Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсҭазаара лашароуп: "Амшынеиқәафымцамч" аенергетика иамоу апроблемақәа ирылацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия
Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны афымцацәаҳәақәа ирықәу ақәыӷәӷәара зыхҟьои, афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара ада ԥсыхәа зыҟами, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны ауааԥсыра рхы иадырхәоз алашара амч шеизҳази ирылацәажәеит "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа Sputnik апресс-центр аҿы имҩаԥысыз аконференциаҿы.
Апресс-конференциа иалахәын "Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә усбарҭа аиҳабы Руслан Кәарҷиа, Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал, "Амшынеиқәафымцамч" адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гәырам Џьаџьаиа.
Ишьҭыхын азҵаарақәа жәпакы. Аҟазауаа афымцалашара аиура аганахьала иҟоу ауадаҩрақәа, урҭ раԥырҟәҟәааразыҳәаны иҟаҵатәу ашьаҿақәа ирзааҭгылеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия
Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2022
Пресс-конференция Черноморэнерго в пресс-центре Sputnik Абхазия
"Амшынеиқәафымцамч" аоператив-техникатә усбарҭа аиҳабы Руслан Кәарҷиа дазааҭгылеит жәабран 8 рзы "Амшынеиқәафымцамч" ишьақәнаргылаз аԥкра ҿыцқәа рызҵаара. Иара иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи Аԥсны афымцалашара аиуеит Урыстәылантәи иаарышьҭуа алашара аҟынтә - 660 млн кВт/с. Убас, ажьырныҳәамзазы иаҳзоужьын 250 млн кВт/с, жәабранмзазы - 230 млн кВт/с, хәажәкырамзазы иазгәаҭоуп 180 млн кВт/с.
"Урыстәылантәи афымцамч иҳауа ҳаиҷаҳароуп, избан акәзар еиҳаны аиура азҵаара шьҭыхӡам, уи заа ишьақәырӷәӷәан. Убри инамаданы, ажәлар еилкааны, ҭакԥхықәрала иазнеироуп иаҳԥынгылоу ауадаҩрақәа, мап анакәха, мраҭашәаратәи мрагыларатәи ахәҭақәа зынӡак лашарада иаанхарц рылшоит. Убри азыҳәаны ауп аԥкрақәа шышьақәҳаргылаз Гәдоуҭа, Гагра, Аҟәа араионқәа рҿы", - иҳәеит Кәарҷиа.
Электросети - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2022
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" Аԥсны алашараз иалагалоу аԥкрақәа арӷәӷәеит
Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал иазгәеиҭеит, сынтәа афымцалашара ақәымчра акыр ишеиҳахаз егьырҭ ашықәсқәа ирҿырԥшны иуҳәозар. Уи зыхҟьо еиҳарак изакәанымкәан афымца ахархәара шакәу, уи иалҵшәаны афымца азымхара 15-20 процент рҟынӡа еиҳахеит.
"Есыҽны аиҭашьақәыргылара аусқәа ҳарҿуп, абылрақәа рацәахеит. "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа ԥсшьарада аус руеит ҳажәлар зынӡа лашарада иаанымхарц азы", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭемыр Џьынџьал.
Насгьы иара иазгәеиҭеит ас еиԥш ауадаҩрақәа лассы-лассы иҟалало иалагар, аусзуҩцәа шырзымхо, избан акәзар ачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара еизҳауа ишалагаз.
Руслан Кәарҷиа иазгәеиҭеит Џьуартәи аӡеизакырҭа алшарақәа шынҵәаз, аҭагылазаашьа аҽамԥсахыр ЕгрыГЕС иааиԥмырҟьаӡакәа аус шазамуа атәы.
Ингур ГЭС  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
"Амшынеиқәафымцамч" аҿы ЕгрыГЕС аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭеит
"Аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара еиҳа илаҟәит ҵыԥх аасҭа, убри инамаданы аԥкра ҿыцқәа алаҳамгалар ада ԥсыхәа ҳмоуӡеит. Ҳгәыӷуеит мшаԥы инаркны аӡы аҩаӡара шьҭыҵып ҳәа", - иҳәеит иара.
"Амшынеиқәафымцамч" адиспетчертә маҵзура аиҳабы Гәырам Џьаџьаиа иҳәеит атәылаҟны есышықәса афымца ақәыӷәӷәара еиҳахо ишалагаз. Иара иажәақәа рыла, 2018 шықәсазы афымцалашара атәылаҟны ахархәара ишьақәнаргылеит 1 млрд 920 млн кВт/с, 2019 шықәсазы - 2 млрд 63 млн кВт/с, 2020 шықәсазы - 2 млрд 503 млн кВт/с, 2021 шықәсазы - 2 млрд 920 млн кВт/с. 2021 шықәса рзы ЕгрыГЕС аремонт азы иахьаанкылаз азгьы Урыстәылантәи иаашьҭыз афымцамч еиҳахеит. Иара иазгәеиҭеит 2021 шықәса иаҿырԥшны, ажьырныҳәа 2022 инаркны афымца ақәыӷәӷәара 12 процент рыла ишеиҳахаз.
Џьаџьаиа дазааҭгылеит Урыстәылантә иазоужьыз афымца ахыԥхьаӡара. Иҳәеит 2016 шықәсазы 108 млн кВт/с шазоужьыз, 2017 шықәсазы - 195 млн, 2018 шықәсазы Урыстәылантәи афымца аашьҭӡамызт, 2019 шықәсазы - 70 млн кВт/с, 2020 шықәсазы - 293 млн кВт/с, 2021 шықәсазы - 1 млрд кВт/с инарзынаԥшуа.
2022 шықәсазы иазыԥҵәаз 660 млн кВт/с рахьтә уажәнатә инаҳхьеит 313 млн кВт/с, убри аҟнытә иаҳзоужьу афымца ҳахымԥарц азы аԥкрақәа алагалатәхәеит ҳәа азгәеиҭеит Џьаџьаиа.
Апресс конференциа хыркәшо "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәеи, Аҟәатәи афымцаҳақәа русбарҭа аиҳаби ажәлар рахь рхы нарханы ирҳәеит ауадаҩрақәа ириааирц азыҳәаны ламысла иазнеирц, изакәанымкәан афымца ахархәара мап ацәыркырц.
Электропровода  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.01.2022
Аԥсны
Аҭагылазаашьа уадаҩуп: Аҟәа еиҭах афымцацәаҳәақәа аԥхасҭақәа роуит
Аԥсны Урыстәылантәи афымцамч аиуеит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза инаркны. Уи амш инаркны аҳауатә цәаҳәақәа "Шьешьелеҭ-1", "Шьешьелеҭ-2" алашара ЕгрыГЕСи аӡхыҽҽатә станциа "ГЭС-1" рҟынтәи ироуеит.
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу ацәаҳәаҟынӡа илаҟәит. ЕгрыГЕС иаиуа аӡы амч ала Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа иааиԥмырҟьаӡакәа афымцалашарала аиқәыршәаразы иазхаӡом.
Ажәабжьқәа зегьы
0