Аԥсны

Sputnik амчыбжь: ахада иԥыларақәа, абылтәы ахә аларҟәра, Гагра аныҳәа

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жьҭаара 3-9 рзы иалкаахаз ахҭысқәа есымчыбжьатәи ажәабжьқәа реизга.
Sputnik
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы еиуеиԥшым аиԥыларақәа мҩаԥигеит. Москва усутә ныҟәарыла иаҭааит Апарламент аделегациа, Гагра иазгәарҭеит араион ахақәиҭтәра 30 шықәса ахыҵра, абылтәы ахәԥсақәа лаҟәит.
Sputnik

Ахада имҩаԥигаз адкыларақәа

Жьҭаара 3 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Калмыкиа ахада Бату Хасиков.
Калмыкиа ахада иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭақәа рыла аусеицура ахацыркра. Аҳәынҭқарра ахада аҭакс иҳәеит ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, аимадарақәа рышьақәыргылара адгылара шриҭо.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит
Жьҭаара 5 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәыла аграждантә хьчара аусқәеи, аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхреи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Илиа Денисов дидикылеит.
Аиԥылараҟны ирылацәажәан аиқәырхаратә усбарҭақәа реинырра азҵаарақәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан рыҟәшақәа русеицура.
Аԥсны
Аслан Бжьаниеи Илиа Денисови Аԥсни Урыстәылеи АҶ русбарҭақәа реинырра иалацәажәеит

Илҵшәадоу аимак-аиҿак

Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд мҩаԥысит жьҭаара 5 рзы.
Аха уи лҵшәа дук аанамырԥшит. Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра мап ацәнакит иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 56-тәи рраунд аихшьаала ҟаҵо.
Аԥсны
Арӡынба: Қырҭтәыла Аԥсны аганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩра мап ацәнакит
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны ЕАР, Евроеидгыла, ОБСЕ рыцхантәаҩрала.

Абылтәы ахәԥса аларҟәра

Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә иагхеит ишьақәыргылоу ахәԥса ҿыцқәа инарықәыршәаны.
Аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб ишиҳәаз ала, Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны ареспубликаҿ аус ауеит апроцедура, зыҟны аахәаратә хәԥсақәа аҭиратә хәыԥса ианыруа.
Иара иҳәеит аҵыхәтәантәи фымз рыҩнуҵҟа Урыстәыла заҵәык аҟынтәи ауп Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа ахьынтәаауа ҳәа.
Аԥсны
Аԥснытәи абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы абылтәы ахә иагхеит
Жьҭаара 6, 2022 шықәсазытәи адыррақәа рыла абылтәы АИ–92 алитр "Роснефть" аҿы 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, адизельтә былтәы – 67,5 мааҭ.
Аилахәыра "АзИд" аҿы АИ-92 - 49,5 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 58 мааҭ, ДТ – 64,5 мааҭ, "Подорожник" аҿы АИ-92 - 47 мааҭ иаԥсоуп, АИ–95 – 60 мааҭ, ДТ - 65 мааҭ.

Ихырҳагоу аиҿцәажәара

Жьҭаара 4 рзы Урыстәыла аекономҿиара аминистрра аделегациа аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсныҟа иааит.
Урыстәылатәи аделегациа ирԥылеит Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб, уи ихаҭыԥуаа Кристина Озгани Владимир Делбеи, Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахантәаҩы Ҭемыр Агрбеи. Иара убас аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аганқәа алацәажәеит аинвестпрограмма анагӡаразы аусурақәа шцо, Аԥсны Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара, аенергетика азҵаарақәа, абиуџьеттә усзуҩцәа хаз игоу хырхарҭақәак руалафахәы ашьҭыхразы ашәарацҵа амҩаԥгара.
Аԥсны
Урыстәыла аекономҿиара аминистрра аделегациа аусутә еилацәажәарақәа рзы Аԥсныҟа иааит
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба зхадараҿы дыҟаз Аԥснытәи аделегациа официалтә ныҟәарыла Москва иҟан. Урыстәыла Афедерациатә хеилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиови аԥсуа делегациеи еиԥылеит.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аԥсны арратә шәарҭадара арӷәӷәара азҵаарақәа, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахысра армариара, анефҭаалыҵқәа рыхәԥсақәа рҭышәныртәалара уҳәа азҵаарақәа.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент аделегациа Урыстәыла Афедерациатә хеилак аҿы аиԥылара мҩаԥыргеит

Ашәарҭадара азҵаарақәа

Аслан Бжьаниа Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи, абжьгарақәа аус рыдулареи, ахәшьара рыҭареи рзы иаԥҵоу аусутә гәыԥ ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов дидикылеит.
Пустовалов ахада изеиҭеиҳәеит хықәкылатәи аусбарҭақәа имҩаԥыргаз аусурақәа ртәы.
Аԥсны аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәреи, абжьгарақәа аус рыдулареи, ахәшьара рыҭареи рзы аусутә гәыԥ аԥҵоуп аԥыза-министр Александр Анқәаб иусԥҟала цәыббра 23 азы.
Аԥсны
Бжьаниа аҽеизакратә ҽазыҟаҵара аиӷьтәраз аусутә гәыԥ аиҳабы диԥылеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2022 шықәса жьҭаареи-ԥхынҷкәыни амзақәа рзы арранаԥхьараз Аусԥҟа инапы аҵеиҩит.
Жьҭаара 1 инаркны ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа Аԥсны имҩаԥгахоит 18-27 шықәса зхыҵуа, аррамаҵзура иахысраны иҟоу атәылауаа аррахь рнаԥхьара.
Аусԥҟа инақәыршәаны аррамаҵзуратә аамҭа зхызгаз рхы иақәиҭтәхоит.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рнапы ианҵоуп арранаԥхьара иадҳәалоу ауснагӡатәқәа нарыгӡарц.
Аԥсны
Аԥсны арранаԥхьара рылаҳәоуп
Арегионалтә шәарҭадареи, аимадареи, иара убас ҩганктәи арратә усеицуреи рызҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа Владимир Ануеи Мараҭ Павлови.
Мараҭ Павлов иара убас дидикылеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ртәылахьчара аминистрцәа арегион ашәарҭадара иалацәажәеит

Адгылареи адныҳәалареи

Аԥсны аҿар Владимир Путин идгылараз акциа мҩаԥыргеит ахәаша, жьҭаара 7 рзы Аҟәа, иара ииармш аҽны.
Акциаҿ иқәгылоз зегьы ирҳәон Урыстәылеи Владимир Путини рполитика ишадгыло.
Аԥсны
Аиашаҿ ауп амч ахьыҟоу: Владимир Путин идгылараз акциа мҩаԥысит Аҟәа

Арбаандаҩрақәеи ашьаусқәҵарақәеи

Машәырла ауаҩы дишьит ҳәа ахара зыдҵоу Хачик Барсумиан иганахьала ашьаус хацыркуп.
Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, цәыббра 30 асааҭ 20:45 азы Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан Хачик Барсумиан ижәны Артур Барсумиан аҳәызба иуаҭәа иалеиҵеит.
Артур Барсумиан Гагратәи ахәшәтәырҭахь днаргаанӡа иԥсҭазаара далҵит. Адырҩаҽны ацәгьа зуз дааныркылеит.
Аԥсны
Цәыббра 30 азы Цандрыԥшь иҟалаз ауаҩшьразы ашьаус хацыркуп
Гыд Царгәыш, Алиас Царгәыш, Омар Саӷариа рганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп амчра ахаҭарнакцәа рҟны амч рхы иахьадырхәази закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы.
Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, цәыббра 30 асааҭ 23:45 рзы ижәны иҟаз Гыд Царгәыш иҩызцәа Алиас Царгәыш, Омар Саӷариа ицны Гәдоуҭа аганахь рхы рханы ицон, ус ААИ "Приморское" иныдгылеит. Гыд Царгәыш бжьынтә иабџьар ажәҩан ахь ирханы дхысит (атапанча "Макаров").
Ахысыбжь заҳаз ААИ аусзуҩ амилициа алеитинант Бигәаа Г. ААИ ахыбра ддәылҵит. Гыд Царгәыш Бигәаа исра далагеит. Бигәаа ипҟара иалагеит Алиас Царгәышгьы Омар Саӷариагьы.
Ауаҟьанчаҟьанбжь заҳаз ААИ аинспектор, алеитинант еиҵбы Саҭбеи Ҟәыруа адәахьы ддәылҵит.
Аԥсны
Амилициа аусзуҩцәа рганахь ала амчра зхы иазырхәаз аанкылоуп
Алиас Царгәыш ААИ ахыбра асаркьа ԥиҽит, инапқәа ԥыҟҟаны Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭахь днаргеит.
Гыд Царгәыши Омар Саӷариеи ааныркылеит. Арҭ ахҩык рганахь ала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит мызкы ирбаандаҩызарц.

Гагра ахақәиҭтәра амш

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭуижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы, агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥган.
Ари аҽны 30 шықәса раԥхьа аԥсуа еибашьцәа иаарывагылаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәеи Гагра араион ахы иақәиҭтәны Ԥсоу аҳәааҿы атәыла абираҟ ахадыргылеит.
Жьҭаара 3 рзы Гагратәи Акультура ахан аҿы Гагра ахьчарази ахақәиҭтәрази иҭахаз рҭаацәарақәа аԥаратә шәарақәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи рыҭара иазкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Зынӡа нанҳәа 15 инаркны жьҭаара 6 рҟынӡа Гагра ахьчарази ахақәиҭтәрази иҭахаз рҭаацәарақәа 112-ҩык араион абиуџьет аҟынтәи 30-30 нызқь мааҭ рзыршәеит.
Аԥсны
Гагра ахьчареи ахақәиҭтәреи раан иҭахаз рҭаацәарақәа зегьы аԥарашәарақәа рзыҟарҵеит
Жьҭаара 6 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Гагра ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазкыз аусмҩаԥгатә далахәын. Иара убас, аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла аиҳабыра, адепутатцәа, атәыла ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, аибашьра аветеранцәеи ахатәгәаԥхаҩцәеи, иҭахаз рҭаацәа, ауаажәларра.
Амемориал аҿаԥхьа аҳаҭыртә ҟарул гылан. Шәҩыла агәаларшәаратә мшы рхы аладырхәит.
Аԥсны
Бжьаниа Гагра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа кны 112-ҩык ашколхәыҷқәа акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" рхы аладырхәит.
Гагра ахақәиҭтәра амш 30 шықәса ахыҵра азгәарҭеит агәаларшәартә усмҩаԥгатәқәеи, атеатралтә қәгыларақәеи, аныҳәатә концерти рыла.
Аныҳәа хыркәшан ф-минуҭк ицоз асалиут ала.
Аԥсны
"Ԥсра зқәым архәҭа", Аԥсны аҭоурых: Гагра араион ахақәиҭтәра амш

Афестивальи ацәыргақәҵақәеи

Ииасыз амчыбжь беиан акультуратә хҭысқәа рыла. Аҟәа имҩаԥысит афестиваль "Нарҭиада". "Нарҭиада" - ари Аԥсни Урыстәылеи имҩаԥысуа раԥхьатәи амультикультуратә фестивальуп. Апроект адгылара анаҭеит аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны жьҭаара 3-7 рзы еиуеиԥшым атыԥқәа рҿы ицәырган Урыстәылеи Аԥсни рсахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа.
Аԥсны
Аҟазара аныҳәа: ихыркәшахеит афестиваль "Нарҭиада"
Афон ҿыц имҩаԥысит аԥсуа сахьаҭыхыҩ, аскульптор Гиви Смыр ирҿиамҭақәа рцәыргақәҵа.
Афестиваль "Нарҭиада" аҳәаақәа ирҭагӡаны Светлана Евдокимовои Давид Чкотуеи рцәыргақәҵақәа аатит Аҟәа, аԥара Амузеи аҿы.
Аҟәатәи абааш ахыжәжәарақәа рҿы имҩаԥган Дмитри Горбунов ицәыргақәҵа "Иӡыз абаҳча" Дмитри Горбунов.
Аԥсны
"Иӡыз абаҳча": урыстәылатәи асахьаҭыхыҩ ицәыргақәҵа аатит Аҟәатәи абааш аҿы