Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрс даҭоуп Инал Габлиа

© Sputnik Бадрак АвидзбаГлавный специалист научно-исследовательского отдела Госстатистики Инал Габлия
Главный специалист научно-исследовательского отдела Госстатистики Инал Габлия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистр имаҵура ааникылон 2014 шықәса жьҭаарамза аахыс Адгәыр Какоба.

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрс Инал Габлиа иаҭаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрс Инал Соломон-иԥа Габлиа даҭазааит", - аҳәоит ахада иусԥҟа атекст аҿы.

Инал Габлиа диит ԥхынгәы 7, 1991 шықәса рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан.

2008 шықәса рзы Москватәи абжьаратә школ № 1259 далгоит.

2008 - 2013 шықәсқәа рзы Амилаҭтә ҭҵааратә университет "Аекономика Иреиҳаӡоу ашкол" дҭан.

2012 - 2014 шықәсқәа рзы Аҵаратә центрқәа "Юниум" Рфедералтә ҳа аҟны акурс "Технологии лидерства" азыҟаҵаҩыс дыҟан.

2016 шықәса инаркны иахьанӡа ИАЕ "Строительная Компания Мегаполис" (Москва) анџьныр-економистс дыҟоуп.

2018 шықәса инаркны иахьанӡа аԥсуа бызшәа аҵаразы онлаин-школа "Алашарбага" директорс дыҟоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0