Cырма Ашәԥҳа, Sputnik
1992 шықәса, абҵарамза анҵәамҭазы, Мрагыларатәи ахәҭаҟны, Кәачара ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылараҿы дҭахеит, Ҭырқәтәыла, Енегиоль ақалақь аҿы инхоз ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба. Ирацәоуп Ведаҭ идҳәалоу афырхаҵаратә хҭысқәа. Аибашьра амҩахәасҭақәа зегьы дара рхатә ҭоурых рымоуп Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ҳзыҿцәажәаз аибашьцәа..
"Ҳара ҳаԥсадгьыл ахьчара ҳааит, иаҳбоит Аԥсны агәаҟра аамҭа ишҭагылоу, аԥсҭбарақәа шыҟоу. Ҳара арра ҳанахысуаз адисциплина ӷәӷәа ҳаман, убри ыҟазароуп араҟагьы. Ҳкомандаҟаҵаҩ иҳаиҳәаз иажәа наҳагӡароуп, ҳшыԥсуа ҳдыруазаргьы иҳадиҵаз адҵа наҳагӡароуп", — ҳәа азгәеиҭоит Ведаҭ, аибашьра аамҭазы ажурналистцәа аниҿцәажәоз.
Аҳәаанырцәынтәи еибашьра иааз ҳџьынџьуаа, хымԥада, аҭыԥантәи рашьцәа иарӷьажәҩаны ирыдгылан, рымчқәа еиҳанатәуан, ргәы шьҭнахуан.
"Ҳаԥсадгьыл еицаҳахьчеит. Аҷкәынцәа рхы иамеигӡеит, рыԥсҭазаара ахҭнырҵеит, ахәрақәа зауз маҷым. Хашҭра рыкәымзааит иҭахаз, Аԥсны аизҳазыӷьара ҟалааит", — ҳәа азгәеиҭоит аибашьра аветеран Мизан Доӷәыз.
"Кәачара ҭарцәны Цагера ҳаннадгыла, ҳаԥхьа иқәгылаз аус хыркәшан. Анаҩс, амш убас ицәгьахеит, ахьҭа бааԥс ҟалеит. Ведаҭ ус иҳәон дыхәмаруа: "Абри ахьҭа мыжда сзычҳауам, хык сагандаз", — ҳәа. Ишиҳәаз еиԥш егьыҟалагәышьеит, ҳаӷацәа рхы дзацәымцеит. Ведаҭ ауаҩы дизааигәан, иԥсы ҭынчыз. Ҳҩыза Рыдуан Агрба инапала деиқәикит", — игәалаиршәоит Ведаҭ иҩыза, аибашьра аветеран Алхас Аргәын.
"Ведаҭ Кәаӡба данҭахоз аҽны, Ҭырқәтәылантәи еибашьра иааз Аԥсны Афырхаҵа, Баҳадыр Абаӷба ӷәӷәала дырхәит. Дшырхәыз иаразнак иаҳзымдырит, ахьаа цәгьа шимазгьы ҿиҭуамызт. Дынхьадышьшь данкаҳа ауп ианиҳәа: "Сырхәызар ҟалап", — ҳәа. Ҩхык иқәшәеит. Арахь илашьцоуп, амш ақәа кыдыбган илеиуан… Ус еиԥш ахәрақәа зауз ыҟан", — ихәыцрақәа деимаркуа дҳацәажәон Алхас.
Алхас иахьеиԥш ибла ихгылоуп усҟантәи ахҭысқәа изынрыжьыз агәалашәарақәа.
"Ахәцәа ҳаман Тҟәарчалҟа амҩа ҳақәлеит. Абри зегьы ҟалеит ҵхабжьон. Ведаҭ рыцҳа иԥсы ҭан Ҷлоу ҳанаарга. Ус иҳәеит: "Сара шьҭрала Ӷәада сеиуоуп, сыԥсыр сыдгьыл гәакьаҿ анышә сашәҭ" — ҳәа. Ведаҭ инышәнап ҟалеит Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы. Иара инапала, аибашьраҿы иҭахаз иҩыза Цыба Ефқан изы иижхьаз анышәынҭраҿы. Цыба Ефқан уаанӡа Шрома дҭахахьан. Аха, иан иҟалҵаз аҳәарала иԥсыбаҩ Ҭырқәтәылаҟа ишьҭын. Ведаҭ ихазын ижызшәа, убра днаган анышә дарҭеит", — дҳацәажәон Алхас.
"Иуадаҩуп уҩыза аибашьраҿы данувыршьаауа. Исхашҭраны сыҟаӡам, Ведаҭ аҵыхәтәантәи илаԥш, сара соуп илацәақәа анеиқәиԥсоз знапаҵаҟны дҟалаз. Исцәыхьанҭоуп урҭқәа рылацәажәара. Сааҭк иԥсра аԥхьа ус сеиҳәеит: "Рыдуан, аибашьраҿы сҭахоны сҟалозар, хык насаахар иаразнак сагар сҭахуп", — игәалаиршәон Рыдуан Агрба.
Сара хаҭала сырҭаахьеит Ҭырқәтәыла инхо Ведаҭ Кәаӡба иҭаацәа. Абар уи иҷкәын изы ирҳәо ажәақәа:
"Сан, Аԥсны ажәлар рнырҵәара иаҿуп. Ҳара ара иаҳфо, иаҳжәуа раҳаҭым, иҳарамуп. Аангылашьа ҳамаӡам, ҳцароуп Аԥсныҟа. Уаб уизымҵаакәа ушԥацо сҳәеит. Саб иасҳәахьеит, сыԥсынҵры кьаҿзар, арагьы сыԥсуеит,-иҳәеит. Ведаҭ Аԥсны дынхар иҭахын, аха инышәнап уа иҟазаарын, Ведаҭ еиԥш егьаҩ хазына шәцәыԥсит", — лылаӷырӡқәа лҿыҳәҳәы дҳацәажәон Ведаҭ иан.
Ведаҭ Кәаӡба ихы ақәиҵеит иԥсадгьыл, иабацәа урҭ рабацәа аамҭаказы изқәынхоз рџьынџь дгьыл. Аамҭақәа ирылымшеит аԥсадгьыл агәыбылра архьшәашәара.
Ведаҭ Кәаӡба иҩызцәеи иареи рфырхаҵара, Аԥсны аҭоурых иузанымхуа иануп. Еизҳауа абиԥарақәа иргәаладыршәалап, ирхадмыршҭлап урҭ рфырхаҵаратә хьӡқәа.