Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Ҟрым иахьаҵанакуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит

Арратә аоперациа иалагазар ааха рыҭоуп: 333 ҳаирплан, 177 вертолиот, 2 554 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 390 зенит-ракетатә комплекс, 6782 атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи, 901 ареактив-систематә машьынақәа, 3 615 артиллериеи аминаршәгеи рыхгәыцәқәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 23 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла Аҳауаҿагыларатә мчқәа Амшынеиқәеи Ҟрыми иахьрыҵаркуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Амшын еиқәеи Севастополь ақалақьи иахьрыҵаркуа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәылатәи аруаа уахыки-ҽнаки рыла 72 украинатәи артҟәшақәеи РЛСи ҭадырхеит.
Уи адагьы аусбарҭа Запорожиатәи аобласт аиланхарҭа Вольниански Лугансктәи Жәлар Рреспублика аиланхарҭа Червонопоповка рҟны иеилаԥырыххааит аракета-артиллериатә бџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Луганск УАМ амотошьаҟартә рота ажәылара аԥырҟәҟәаауп