Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы рашәара 15 рзы имҩаԥысит аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" апремиера. Уи иахәаԥшыз Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит ақәыргыламҭа шылнырызи иааидкыланы Аԥсуа театр аҭагылазаашьази лгәаанагара.
Sputnik
Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Аԥсуа театр иадкыланы апремиера аӡбахә аҳәара – уажәшьҭа иџьашьахәу хҭысуп. Аԥкрақәа атеатрқәа рзы ишамхугьы, зегь акоуп С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аус ауӡом ишақәнагоу. Ииашоуп, уи иаанагом атеатр ашә алыкә ыларшәны иаркуп ҳәа. Аконцертқәа, аԥшӡара иазку аицлабрақәа, уҳәа зуахкы уҭаху аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуан атеатр аҿы, урҭ зегь адраматә театр иҟанаҵараны иҟоу ахь ус амам ҳамҳәозар. 

Ахәаԥшҩы дызмам атеатр - театрӡам

Ҵыԥх, абҵара 10 2020 шықәсазы атеатр адиректорс иҟаз Нодар Ҷанба ԥхьатәара дцеит. Уи аахыижьҭеи бжьымзы ирықәуп, аха иахьанӡагьы Аԥсуа театр аиҳабы дамаӡам, инеиԥынкыланы иамаз арепертуартә спектакльқәа 18 рҟынӡа кьыс рымамкәа атеатр архив аҿы ишьҭоушәа иаанхеит.

Ишыжәдыруа еиԥш, атеатр аус ауеит анырҳәо иаанаго, ахәаԥшҩы аспектакльқәа аниднагало, арепетициақәа анцо, апремиерақәа анцәырҵуа ауп. Аамҭак азы, ари аҭагылазаашьазы "атехникатә мзызқәа ирыхҟьаны" ҳәа Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба аҳәамҭа ҟаиҵахьан, аха уажәы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа зламҩаԥысуа ала, атеатр аԥхьа арепертуар ахькыдым - техникатә мзызхарым. Атеатр дамаӡам аиҳабы, уи инапынҵақәа рынагӡара инапы иануп аминистр ихаҭа. 

Сгәы шазҩо ала, Аԥсны аиҳабыра атеатр директорс иарҭара дарбану рмыӡбац. Аминистр иакәзар, ихала ииӡбуа зҵаарахарым, ҳара ҳнапхгаратә система шеиҿкаау ала. 

Ҭыжәԥҳа "Акыр иаԥсоу Памела" азы: Виолетта Маан ҩаԥхьа асценахь лцәырҵра - хҭыс дууп

Ажәакала, сыззааиуа, иацы "Акыр иаԥсоу Памела" захьӡу Џь. Патрик илирикатә комедиа "Аҭакәажә дышԥақәаагари" апремиера мҩаԥысуан Аԥсуа театр аҿы. Асектакль иалагаанӡа аҩналарҭаҿы сзацәажәаз атеатр адиректор ихаҭыԥуаҩ Манана Ҵәыџьԥҳа илҳәеит, агәыӷрақәа шлымоу иааиуа амзазы атеатр арепертуартә спектакльқәа шьақәыргыланы аусура иалагар алшоит ҳәа.

Ҳазҭагылоу аамҭазы атеатр иҟанаҵаз алаҳәара ишаҳнарбо ала, "рашәара 15, 16 рзы "Акыр иаԥсоу Памела" апремиера мҩаԥысуеит. Уаҳа даҽа информациак ыҟам ари амза инадҳәаланы. Ҵәыџьԥҳа иара убас илҳәеит "Мадина Аргәынԥҳа лыспектакль "Сариа" апремиерагьы ҟалар алшоит" ҳәа. 

Абарҭ зегьы иҟалаша аамҭаҿы игылоуп, иахьазы арежиссиор Адгәыр Ақаҩба иҳадигалеит акыр аамҭа асцена иқәымлацыз Жәлар рартистка Виолетта Маанԥҳа ихадоу ароль (Памела Кронки) ахьыналыгӡо аспектакль (асахьаҭыхҩы Витали Қацәба).

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Араҟа иара убас ихәмаруеит Адгәыр Малиа (Сол Бозо), Лана Џьапуаԥҳа (Глориа Гулак), Гарри Аџьынџьал (Джо Ианки). Аспектакль далахәын, аиҵбыратәи абиԥара иаҵанакуа, атеатр ашә ахьарку азы феисбуктәи адаҟьаҿы ауаз иашьашәалоу аҳәамҭақәа ҟазҵало Гәдиса Ҭодуа

Атеатр, асабрада, нас акарантин, мамзаргьы РУСДРАМ аԥкрақәа ишрықәныҟәо

Патрик и-Памела санқәыԥшыз сахәаԥшхьан Аҟәатәи ақырҭуа театраҿ, иара убас, апиеса ахаҭагьы саԥхьахьан анкьа зны, уи акыр исыхәеит актиорцәа ражәа гәынхәҵысҭала аилкаараҿы. Атеатр акустика ҳәа изышьҭоу акыр ихьысҳахеит аремонт ашьҭахь. Уажәшьҭа апремиера иснаҭаз агәҭахәыцрақәа рахь сиасуазар, исызгәаарым сгәахәуеит сгәаанагаразы. Ҳара ҳтәылаҿы, апремиерақәа рышьҭахь еиҳарак рҽхәаԥхьыӡуп иуаҳауа, шамаха атеатртә профессионалтә критика ацәаара узахьыԥшуам. 

Аԥсуа театр апремиера ахьыҭнажьыз акыр сгәы иахәоит, сара атеатр ахь сцеит раԥхьатәи амш азы. Азал уааԥсырала иҭәын, асабрадақәа ныҟәызгоз рацәаҩымызт ҳамҳәозар. Патрик ипиеса Аԥсуа театр ахьазхьаԥшыз даара ибзиоуп, избанзар уаҟа иаарԥшу ацәыхацәыфаратә философиа иахьа ҳаԥсҭазаараҿы аҭыԥ амоуп, апиеса ахаҭа 1961 ш. Америказы ихаҿырбагоу қырсаныҳәатә ҭоурыхуп аха... Аибашьра ашьҭахь Аԥсны уажәы-уажә иуԥыло анапхыцәгьара, ацәыхацәыфара акыр ианаалоит Патрик иҳадигало асиужетгьы. Уи иааркьаҿны аԥхьаҩ игәалаҳаршәозар, зхала инхо аԥҳәыс бырг Памела хҩык ацәыхацәыфацәа лыԥсы лылхны иртәыртәырц рҭахуп лынхара, лмазара.

Аҭакәажә дышԥақәаагари: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" апремиера

"Зегьы зхароу аԥарақәа роуп", - иҳәоит Гарик Џьынџьал ифырхаҵа амилиционер Ианки аспектакль анҵәамҭаҿы. Абри ауп ихадоу автор Џьон Патрик ифилософиаҿы. 

Уажәшьҭа акыраамҭа аԥсуа хәаԥшҩы дыззыԥшыз апремиера исанаҳәаз атәы сҳәозар, атема ҳара иаҳнаалоит, Америка ҳацәыхаразаргьы. Аспектакль ақәыргылаҩ Ақаҩба, сгәанала, даламгеит арежиссиортә лаԥшхырԥхагатә шәыгақәа рыла аусура. Исҳәарц сылшоит, аспектакль архиашьа инаркны, асценаҿы имҩаԥысуа зегьы бзазаратә ҟазшьоуп иамоу ҳәа.

Актиорцәа ирыман алшара адәахьтәи афакторқәа рԥырхагамхакәа рҟазара аарԥшразы. Азеиԥш хҳәаа азызуазар, арепетициақәа згу аспектакль иеиԥшуп, избанзар иҟан ааҭгыларақәа, еиҳаракгьы лашарала аиқәыршәараҿы. Сгәанала, арежиссиоргьы актиорцәагьы макьанагьы инагӡаны иаадырԥшырц ирҭахыз адунеи асахьа рызҭымхыц. 

Ари премиероуп, хымԥада, наҟ-наҟ аспектакль аԥсы иҵегь иҭалашт, аха усгьы инагӡам усумҭаны исыдыскылеит. Акыраамҭа ахәаԥшҩцәа ззыԥшыз Маанԥҳа (Памела) иаалырԥшуа алирикатә ҟазшьа иҵегьы агиперболатә знеишьақәа, аиҭарсрақәа рымазар бзиан, исҳәарц сылшоит Памела илҭааз ацәыхацәыфацәа рымаӡақәа шрыҵылхуаз, лара уи адырразы дышхәыдам уҳәа, арежиссиор илиршар акәын ахәаԥшҩы изы иҵегьы асценатә дыргақәа.

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Иаҳҳәап, амилиционер Ианки ироль назыгӡоз Аџьынџьал Гарри ироль еиҳа игәылырҭәаан иҟаиҵеит ҳәа агәаанагара соуит, ииашоуп аҩбатәи ахәҭаҿы исабрада аниҿыц ашьҭахь иҵегь ироль аус адиулар илшон. 

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Виннер - Ҭодуа иакәзар, ипластикала асцена иқәыз зегьы дрылукаауан, иубоит зҽырԥшӡаны адәы иқәу мишәанк шиакәу.

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Глориа - Џьапуаԥҳа лакәзар, асценаҿы лынеиааишьа азҵаарақәа узцәырнагоит, еиҳаракгьы лныҟәашәа. Иԥсабаратәуп иналыгӡо ароли лареи реилаӡҩашьа ҳәа аҳәара сцәыуадаҩуп.

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Сол Бозо - Малиа имаурҽхәаша ыҟоуп, азныказгьы ихәмаруаз дарбану ҳәа схәыцуан, аха иааизакны асцена иқәыз актиортә ансамбль иҵегь алшарақәа рымоушәа сыҟоуп, аха сызхәаԥшыз апремиера акәзар, макьана амра ихнарҩаԥшьааз ацәҩыча иеиԥшуп.

Зегьы зхароу аԥарақәа роуп: аспектакль "Акыр иаԥсоу Памелеи" ҳаԥсҭазаареи рҵакы

Адраматург Џьон Патрик иакәзар, апиеса аԥсуаа иаҳзаигәоу аспектакль алхразы зеиԥш уҭаху алшарақәа цәыригоит. Ашьақәырӷәӷәара сцәыуадаҩуп, аха аспектакль "Акыр иаԥсоу Памела" арепетициақәа ирзоужьыз амшқәа рацәамызт, арежиссиор аамҭала Аԥсны анҭыҵ иҟазаара, насгьы даныгьежьгьы асценаҿы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ахьыҟаз инаркны – аспектакль алаԥшхгара алыршаразы аамҭа ыҟамызт рҳәоит зыгәра зго ахыҵхырҭақәа. Убарҭқәа аныԥшит сгәахәуеит раԥхьатәи арбамҭа. 

Аналитикеи акритикеи рыҟамзаара аибарҽхәара анарҿио

Патрик ипиеса акомедиеи алахьеиқәреи еилоуӡҩартә алшара унаҭоит, аха аҳәара сцәыуадаҩуп сгәы алаҟаӡаны атеатр аҟынтә игьежьыз хәаԥшҩуп ҳәа схы азҳәара. Аԥсуа театр аҿы апремиера мҩаԥысзаргьы, макьаназы Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аус ауеит ҳәа аҳәара уадаҩуп, аха гәыӷрада имҩасхьада… 

P.S.: "Акыр иаԥсоу Памела" ахәаԥшцәа ишрыдыркылаз атәы сҳәозар, аччабжь азал иҩныҩуамызт, анапеинҟьабжьгьы абжьааԥнытәиқәа иреиԥшымызт. Актиорцәа анхырхәа ашьҭахь, лҩызцәа ирыдылныҳәаларц зышәҭқәа зманы асценахь ицәырҵыз Софа Агәмааԥҳа, абенефис змаз ла лакәызшәа ахәаԥшцәа агәырқьҳәа напеинҟьабжьла илԥылеит…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: