Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи асоциали аҿартә политикеи рхырхарҭақәа рыла русеицура еиздырҳауеит

© Foto / instagram / anna_jurevnaИнал Ардзинба и Анна Кузнецова
Инал Ардзинба и Анна Кузнецова  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп жәабран ааба раахыс.
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла Аҳәынҭдума ахада ихаҭыԥуаҩ Анна Кузнецовеи реиԥылараҟны иалацәажәеит асоциали аҿартә политикеи рхырхарҭақәа рыла русеицура аизырҳареи, апарламентбжьаратә еимадара арҿиареи.
Абри атәы лыҩит Кузнецова Instagram лдаҟьаҟны.
Лара иазгәалҭеит, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциалтә цхыраареи, ахәыҷқәа рзинқәа ахьчареи аусхкқәа рыла аусеицура шрыбжьоу.
Аҩганк ирҳәеит русеицура аизырҳара шхымԥадатәиу, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбразы амҩақәа шыԥшаалатәу, иазгәаҭоу ахыхраҭақәа рыла реимадарақәа шдырӷәӷәо.
"Ҵыԥх аԥхынразы Аԥсны имҩаԥысуаз аҿар рфорум салахәын. Гәахәарын аҟазара злоу арсҟаҩык аҿар ахьызбаз, дара ауаа ирыцхраар рҭахуп, аус бзиақәа рзы рпроектқәа анагӡаразы ирылшо ҟарҵоит", - ҳәа лыҩуеит Кузнецова.
2021 шықәса рашәарамзазы Анна Кузнецова Урыстәыла ахада иҿы ахәыҷы изинқәа рхылаԥшразы иҟоу лаҳасабала Аԥсны дыҟан, усҟан Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳаи лареи аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.
Анна Кузнецова провела встречу со студентами Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2021
Урыстәыла ахәыҷқәа рзы омбудсмен Аԥснытәи астудентцәа дырԥылеит
Ажәабжьқәа зегьы
0