Урыстәыла

Зымчхара 6,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Марокко

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Зымчхара 6,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Марокко, абри атәы аанацҳауеит Европа-Абжьарамшынтә сеисмологиатә центр (EMSC).
Адгьылҵысра азгәаҭан асааҭ 22:10 рзы адунеизегьтәи аамҭала (1:10 москватәи аамҭала) ақалақь Марракеш алада-мраҭашәаратәи ахәҭа 80 км иацәыхарамкәа, 839 нызқьҩык ахьынхо. Адгьылҵысра агәы 10-километрак аҵаулараҿы иҟан.
Адгьылҵысра иахҟьаны иҭахеит 632-ҩык, ааха роуит 329-ҩык, абас аанацҳауеит ателеканал Al-Arabiya аҩнуҵҟатәи аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.