https://sputnik-abkhazia.info/20221003/aslan-bzhania-kalmykia-akhada-batu-khasikov-didikyleit-1041878968.html
Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит
Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит
Sputnik Аҧсны
Калмыкиа ахада Бату Хасиков официалтә ныҟәарала Аԥсны даҭааит. 03.10.2022, Sputnik Аҧсны
2022-10-03T19:25+0300
2022-10-03T19:25+0300
2022-10-03T19:28+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/03/1041877088_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_77edb062b736d136b7c098c529fb8f14.jpg
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аимадарақәа шрыбжьоу, уи асубиектқәеи ҳареи аимадарақәа, аекономикатә, аиҩызаратә, акультуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар шаҳҭаху. Калмыкиа ахада иакәзар, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы, иара иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала аусеицура ахацыркра.Аҳәынҭқарра Ахада аҭакс иҳәеит ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, аимадарақәа рышьақәыргылара адгылара шриҭо.Аслан Бжьаниеи Бату Хасикови жәларбжьаратәи аҭагылазаашьазы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0a/03/1041877088_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_3b5bafec5917c8db5cdf2e495ca44be1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аслан бжьаниа
Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит
19:25 03.10.2022 (ирҿыцуп: 19:28 03.10.2022) Калмыкиа ахада Бату Хасиков официалтә ныҟәарала Аԥсны даҭааит.
АҞӘА, жьҭаара 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Калмыкиа ахада Бату Хасиков дидикылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны ахада иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи ганрацәалатәи аимадарақәа шрыбжьоу, уи асубиектқәеи ҳареи аимадарақәа, аекономикатә, аиҩызаратә, акультуратә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҳҵар шаҳҭаху.
Калмыкиа ахада иакәзар, Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҭабуп ҳәа еиҳәеит аиԥыларазы, иара иазгәеиҭеит Аԥсныҟа иаара хықәкыс ишамоу атуризм, аҵараиура, ақыҭанхамҩа ахырхарҭала аусеицура ахацыркра.
"Сара зҿлымҳара аҭаны сахәаԥшуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи ҳфедералтә центри шәареи шәшеиҿцаауа. Шәыгәҭакқәа шырацәоу збоит туризм, алогистика, ақыҭанхамҩа, аҵараиура инамаданы", - иҳәеит Б. Хасиков, Аԥсныҟа ажәалагалақәак иманы дшаазгьы азгәаҭаны.
Аҳәынҭқарра Ахада аҭакс иҳәеит ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа, аимадарақәа рышьақәыргылара адгылара шриҭо.
Аслан Бжьаниеи Бату Хасикови жәларбжьаратәи аҭагылазаашьазы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.