Аԥсны

Sputnik амчыбжь: алхрақәа рҽырзыҟаҵара, амаинингқәа раҿыхра, ашахматтә еицлабра

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ажьырныҳәа 17-23 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы еиҳа иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik
Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿ имҩаԥысуан атәылаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа азҵаарақәа рзы аконсультациақәеи аполитикатә кризиз алҵшьази, Алхратә комиссиа хада Жәлар Реизарахь алхрақәа разыҟаҵараз ауснагӡатәқәа рымзартә план еиқәнаршәеит, Тамшь ақыҭаҿы имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи атурнир ашахматасразы.
Арҭи егьырҭ ажәабыжьқәеи Sputnik Аԥсны аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Алхрақәа ааигәахоит

Ажьырныҳәа 17 азы Аԥсны Алхратә комиссиа хада ишьақәнарӷәӷәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа разыҟаҵараз ауснагӡатәқәа рымзартә план. Аплан инақәыршәаны аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 азы.
Аԥхьатәи амш азы АКХ 15 аԥшьгамҭатә гәыԥи аполитикатә партиақәа ҩбеи ашәҟәы иҭанагалеит. Ажьырныҳәа 22 азы аԥшьгаратә гәыԥқәа даҽа фба ашәҟәы иҭагалан.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ ашәҟәы иҭанагалеит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа фба
Ашәҟәҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 асааҭ 18:00 рҟынӡа.

Аполитиказ иаарту аицәажәарақәа

Аполитикатә еиҿкаарқәеи, ауаажәларратә еиҿкаарқәеи, аҵарауааи аинтеллигенциеи рхаҭарнакцәеи алархәны атәылаҿ ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьази аполитикатә кризиз алҵшьази аконсультациақәа Аԥсны Ауаажәларратә палатаҿ раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит ажьырныҳәа 12 рзы. Зынӡа аиԥыларақәа хәба мҩаԥган.
Аԥсны
Уаҵәтәи амш азы аилацәажәара: Ауаажәларратә палата акризис алҵразы ажәадгалақәа
Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа иазгәалҭеит аицәажәарақәа шыхдыркәшазгьы, Апалата ԥхьаҟагьы аиԥыларақәа шымҩаԥнагало, аудаҩрақәа рылацәажәара ишазыхиоу.

Адәныҟаполитикатә фронт

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аиԥыларақәа мҩаԥигеит.
Ажьырныҳәа 17 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба. Аҩӡба аминистр изеиҭеиҳәеит Аԥсны Ахаҭарнакра аусура шеиҿкаау, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспорақәеи иара убас егьырҭ Кавказ жәлар рдиаспорақәеи руаажәлааратә еиҿкаарақәеи дареи русеицура шцо атәы.
Уи адагьы иара еиҭеиҳәеит агуманитартәи акультуратә хырхарҭақәа рҟны аԥшьгамҭақәас иазгәаҭан ирымоу атәы еиҭеиҳәеит.
Аԥсны
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахаҭарнакцәа Аҟәа иааны иҟоуп
Иара убри амш азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аҟәа дидикылеит Шьамтәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба. Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы хара имгакәа аконсултә ҟәша аартра ахәҭоуп ҳәа иҳәеит Баграт Хәытаба.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ареспубликаҿы аус зуа жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа идикылеит ажьырныҳәа 19 азы. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәак дкылашьа рымам ҳәа дахәаԥшуеит. Хаҭала иазааҭгылан аиҿкаара ПРООН имҩаԥнагоз асоциологиатә зҵаараҭҵаареи COBERM апроекти.
Аԥсны
Аԥсны ААР ахада иеиҳабыратәым еиҿкаарақәак рыпроектқәак дкылашьа рымам ҳәа рхиҳәааит

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь аара

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп. Дара ара рыҟазаара еихыршьалеит Sputnik апресс-центр аҿы.
Аделегациа аиԥыларақәа мҩаԥнагеит еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҿы: Аԥсны ААР, Аԥсны АшәМ, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аилак, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра рҿы. Ирылацәажәан Ҭырқәтәыла инхо ҳқьынџьуаа рыпроблемақәа, зҭоурых ԥсадгьыл иазыхынҳәыз рыбзазашьа.
Аԥсны
Ихадоу ашьаҿақәеи, аԥеиԥши: ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаа Аԥсны рыҟазаара еихыршьаалеит
Иалацәажәан аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа роура армариара, визада Урыстәылантә Аԥсны алалара рызҵаарақәа.
Аԥсны ААУ аҿы арҵаҩцәа Ҭырқәтәылаҟа рынашьҭраз еилацәажәеит.

"Аԥсны. Тамыш-Village 2022"

Тамшь иаатит Апсни Урыстәылеи рыхәмарҩцәа злахәу раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022".
Аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥыргоит аспорт азы Аԥсны Аҳәынҭеилакыи Аԥсны ашахмат азы Афедерациеи Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрра ацхыраара ала. Афинанстә цхыраара ҟарҵеит "Унив­ерсал банк", "А-мобаи­л", Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рхадарақәа.
Аԥсны
Шахи мати: жәларбжьаратәи аицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" раԥхьатәи амш
Аԥхьахәтә фонд - 500 нызқь мааҭ.
Атурнир аҿы аиааира игеит урыстәылатәи ашахматасыҩ Павел Смирнов, аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ргеит - Мирана Оганиани Савели Голубеви.
Аԥсны
Ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" хыркәшоуп
Раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥысоит аинформациатә хеилак Sputnik Аԥсны адгыларала.

Аӡаахра амши аԥсуа ҵааи

Ажьырныҳәа 19 азы Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы аб Виссарион (Аԥлиа) Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы имҩаԥигеит анцәаихаҵаҩцәа излахәыз аныҳәатә матанеира. Анцәа дхазҵо маҷҩымкәа Акафедралтә уахәамахь инеит.
Аԥсны
Анцәа имҵаныҳәара Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 аухеи ажьырныҳәа 19 аҽни. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Аари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Уаанӡа ареспублика асанитар-епидемиологиатә маҵзура агәҽанҵара ҟанаҵахьан коронавирус аҽацәыхьчаразы массала ауаа реизара мҩаԥгамзарц.
Аԥсны
Анцәа Иӡаахра амш: Аҟәатәи ауахәамаҿы аныҳәатә матанеира шымҩаԥысыз
Ажьырныҳәа 18 - 19 рзы Риҵатәи ареликттә парк аҿы 50 сантиметр рҟынӡа асы леиит, 24- 40-тәи акилометрқәа рыбжьара ҩыџьараны асыԥса леиит, икаҳаит аҵлақәа. Апарк ахь амҩа аркын.
Аҵыхәтәантәи жәохәшықәса раахыс сынтәа Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы асы шаҟа леиз аҟара ҟамлацызт ҳәа еиҭеиҳәеит апарк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Аԥсны
Риҵатәи амилаҭтә парк аҿы ҽаамҭанык еиԥшымкәа асы рацәаны илеит
Ажьырныҳәа 18 азы Камантәи аберҭыԥ аганахь ала амашьынақәа рныҟәара ԥкын ашәарҭадара аиҿкааразы. Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи амҩатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи аберҭыԥ ахь уназго амҩа иахәаԥшит, ашәарҭара уҭазыргыло ақәҵаарақәа аҭыԥ шрымоу азгәарҭеит.
Абри ахырхарҭахь аӡынтә резина зҵам автотранспорт анеира ахәҭамкәа ишьан.

Амаининг аҿагылара

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарти Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз амаининг-ферма.
Иԥшааз ахыбраҿы ашәҟәы иҭагалан закәаншьаҭада акриптовалиута зырҳауа 251 цыра амаининг-хархәагақәа.
Иҟоу адыррақәа рыла, амаининг-ферма зтәу Едуард Хагәышь.
Аԥсны
Аԥсны АШәМ Калдахәара ирыԥшааит амаининг-ферма ду
Аԥсны АШәМ-и Аҳәынҭстандарти русзуҩцәа ажьырныҳәа 20 рзы Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа ақыҭан 202 аппарат ахьықәгылаз амаининг-ферма рыԥшааит.
Ирымоу аоперативтә дыррақәа рыла, амаининг-фермақәа ртәуп Андреи Мундиан, Дауҭ Габниа, Руслан Григолиа.
Дара рганахьала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргылан изакәанымкәа атәыла афымцамч аҽаԥшьра афакт азы.
Аԥсны
Даҽа маининг-фермак еимырхит Гәдоуҭа араион аҿы