АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусдҵа инапы аҵаиҩит Аҳәынҭқарратә унитартә наплакқәа "Анхамҩа иаҵәеи" "Ақалақьфымцалашареи" раԥыхразы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.
Аусдҵа амчра амоуп ахадара агазеҭ "Аҟәа-Сухум" аҟны ианыркьыԥхьлак ашьҭахь мчыбжьык аҩныҵҟа.
2015 шықәса рзы "Ақалақьфымцалашара" АУН "СУЭС" иадҵан. 2017 шықәса рзы "Ақалақьфымцалашареи" еиҭах муниципалтә наплакны иҟаҵан.
Аҳәынҭқарратә унитартә наплакы "Анхамҩа иаҵәа" ақалақь апаркқәеи, аскверқәеи, амҩақәеи рыриаҵәара анапы ианын.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҟәа ахада аҩнеихагылақәа рашҭаҿ акапиталтә гаражқәа рыргылара азин ҟаиҵом
-
Ешба анапынҵа ҟаиҵеит Аҟәа анхарҭатә фонд асистематә еиҿкаара аҭазарц