Рашәара 15 - 21 рзтәи иналукааша ахҭысқәа аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны аҿы.
Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа
Амиллионқәа рӷьычра
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит, аусҭҵаарагьы хацыркуп "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба иганахьала абиуџьет мазара иӷьычит ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба жәабран 27, 2017 шықәса рзы атәыла усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ашәҟәы шизынеишьҭыз аԥсабаратә рыцҳара иахырҟьаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп ҳәа.
Адокумент инақәыршәаны, аԥсабаратә рыцҳарақәа аҭыԥ рыман 2016 шықәса жьҭаара-абҵара, 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран амзақәа рзы Гәдоуҭа араион аӡиасқәа Хыԥсҭеи Ааԥсҭеи рхыҵраан.
Аԥсны АШәМ адыррала, Ачба 20 000 000 рыхәԥса аусурақәа аҭахуп ҳәа аилаӡара ԥаршеии апроект-сметатә документациа ԥаршеии шьақәиргылеит.
Ачба аилаӡара ҟаиҵеит аусбарҭеи ихыҭхәыцааз аԥҵаҩы дызмаз аилазаареи рыбжьара. Абри Иаарту акционартә еилазаара (ИАЕ) ахь ииаган иарбоу аԥарақәа. Анаҩс адокумент ԥаршеиқәа рыла аусурақәа ҟаҵазшәа идырым ахаҿы далархәны аԥарақәа аԥхьаӡамҭаҟынтә иҭыган.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Борис Ачба ҿҳәарала нанҳәа 18, 2020 шықәсанӡа ахылаԥшра аҵаҟа дааннажьит.
Борис Ачба Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 16 "Еиҿкаау агәыԥ аԥара рацәаны мцҳәарыла реимҵәара" ахәҭа 4 инақәыршәаны фышықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәырҵар ҟалоит.
"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы Борис Ачба иганахьала ашьаус хацыркуп
"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада ин.н. абиуџьеттә ԥарақәа ифеит ҳәа даанкылоуп
Абиуџьет еимактәы
Аԥсны Агәаҭаратә палата иаанарԥшит арепатриациа афонд аҟны ихықәкылатәым аԥарахархәара аҭыԥ шамаз. Асеиԥш алкаа ҟаҵан афонд 2018 шықәсазтәи абиуџьет анагӡашьазы аҳасабырба анҭырҵаа ашьҭахь.
Агәаҭаратә палатаҿы ихықәктәымызт ҳәа иазырыԥхьаӡеит:
- "Арепатриант" ҳәа астатус иаҵанамкуа Муҳамед Кьылба ауада изаахәара;
- Шьамтәылатәи арепатриантцәа аҩны рзаахәара;
- Арепатриациазы Аҳәынҭеилакы ахыбра арԥшӡаратә усурақәеи ҩ-миллионк инарзынаԥшуа рыхә ала апальмақәа реиҭаҳареи;
- Арепатриациеи адемографиеи рминистрра аусзуҩцәа агәазыҟаҵаратә ԥарашәара рыҭара.
Арҭ аилагарақәа зегьы аревизиатә усбарҭаҿ быжь-миллионк мааҭ ҳәа рыхә ршьеит, ахара рыдырҵоит аминистрра уаанӡатәи анапхгареи афонд анапхгареи.
Аха иара Афонд аҿы " ихықәкылатәым ахархәара" емаку ҵакны иахәаԥшуеит: Афонд – аилак аҭахрақәа аԥаразоужьра рзыҟанаҵоит, уи апрактика акраамҭоуп имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа.
Атәанчахәқәа хьшәаны
Аԥсны атәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара мчыбжьык иахыԥар алшоит ҳәа агәаанагара ыҟан Аԥсны аиҳабыра рҿы.
Еиҭахәаԥшраны иҟан атәанчахәқәа рахыԥхьаӡалара аграфик. Уи еиҭакхар ашәарақәа мҩаԥгахоит амза 25 инаркны. Уаанӡа атәанчахәқәа ршәарақәа еснагь амза 18 рзы имҩаԥысуан.
Ари зыхҟьо Афонд абиуџьет аԥараҭалара ахьеиԥҟьаз ауп. Аԥгаԥсатә лагалақәа иааунырыртә еиԥш илаҟәит.
Анқәаб урыстәылатәи атәанчахәқәа иашамкәа роура далацәажәеит УАФ ахаҭарнак лԥылараан
Аԥсны атәанчахәқәа рыҭара аҿҳәара иахыԥоит
Афондқәа рҿаԥхьа ауалқәа
АУН "Аԥснеихамҩа" аиҳабы Мирон Агрба аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аихамҩа абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿаԥхьа ауал шақәу.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еизеит аҳәынҭқарранҭыҵтә биуџьетқәа рҿаԥхьа ауал. Иахьазы уи 33 миллион мааҭ иҟоуп.
Аиҿкаара ахашәалақәа акарантин аамҭазы ахашәала акыр илаҟәит, илаҟәит аидарамҩангагатәи апассаџьырмҩангагатәи рбагақәа.
2020 шықәса рзы аиҿкаараҟны имҩаныргеит 13 700-ҩык атәылауааи 1600 еидаравагони.
2019 шықәса рзы имҩанган 7379 вагони 323 300-ҩык ауааԥсыреи. 2019 шықәса рзы ахашәала иартәеит 44 миллион 826 нызқь мааҭ.
Агуманитартә коридор
Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи Аԥсны инхои рзы Аԥсны аамҭалатәи агуманитартә коридор еиҿнакаауеит 2020 шықәса рашәара 22-24 рзы.
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауа зегьы ргәабзиара аҭагылазаашьа аилкааразы амедицина-санитартә гәаҭара хымԥада иахысроуп.
Агуманитартә коридор: Аԥсны аамҭала Қырҭтәылеи иареи рҳәаа аанартуеит
Аҳҭнықалақь амшқәа
Аҟәа ахада Беслан Ешба инапы аҵаиҩит акапиталтә гаражқәа аҩнеихагылақәа рашҭаҿ аргылара азин аҟамҵаразы аусдҵа. Аӡбра рыдкылоуп аҩнеихагылақәа иахьрыҵаркуа аҭыԥқәа рырԥшӡара хықәкыс иҟаҵани анхарҭаҩнаҿы азеиԥш мазара ахатәтәыҩцәа ринтересқәа рыхьчарази.
Убри аан ауааԥсыра азин рымоуп еиҵаԥсо агаражқәа рыргылара, уи азы ақәшаҳаҭра ақалақь ахадараҿы иганы.
Ииасыз амчыбжь азы Аҟәа ақалақь ахадара иаӡбеит Аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәа "Анхамҩа иаҵәеи" "Ақалақьфымцалашареи" аԥыхзарц. Арҭ амуниципалтә наплакқәа иаку структуракны еиҿыркаауеит. Уаанӡатәи рыҟазаара зны-зынла азакәанԥҵара иаҿагылоны иҟан. Аԥыхра мзызны иазыҟалеит аӡбрақәа еиҳа оперативла рыдкылареи рынагӡареи адепартаментқәа русура ахылаԥшреи.
Аҟәа ахада амҩадуқәа ҩба рҿы амҩакыгақәа ргылазарц адҵа ҟаиҵеит
Аҳҭнықалақь ахадара анаплакқәа "Анхамҩа иаҵәеи" "Ақалақьфымцалашареи" аԥнахит
Акадр ҿыцқәа
Ииасыз амчыбжь азы ахада х-усдҵак инапы рыҵаиҩит. Урҭ инарықәыршәаны Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рминистрс дҟалеит Инал Габлиа, Ақыҭанхамҩа аминистрс дҟаҵоуп аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьапуа, Аргылареи анхамҩа-коммуналтә нхамҩеи рзы Аҳәынҭнапхгара аиҳабыс – Дмитри Цымцба.
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрс даҭоуп Инал Габлиа
Ахықәкы азааигәахара
Аԥснытәи абоксиор Харитон Агрба WBA Continental амаҟа ианашьахеит абжьарабжатә капан аҿы иқәгылоз рыбжьара Манук Диланиан даниндаҭлоз.
Харитон Агрба Sputnik иазеиҭеиҳәеит ари аиааира ихықәкахьы – Адунеи ачемпион имаҟа иоурахь дназго аҽа шьаҿоуп ҳәа.
Харитон Агрба – Европатәи ахәмаррақәа – 2019 рҟны араӡны медал даԥсахахьеит. Апрофессионалтә ринг аҿы ари ахԥатәи иааироуп иара изы.
Апромоутертә еилахәыра "Патриот", нас абокс азы Урыстәыла Афедерациеи еиҿыркааз ашоу "Лига Ставок: Вечер бокса" мҩаԥысуан асанитартә нормақәа ирықәныҟәаны ахәаԥшцәа аламырхәӡакәа.