дуун еснагь. Уи ифатә, ишәҵатәы, имыруга маҭәахәқәа злихуаз аҵиаақәа рхыԥхьаӡара иазирҳауан. Ахара ҭыԥқәа рҟынтәи аҵиаақәа ааганы икәша-мыкәша иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иаиршьцылон, раалыҵ еиҳахартә еиԥш аус рыдиулон.Убас, тәымџьарантәи Аԥсныҟа иаанагаз аҵиаақәа иреиуоуп ибзиаӡаны иаадыруа ацитрустә шәырқәа (алимон, амандарина, апатырқал) иара убас афеихоа, акиви уҳәа. Атәымтәылантә иааганы Аԥсны иаладырҵәаз аҵиаақәа реиҳарак рыхьӡқәа аԥсшәа иалалеит уамак рҽеиҭамкӡакәа.Афеихоа (азгә. "фейхоа") – ӡынгьы-ԥхынгьы збыӷьқәа иаҵәо, ҩба-хԥа метра рҿынӡа изызҳауа чықь ҵиаауп. Афеихоа аԥсадгьылҵәҟьа Аладатәи Америкоуп, Аԥсны зегь раԥхьаӡа акәны иаанагеит Франциантәи 1900 шықәсазы.Афеихоа аамҭакьаҿк иалагӡан имҩасуа ахьҭа ачҳауеит, ацәеижь аҩнуҵҟа аҵааршә ҟанаҵаанӡа. Асы хьанҭа рацәаны ианауы, иахылаԥшны ианаамҭоу иршәшәамзар, амахәқәа ыдӷьырны, ихыжәжәаны илеиуеит. Аҵиаа асы анақәухуа амахәқәа лабала иастәым, ицәҟьатәым, ааха роур ичмазаҩхоит.Афеихоа шәырхкы бзиоуп. Зцәа жәпоу, ииаҵәоу, гьамала ихаа-хыҵәыҵәаахо — иалҵуеит ашәырӡ, ашәыреиларш, уи иалхны арыжәтә ҟазҵогьы дубап. Ишәҭуеит афеихоа рашәарамзазы, 30-40 мшы. Ашәырқәа ҟалоит жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа.Афеихоа еинҭәылоуп авитамин С-еи аиоди рыла, ауаҩы ииммунитет арӷәӷәоит, акьатеиқәа, агәы, адақәа́ русура иазеиӷьуп.Ажәлар рмедицинахьтәАжәлар рмедицинаҿы иуԥылоит аҿырԥштәқәа афеихоа ахархәара аҭыԥ ахьамаз. Убри аҟнытә абра иасырбарц сҭахуп ари атема иашьашәалоу схатәы нҵамҭақәа.Аиимунитет арӷәӷәаразыИаҭахәуп. 500 грамм афеихоа, 200 грамм ацха, лимон хәыҷык, 100 граамк акакан.Аҟаҵашьа.Афеихоа бзианы иуӡәӡәоит, иурбоит, ахи аҵыхәақәеи амухуеит. Алимон ацәа шахо иуххуеит, агәаӷьқәа агәылуршәшәоит. Зегьы ааилаҵаны, 100 граммк акакан налаԥсаны акылхка икылухуеит. Нас 200 грамм ацха налаҭәаны ахҩа зхало абанка илҭаҭәаны ҽнак аҟара иахьыхьшәашәароу ҭыԥк ахь иԥхьаукуеит. Мышк ахь знык чаимҳаҵәк-ҩчаимҳаҵәк уфалоит. Абас абанка иҭоу нҵәаанӡа.Аиод згу изыЗорганизм аиод агу 2-3 мчыбжь рыҩнуҵҟа есыҽны 250-300 грамм афеихоа ифалар, акыр иханарҭәаауеит.Ачыҟә (азгә. щитовидная железа) иаргәамҵуаАфеихоа абыӷьқәа ҿыхны акрыфага мҳаҵәк азна уххыроуп, нас убри иуххыз ҵәыцак аӡыршы ахаҭәаны, ахҩа нахаршәны сааҭбжак иаанужьуеит. Акруфаанӡа 20-минуҭ шагу, мышк ахь знык иужәлароуп.Абаҩқәа рырӷәӷәаразыИаҭахуп: 500 грамм афеихоа, кьылак ашьақар, 2 патырқалк.Аҟаҵашьа: афеихоа ацәа шахо акылхга икылухуеит, анаҩс ашьақар алаԥсаны ибзианы еилаурҩынтуеит. Ус сааҭбжак аҟара иаанужьуеит. Нас амцаҿы жәа-минуҭк иануршлак апатырқал аӡы алаҭәаны ибзианы еилауршуеит. Ианыхьшәашәалак ижәпоу ашәыреиларш алҵуеит. Иара есыҽны афара уҽауршьцылар, убаҩқәа ирзеиӷьхоит.АшьақәыӷәӷәаразыИаҭахуп: 100 грамм афеихоа, 250 грамм аӡыршы, чаимҳаҵәк ацха.Аҟаҵашьа: афеихоа бзианы иуӡәӡәоит, имыцхәу ахқәеи аҵыхәақәеи амухуеит. Абанка илҭаԥсаны 250 грамм аӡыцқьа ахауҭәоит, ахҩа нахауршәуеит. Жәохә-ҩажәа минуҭ раамшьҭахь ахҩа уааҩахан, убра абанкаҿы чаимҳацәк ацха алаурӡыҭуеит. Ахҩа лахаҵаны даҽа жәаминуҭк иаанужьуеит. Анаҩс, абри ахәшә хԥаны еихушоит. Мышкы аҩнуҵҟа — шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха ҳәа иужәуеит крыфаншьҭахь.
https://sputnik-abkhazia.info/20260221/atseizh-akhaabziara-eiyztua-uraykhak-rkhararei-rkharkharei-1061176372.html
https://sputnik-abkhazia.info/20251130/akhshashara-uatsyzykhcho-atsitrus-shyra-rkhararei-rkharkharei-1059401942.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250309/uggy-dyrueit-uagyrkhshtueit-akhyli-ayrkei-rkhararei-rkharkharei-1053994410.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102868/44/1028684455_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_a141497f74149cfbe3184673d1e36916.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Зцәа жәпоу, ииаҵәоу, гьамала ихаа-хыҵәыҵәаахо": афеихоа ахәарҭареи ахархәареи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Авитаминқәа злоу, ауаҩы игәабзиара иазеиӷьу, асезонтә шәыр афеихоа иазкуп Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа анаҩстәи лматериал.
Аҵиаақәа ауаҩы иԥсҭазаараҿы рҵакы дуун еснагь. Уи ифатә, ишәҵатәы, имыруга маҭәахәқәа злихуаз аҵиаақәа рхыԥхьаӡара иазирҳауан. Ахара ҭыԥқәа рҟынтәи аҵиаақәа ааганы икәша-мыкәша иҟаз аҳауатә ҭагылазаашьа иаиршьцылон, раалыҵ еиҳахартә еиԥш аус рыдиулон.
Убас, тәымџьарантәи Аԥсныҟа иаанагаз аҵиаақәа иреиуоуп ибзиаӡаны иаадыруа ацитрустә шәырқәа (алимон, амандарина, апатырқал) иара убас афеихоа, акиви уҳәа. Атәымтәылантә иааганы Аԥсны иаладырҵәаз аҵиаақәа реиҳарак рыхьӡқәа аԥсшәа иалалеит уамак рҽеиҭамкӡакәа.
Афеихоа (азгә. "фейхоа") – ӡынгьы-ԥхынгьы збыӷьқәа иаҵәо, ҩба-хԥа метра рҿынӡа изызҳауа чықь ҵиаауп. Афеихоа аԥсадгьылҵәҟьа Аладатәи Америкоуп, Аԥсны зегь раԥхьаӡа акәны иаанагеит Франциантәи 1900 шықәсазы.
Афеихоа аамҭакьаҿк иалагӡан имҩасуа ахьҭа ачҳауеит, ацәеижь аҩнуҵҟа аҵааршә ҟанаҵаанӡа. Асы хьанҭа рацәаны ианауы, иахылаԥшны ианаамҭоу иршәшәамзар, амахәқәа ыдӷьырны, ихыжәжәаны илеиуеит. Аҵиаа асы анақәухуа амахәқәа лабала иастәым, ицәҟьатәым, ааха роур ичмазаҩхоит.
Афеихоа шәырхкы бзиоуп. Зцәа жәпоу, ииаҵәоу, гьамала ихаа-хыҵәыҵәаахо — иалҵуеит ашәырӡ, ашәыреиларш, уи иалхны арыжәтә ҟазҵогьы дубап. Ишәҭуеит афеихоа рашәарамзазы, 30-40 мшы. Ашәырқәа ҟалоит жьҭаарамза инаркны ԥхынҷкәынмзанӡа.
Афеихоа еинҭәылоуп авитамин С-еи аиоди рыла, ауаҩы ииммунитет арӷәӷәоит, акьатеиқәа, агәы, адақәа́ русура иазеиӷьуп.
Ажәлар рмедицинаҿы иуԥылоит аҿырԥштәқәа афеихоа ахархәара аҭыԥ ахьамаз. Убри аҟнытә абра иасырбарц сҭахуп ари атема иашьашәалоу схатәы нҵамҭақәа.
Иаҭахәуп. 500 грамм афеихоа, 200 грамм ацха, лимон хәыҷык, 100 граамк акакан.
Аҟаҵашьа.Афеихоа бзианы иуӡәӡәоит, иурбоит, ахи аҵыхәақәеи амухуеит. Алимон ацәа шахо иуххуеит, агәаӷьқәа агәылуршәшәоит. Зегьы ааилаҵаны, 100 граммк акакан налаԥсаны акылхка икылухуеит. Нас 200 грамм ацха налаҭәаны ахҩа зхало абанка илҭаҭәаны ҽнак аҟара иахьыхьшәашәароу ҭыԥк ахь иԥхьаукуеит. Мышк ахь знык чаимҳаҵәк-ҩчаимҳаҵәк уфалоит. Абас абанка иҭоу нҵәаанӡа.
Зорганизм аиод агу 2-3 мчыбжь рыҩнуҵҟа есыҽны 250-300 грамм афеихоа ифалар, акыр иханарҭәаауеит.
Ачыҟә (азгә. щитовидная железа) иаргәамҵуа
Афеихоа абыӷьқәа ҿыхны акрыфага мҳаҵәк азна уххыроуп, нас убри иуххыз ҵәыцак аӡыршы ахаҭәаны, ахҩа нахаршәны сааҭбжак иаанужьуеит. Акруфаанӡа 20-минуҭ шагу, мышк ахь знык иужәлароуп.
Иаҭахуп: 500 грамм афеихоа, кьылак ашьақар, 2 патырқалк.
Аҟаҵашьа: афеихоа ацәа шахо акылхга икылухуеит, анаҩс ашьақар алаԥсаны ибзианы еилаурҩынтуеит. Ус сааҭбжак аҟара иаанужьуеит. Нас амцаҿы жәа-минуҭк иануршлак апатырқал аӡы алаҭәаны ибзианы еилауршуеит. Ианыхьшәашәалак ижәпоу ашәыреиларш алҵуеит. Иара есыҽны афара уҽауршьцылар, убаҩқәа ирзеиӷьхоит.
Иаҭахуп: 100 грамм афеихоа, 250 грамм аӡыршы, чаимҳаҵәк ацха.
Аҟаҵашьа: афеихоа бзианы иуӡәӡәоит, имыцхәу ахқәеи аҵыхәақәеи амухуеит. Абанка илҭаԥсаны 250 грамм аӡыцқьа ахауҭәоит, ахҩа нахауршәуеит. Жәохә-ҩажәа минуҭ раамшьҭахь ахҩа уааҩахан, убра абанкаҿы чаимҳацәк ацха алаурӡыҭуеит. Ахҩа лахаҵаны даҽа жәаминуҭк иаанужьуеит. Анаҩс, абри ахәшә хԥаны еихушоит. Мышкы аҩнуҵҟа — шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха ҳәа иужәуеит крыфаншьҭахь.