Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ахада дхынҳәит, ААР рминистр Москва дыҟоуп, Италиа имҩаԥысыз аконференциа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны жәабран 7-13 рыҩнуҵҟа иҟалаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа ҟанаҵоит.
Sputnik
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Урыстәылантәи игәабзиара шьақәыргыланы дааит, италиатәи Апарламент аҿы имҩаԥган апресс-конференциа, зыҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Адунеизегьтәи аԥса-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакьи ықәгылаз, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигеит, АКХ адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит, алаҵа даҽа партиак ареспубликахь иааргеит.
Арҭи егьырҭ ажәабжьқәеи Sputnik Аԥсны есымчыбжьатәи ахҳәааҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны ахада

Жәабран 7 ауха Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽыхәшәтәра хыркәшаны Аҟәаҟа дхынҳәит.
Ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп, аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигоит иофициалтә резиденциаҿы ҳәа адырра ҟарҵеит усҟан ипресс-маҵзураҿы.
Жәабран 9 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Италиа Апарламент аҿы имҩаԥысуаз апресс-конференциа "Амилаҭқәа рыхҳәаақәҵаразы азин. Аԥсни Европа Дуи" аҿы онлаин аформат ала дықәгылеит.
Аԥсны
Бжьаниа Италиа Апарламент адепутатцәа рконференциаҿы онлаинла дықәгылеит
Аԥсны ахада италиатәи адепутатцәа ирзеиҭеиҳәеит нанҳәа 14 1992 шықәса рзы ақырҭуа ир Аԥсны ишақәлаз, аха уи иагьа уадаҩра ҳҭанаргылазарагьы, аибашьра ҳаиааит, аҭынч ԥсҭазаареи ахьыԥшымреи рзы иҳауит азин ҳәа инаҵишьит. Иара убас иара иазгәеиҭеит Аԥсны аҳәынҭқаррақәа зегьы рҿаԥхьа ишаарту аиҩызаратә аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аҵакы ӷәӷәа шрымоу азгәаҭо, Италиа Апарламент адепутатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари аҩыза апресс-конференциа ахьымҩаԥыргаз азы.

Аԥсны ААР амедиацентр аартхоит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазнархиоит амедиацентр аартра, иара хықәкы хадас иамоуп Аԥсны апозициа Жәларбжьаратәи аинформациатә политикаҿ арӷәӷәара.
Амедиацентр аусзуҩцәа жәларбжьаратәи аинформациа, адунеитә АИХ-қәа, асоциалтә ҳақәа анализ рзыҟарҵалоит, Аԥсны аҳаҭыр шьҭызхуа аинформациатә усхкқәа мҩаԥыргалоит.
Аԥсны
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аанартуеит
Иара убасгьы амедиацентр аҿы имҩаԥыргалоит жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, авидеоцҳақәа, онлаин-еилацәажәарақәа, Аԥсны ААР Аколлегиа аилатәарақәа, Аԥсны ААР Ауаажәларратә хеилак аилацәажәарақәа.

Аиҳабыраҿы аиҭакрақәа

Аԥсны Акультура аминистр Гәдиса Агрба имаҵураҟынтә ихы дақәиҭтәуп жәабран 11 рзы, абри азы адҵа инапы аҵеиҩит Атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥсны
Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба имаҵзураҟынтә ихы дақәиҭтәуп
Аамҭала Акультура аминистр инапынҵақәа налыгӡалоит аминистр ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа.

Адипломатиатә ныҟәара

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Москваҟа усутә ныҟәарала дцеит жәабран ааба рзы. Москва иара аофициалтә хаҿқәа дырԥылеит.
Ахаша жәабран 9 рзы Инал Арӡынба Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Адунеизегьтәи ассоциациақәа рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ацхрааразы урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисов Москва диԥылеит. Аиԥылараан аминистр Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада иахь аҳәамҭа ишьҭит ҳреспублика анаԥшҩык аҳасабала астатус аҭаразы алшара иазхьаԥшырц.

Анаҩс Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва дырԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев, Россотрудничество ахада Евгени Примаков, Аҳәынҭдума аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецова.

Арҭа аиԥыларақәа раан аганқәа ирылацәажәеит асоциалтәи аҿартә политикеи апарламентбжьаратә усеицуреи рызҵаарақәа рҟны аусеицура алшарақәа.
Инал Арӡынба Москва иҟазаараан аканал RT аексклиузивтә интервиу аиҭеит.
Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит

Акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара

Аԥшьаша жәабран 10 рзы ихыркәшан Аԥсны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рҭаҩра, иара убри аҽны адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит.
Зынӡа ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа иҭаҩын аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и 15-ҩык акандидатцәа ықәзыргылаз аполитикатә партиақәа хәбеи.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҿы Апарламент адепутатрахь акандидатцәа 83-ҩык ҭарҩит
Аԥсны Алхратә комиссиа хада (АКХ) аӡбарала жәабран 10 рзы иҭаҩын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа 83-ҩык.

Ковид хьаҵуам

Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа шыуадаҩыц иаанхоит. Аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 48 808-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 40 043-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 617-ҩык. Жәабран 7 - 13 рыҩнуҵҟа мацара 14-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Аԥсны
COVID-19 змоу рзы аҟәшацҵа аадыртуеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы
Ауаажәларратә транспорт арныҟәцаҩцәагьы ари аҭагылазаашьа рнырит - 70% аҿкчымазара шьҭыркааит, убри иахҟьаны атранспорт аныҟәара аамҭеихшара шьақәҟьеит.
Аамҭеихшара аилагара азгәаҭан мышқәак. Иазгәаҭан ауадаҩрақәа аҭыԥ шрымоу уахынлатәи аамҭазы, арныҟәцаҩцәа зыԥсахуа ахьыҟам азы. Аҳҭнықалақь ахадара ишырҳәаз ала, аҭагылазаашьа аҭыԥ ақәҵара алшоит жәабран 11 рзеиԥш.
Ареспублика ахәыҷбаҳчақәеи абжьаратә школқәеи рҟны акарантин аҿҳәара иацҵоуп.
Аԥсны
Аҟәа араион абжьаратә школқәа акарантин ахь иҟазаауеит жәабран 21 рҟынӡа
Очамчыреи Гали араионқәа рҿы жәабран 14 рҟынӡа иаркын. Аҟәеи Гәдоуҭа араиони рҿы жәабран 18 рҟынӡа ашколқәа рҟны акарантин аҽҳәара иацҵоуп. Гагреи Аҟәеи рраионқәа рҿы – жәабран 21 аҟынӡа.
Иалагалоу аԥкрақәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара, иара убас ааҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара аҿкы зыхьуа, еиҳарак "омикрон" аштамм, рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа иахҟьеит.
Абри аҩыза аҭагылазаашьаан Аԥсны аҳақьымцәа аҿкы зыхьуа ауаа рыхәшәтәра ишаҿыц иаҿуп. Убас, Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы ачымазцәа ахьышьҭарҵаша даҽа ҟәшак аартра ргәы иҭоуп.
Аԥсны
Быҭәба COVID-19 хызҽуа алаҵа шаҟа ԥхьакәу ахәшьара аиҭеит
Агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит алаҵа "Спутник Лайт" 3000 доза.
Роспотребнадзор Аԥсныҟа иаанашьҭит 50 000 ПЦР-тест коронавирустә инфекциа аарԥшразы.

"Авеер" ҿыц

Ииасыз амчыбжь азы "Амшынеиқәафымцамч" аԥкра ҿыцқәа аланагалеит ЕгрыГЕС аусура зынӡа иаанымгыларцаз, иара убас Урыстәылантәи афымцалашара зауа Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа аҟынгьы аԥкрақәа дырӷәӷәеит.
Аԥсны
Аԥсҭазаара лашароуп: "Амшынеиқәафымцамч" аенергетика иамоу апроблемақәа ирылацәажәеит
Иазгәаҭоуп, ЕгрыГЕС аганахьала аԥкрақәа зыдҳәалоу аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу ацәаҳәаҟынӡа алаҟәра шакәу, Мраҭашәаратәи Аԥсны афымцалашара аиуразы иалагалоу аԥкрақәа рырӷәӷәара зыхҟьо Урыстәылантәи алашара иҳауа уахык инаҳхран иҟоу иахьеиҳахаз шакәу.

Алақәа рзы ахкыдкыларҭа

Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан, 50 ла зкуа. Уажәы уа 11 леи 7 ласбаки ыҟоуп. Рхәы-рыԥхь рымоуп.
Аԥсны
Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан
Ара алақәа дырхәалоит, алаҵа рзыҟарҵалоит, аԥшәмацәа рзырԥшаалоит. Иара убас ргәы иҭоуп алақәа рҭоурыхқәеи рфотоқәеи зҭарҵо асаит аартра.

Ацитрусқәа рнаҩс амимоза иаамҭахеит

Аԥсны ациртрусқәа аҳәаа ахыгара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы. Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп 21 000 тонна ацитрус шәырқәа, планла иазгәаҭаз 27 000 тонна рцынхәрас. Ииасыз ашықәс азы аекспорт ишьҭын 47,5 нызқь тонна. Аекспертцәа ражәақәа рыла, ари аҩыза аҭагылазаашьа зыхҟьо ацитрусқәа шықәсык абжьара шықәсык рҽаҩра бааԥсхоит ауп.
Аԥсны
Аԥсны Урыстәылаҟа инанашьҭыз ацитрус шәырқәа ф-нызқь тонна еиҵоуп иазгәаҭаз аасҭа
200 кьыла иҟоу раԥхьатәи акоммерциатә партиа амимозашәҭ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииагоуп.
2021 шықәсазы аҳәаа иахыган 150 тонна ашәҭ. Сынтәагьы ҵыԥхтәи арбагақәа иреиҵамкәа иҟалар алшоит ҳәа азгәаҭоуп.
Аԥсны
Амимозашәҭ раԥхьатәи ахәҭа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа идәықәҵоуп