Ашықәс аамҭақәа зегьы иртәу ҟазшьа ҷыдак, гьамак, ԥшӡарак рымоуп. Ааԥынразы аԥсабара ҿыхоит, аԥхын - амшын абзиабаҩцәа ираамҭоуп, ҭагалан хьҩежьуп, аҽаҩра иаамҭоуп, аӡынразы асы леиуеит. Аԥсны егьырҭ ашықәсқәа рзы уарлашәарла асы ауазҭгьы, сынтәа лассы-лассы аԥсабара ҟәаашшӡа иааҟалалоит. Аԥсны амшын аԥшаҳәеи апальмақәеи сыла ихҩаны зыбла иамбац акырӡа ицәыӡит уҳәар алшоит. Амала асы уамак агәырӷьара рзацым атәыла ауааԥсыра, избан акәзар уи иахҟьаны афымцалашара, аӡы аҿырхлоит, урҭ рыҟамзаара акырӡа иаргәамҵуеит ауаа. Ажәакала, асоура ицәырнаго ауадаҩрақәа ыҟоуп, "асы ԥшӡоуп, аха уабылуеит" рымҳәои...
Аҳауагәаҭаҩцәа агәаҽанызаара ҟарҵеит ариабжьарак ахьшәашәарақәа ирыхҟьаны амҩан аҵаахшәыла шыҟало. Аԥсны ААИ ракәзар, агәаҽанызаара ҟарҵоит амҩан амашәыр ҟамларц азын амашьына аныҟәцаҩцәа рныҟәашәа иагырханы, амҩатә ԥҟарақәа ирықәныҟәарц.