Арчелиа: аихаҳара санаҿу сыԥсы сшьоит

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәЕиуеиԥшым ашәыр хкқәа реихаҳара знапы алаку Геннади Арчелиа.
Еиуеиԥшым ашәыр хкқәа реихаҳара знапы алаку Геннади Арчелиа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
19 шықәса инеиԥанкыланы еиуеиԥшым ашәыр хкқәа реихаҳара знапы алаку Геннади Арчелиа арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны аԥышәа ду иоуит. Иара иусура акәама-ҵамарақәа лзеиҭеиҳәеит Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа.

Саныржьа анаҩсан сызлагаз аус

Геннади Арчелиа иҭаацәара аибашьра алагаанӡа ҿыц нхара ҳәа Абгархықә ақыҭан иааит. Ҿыц нхацәа ишыҟарҵо еиԥш анхара-анҵыра напы адыркит, ашәыр хкқәагьы реиҭаҳара иалагеит.

"Аибашьра алагаанӡа аҩны аргылара салагеит, ҳара ҿыц нхацәан, сыԥшәма ԥҳәыс Гәдоуҭа агырцәа рыҟны иаалхәеит 40 шьапы ахәырма, ианаалга еиҭасҳаит ҩы-шықәса аус адызулеит, аха иара ахәырмаша акәхеит, иҳарҳәаз ахәырма ахкы акәымхеит. Уи ашьҭахь, саагәаан агыруа-гызмал ианилша аихаҳара сара ишԥасылымшо сҳәан салагеит ашәырқәа реихаҳара, салагеит ахәырмеи атамеи рыла, нас аҳа аҵәа ус самханагалеит", — ҳәа игәалаиршәоит Геннади Арчелиа.

Ари аус, абар шьҭа 19 шықәса инапы алакуп Арчелиа.

Анхаҩы гәахәарыла дзызнеиуа аус аџьабаа ӷәӷәа шацугьы ихы-иԥсы адкыланы данаҿу иқәымҿиар залшом. Геннади Арчелиа ԥсшьара аамҭас ииԥхьаӡоит ибаҳчаҿы ашәыр аихаҳара данаҿу.

"Сыԥсы сшьоит сбаҳчаҿы аус анызуо. Ашьыжь сшаагылалак еиԥш абри абаҳча зегьы сахысны избоит, ари шьцылазар акәхап, сааԥсара сылаԥш ахызароуп. Аус анызуо сҭаацәа сыцхраауеит, аха аихаҳараҟны рыгәра згаӡом", — иҳәоит анхаҩы.

Ашәыр хкқәа реихаҳарҭа аҭыԥ зегьы рыла еиҿкаазара ауп, кәтык ласбак зымнеиуа иҟаҵатәуп, иара убас зегь реиҳа ихадоу адгьыл анаалозар ауп.

Аамҭа сақәшәаны сеихаҳашьа

Абгархықәтәи анхаҩы иажәақәа рыла аихаҳара аус ицәгьоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, аамҭа уақәшәароуп. Аихаҳара знапы алаку ауаа реихаҳара аҟаҵашьа, аус адулашьа ахққәа рацәоуп. Геннади Арчелиа еихаиҳауа ашәыр хкқәа рацәоуп: атама, аҵәа, ажь, аԥҳәаса, аца, аҳа, амжәа, абгыӡыр, ахәырма уҳәа ирацәаны.

"Аԥсуа тама ҳәа иҟоу агәаӷь аԥсламӡ илаҵаны исҵәахоит адәахьы исыргылоит ақәа ақәшәартә еиԥш, исырҵәыӷьоит, иара аамҭа анааилак иласҵоит, еихаҳау атама атәы агәаӷь лауҵит ҳәа иааӡом, избанзар еихаҳау атама аҟны агәаӷь шәӡом, атама асса лаҵаны шықәсык исааӡоит, нанҳәамзазы еихасҳауеит. Сынтәа, х-нызқь шьапы сыман. Ахәырма акәзар аихаҳара абас иҟоуп, агәаӷь ласҵоит, шықәсык исааӡоит, аихаҳара иазыҟасҵоит, амахә жәабран мзазы асалафан илаҳәаны аԥслымӡ иласҵоит, мшаԥымза 20 инаркны лаҵарамза 20-нӡа аихаҳара ҟалоит", —  ҳәа ациҵеит Арчелиа.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАихаҳара апроцесс.
Аихаҳара апроцесс. - Sputnik Аҧсны
Аихаҳара апроцесс.

Аихаҳара ҩ-вариантк ыҟоуп, зегь реиҳа иманшәылоу доусы рхазы иалыркаауеит. Актәи аус адулашьа абас иҟоуп ҳәа иаҳирбоит анхаҩы.

"Ачҭа ала ианыҟасҵо зегь реиҳа иманшәалоуп сара сзы, еихауҳауа аахҵәаны, изхауҳауа инадҵаны асалафантә пакет акәыршаны иҟауҵоит, аӡы бжьамларц азы", — иҳәеит иара.

Аихаҳашьа аҩбатәи авариант уамак иманшәаламзаргьы, знапы ианаало дыҟоуп.

"Еихауҳауа амахә аахыуҵәоит, изхауҳауа ацәа ааурҟьоит, иаларгыланы иҿауҳәоит. Ажәытәан аԥҟарҭа ҭыԥ аҵыҭәи анышәаԥшьи еиларшьшьны иарҭон, хаҭала сара ацәа цқьеи ажә хәшеи еиларҭәаны иахьысшьоит. Еихауҳаз зегьы аӡы бжьалар ҟалаӡом. Еихауҳаз асалафантә пакет ииашамкәа ианкәуршалак аԥхӡы алҵоит ирацәаҩны убас иҟарҵоит, убри аҟнытә еихарҳауа акгьы алҵӡом, амаӡа ҳәа акгьы ыҟаӡам, ианаамҭоу ишаҳәҭоу иҟаҵатәуп зегьы", — азгәеиҭеит иара.

Геннади Арчелиа еихаиҳауа ашәыр хкқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп ажь, аԥҳәаса, аца, аҵәа.

"Арахә ахьзымнеиуа сцаны Лыхны, Дәрыԥшь, Аҳабҩы ақыҭақәа абнақәа рыҟнытә иаазгоит аҵәаҷҷа, абнатә хәырма аиҭаҳатә, нас ҵәыла еиҭасҳауеит, агәаӷь лауҵар ашха иафоит, убри аҟнытә арҭ ашәыр хкқәа реихаҳараз- еиҭаҳатәуп, анаҩсан шықәсык ашьҭахь нанҳәамзазы еихасҳауеит", — ҳәа ациҵеит Арчелиа.

Иара иажәақәа рыла, уаанӡа махәҿы мацарала адгьыл дықәаарыхуан, иахьазы, аамҭа иашьашәало атехника ихы иаирхәоит.

Геннади Арчелиа ибаҳчаҟны иааӡоит жә-хкык атама, бжь-хкык аҵәа, аа-хкык ажь.

© Sputnik / Томас ҬҳаиҵыкәАихаҳара апроцесс.
Аихаҳара апроцесс. - Sputnik Аҧсны
Аихаҳара апроцесс.

"Аихаҳара зҵар зҭаху рзы саартуп. Аԥсуаа, ажәытәан еиԥш аихаҳарахь уамак аинтерес рымаӡам, аиҳарак аҿар, дара зегьы имазеины ианыҟоу ауп ианырҭаху. Гена абри сырба исырҵа зҳәаз — мап ицәыскуама, есымша сыԥсы ҭоума, издыруа ахәҷы дысмырҵои", ҳә азгәеиҭеит Арчелиа.

Аихаҳара адацқәа.

Жәытәнатә аахыс аԥсуаа анхара-анҵыра рнапы алакын, иазҿлымҳан ргәара рбаҳча шәырла иҭалаҳаны аҟаҵара. Уаанӡа, анхаҩы аихаҳара ихала имҩаԥигон, иара апроцессгьы аинтерес изаҵан ирааӡоз ашәыр хкқәа рхаҭабзиарагьы ҳаракын. Аихаҳара аамҭа аӡыблара иагозаргьы, иахьа знапы алакугьы маҷым.

Аихаҳара иазку аиҭаҳатә ааӡараз иагоит шықәсык, ианеихауҳа ашьҭахь ҩы-шықәса х-шықәса рыла иҵлахоит. Раԥхьатәи ашықәс иҿыухуа ашәыр хԥа-ԥшьба кьыла аҟынӡа инаӡоит. Ашәыр ҵлақәа напы рыдкаланы ибатәуп иахымӡаарц азы. Атама аҵла есышықәса ихырҿҿалатәуп, аҵәа аҳа ус иаҭахӡам.

Ажәабжьқәа зегьы
0