Sputnik, Саида Жьиԥҳа.
Ҳџьынџьуаҩ, Адаԥазар ақалақь инхо, Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, ҩышықәса раахыс напхгара зылҭо, Сақараиатәи Адернеқь аҟны еиҿкаау, 50-ҩык рыла ишьақәгылоу Аҳәса Рхеилак аус шауа атәы.
"Сақариатәи Адернеқь аҟны ашәҟәы иҭагаланы иҳамоу аԥсуаа рхыԥхьаӡара шәнызқьҩык инарзынаԥшуеит. Сара ҷыдала аҳәса роуп сусура ззынархоу, аха уеизгьы, есышықәса ҳазегьы ҳазлеибабаша аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа еиҿаҳкаауеит", — лҳәоит Иуџьаль.
Сақариатәи Адернеқь аҟны, аԥсуа ҳәсацәа рнапы алакуп агәыҳалалра. Дара изныкымкәа Аԥсныҟа ацхыраара аарышьҭхьеит.
"Аҳәса Рхеилаки Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд "Аԥсны" аиҳабы Сонер Гәогәуеи аимадара ҳабжьоуп. Иара ицҵаны Аԥсныҟа иааҳашьҭхьеит амаҭәеи, аԥареи. Урҭ рызшан ахшара рацәеи, зфинанстә ҭагылазаашьа кәадоуи аҭаацәарақәа рыбжьара", — ҳәа азгәалҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа лажәақәа рыла, Адернеқь аҟны аҳәса лассы-лассы аиԥыларақәа мҩаԥыргоит. Араҟа иалацәажәоит аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу азҵаарагьы.
"Агәра шәсыргоит, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа зегьы рхатәы бызшәа ишазгәаҟуа. Убри аҟнытә, Адернеқьқәа рҿы аԥсуа бызшәа аҵара еиҿкаауп, уи мҩаԥыргоит Аԥснынтәи иаҳзаарышьҭуа арҵаҩцәа. Ҷыдала ҳара шықәсык аҩнуҵҟа даҳзааԥсеит Аза Шамԥҳа. Лара лыбзоурала, иахьа Адаԥазар инхо аԥсуаа гәыԥҩык аԥсышәала еицәажәо иҟалеит", — ҳәа ҳаиллыркааит Иуџьаль.
Сақариатәи Адернеқь аҟны еиҿкаауп акәашаратә ансамбль "Аԥсынра". Ҩышықәса инеиԥынкыланы уи напхгара азиуан, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лев Қьецба иҵаҩы Озгьиур Сымсым. Аколлектив ҩынтә Аԥсны иааны аконцертқәа мҩаԥнагахьан. Ҭырқәтәыла акәзар, қалақьцԥхьаӡа аԥсуаа ахьынхо ҳмилаҭтә культура ӡырыргоит.
"Ансамбль "Аԥсынра" аҟны икәашон сыԥҳа Џьерани, сашьа иԥа Доачи. Дара, аколлектив иацны Аԥсныҟагьы ицахьан. Ахәыҷқәа ргәы иҭыҵуам уатәи ҳауаажәлар рыԥхарра", — ҳәа азгәалҭоит Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа.
Сақариатәи Адернеқь иатәу, Аҳәса Рхеилак, Ҭырқәтәыла аԥсуа қалақьқәеи ақыҭақәеи ирҭаауеит. Аклубқәа рҟны, еиҿыркаауеит аԥсышәала абжьы зхоу акинофильмқәеи амультфильмқәеи рбара. Иара убас, ирылацәажәоит аԥсуа ҵасқәеи, ақьабзқәеи.
"Аиԥыларақәа раан, ирацәаҩуп Аԥсныҟа ахынҳәразы агәаҳәара аазырԥшуа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны имаҷҩым, зџьынџьдгьыл ахь нхара ицаз", — ҳәа ҳаиллыркааит Аҳәса Рхеилак ахантәаҩы.
Адернеқь аҟны, аԥсуа ҳәсацәа анаплыхқәа ҟарҵоит. Ахьтәи араӡни рахәыцла ирԥоит, ажәытә ҭырҷҷара змоу амацәазқәа, ахәдахаҵақәа, анапхаҵақәа.
"Анаплыхқәа рыҟаҵашьа ҳлырҵоит Зеинеп Шьаргалиаԥҳа. Аиҿкааҩс иҳамоу Зерин Шамԥҳа илымоуп 150 шықәса зхыҵуа аԥсуа хҭарԥа. Уи ачыхә злаԥоу аҭырҷҷара ҳаҿыԥшны, аԥҳәыс лзы арԥшӡагақәа ҟаҳҵоит. Иара убас иаҳгәиҭоуп, дара ахьӡыргахо ацәыргақәҵагьы аиҿкаара. Зерин лакәзар, ахәыҷқәа идлырҵоит амырзакан арҳәашьа", — лҳәоит Иуџьаль.
Аҳәсацәа, ҳмилаҭтә чысхкқәа рыҟаҵашьагьы иалацәажәоит, еиҿырҵаауеит. Есымчыбжьы, Адернеқь аҟны, аԥсуа чысла аишәа дырхиоит.
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа уажәааигәа далахәын, Аԥсны имҩаԥысуаз аԥсуа-абаза Жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс аизара.
Иуџьаль иазгәалҭеит Аконгресс ахадара раԥхьаҟа аус ду шышьҭоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа рџьынџьдгьыл ахь рааԥхьаразы.
"Аконгресс абзоурала ҳаибабеит адунеи атәылақәа жәпакы рҟнытә иааз жәла-жәлала аԥсуааи абазацәеи. Ҳара ҳаԥсадгьыл Аԥсноуп. Адунеи атәылақәа ирылаԥсоу аԥсуааи абазацәеи ҳџьынџьдгьыл аҟны ҳаицынхароуп", — лҳәоит лара.
Аԥсни Ҭырқәтәылеи инхо Сергьегьиаа абиԥарала Ҷықьаа ҳәа ирышьҭоуп. Иахьа, ҳтәылаҟны дара рхыԥхьаӡара рацәам, аха Ҭырқәтәыла абиԥара ду еиҵагылеит. Иуџьаль лаби, лаб иашьеи ирхылҵит фҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи. Убас ирызҳауеит дара ирхылҵыз абиԥара ҿа. Адаԥазар ақалақь аҟны, аишьцәа рхатәы фабрика рымоуп. Еиуеиԥшым аобектқәа рзы иҭрыжьуеит, иахьатәи ҳаамҭа иашьашәало ашәқәеи аԥенџьырқәеи.Ҭырқәтәыла инхо Ҷықьаа, Аԥснытәи рашьцәеи дареи еибабо иалагеит 27 шықәса раахыс, зыжәлантәқәа рыԥшааразы Ҭырқәтәылаҟа инеиз, ажурналист Лиудмила Сергьегьиаԥҳа лыбзоурала.
"Ҳаҳәшьа Лиудмила лыбзоурала, ҳџьынџьдгьыл ахь агәашәқәа ҳзаатит. Иуадаҩыз аамҭақәа раан, иаалырԥшыз агәаӷьра иалҵшәахеит, Сергьегьиаа ҳаибаԥшаара", — лҳәеит ҳџьынџьуаҩ.
Иуџьаль Сергьегьиаԥҳа уажәшьҭа хынтәуп Аԥсныҟа даауеижьҭеи. Лара агәаҳәара ду лымоуп, лыԥсадгьыл ахь ахынҳәразы.
"Сыԥшәма тәанчара данцалак, ҳгәы иҭоуп, Аԥсны анхарҭа ҭыԥ аахәара. Иара дшаԥсыуамгьы, сажәақәа рыла, ари атәыла бзиа ибеит. Ҳаԥҳагьы иаргьы аԥсшәа рҵеит. Сыԥсадгьыл ахь схынҳәыр, сашьцәеи саҳәшьцәеи лассы-лассы исзаауа иалагоит. Издыруада, дара ма рыхшара сҿырԥштәы иқәныҟәаргьы", — ҳәа азгәалҭоит Иуџьаль.
Иахьа, Сақариа иҟоу аԥсуа Дернеқь ахыбра, қьырала игоуп. Аха Иуџьаль Ҷықьԥҳа излаҳаиллыркааз ала, иааиуа ашықәс азы нап аркхоит хазы хыбраны аргылара.
Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа реибабашьеи, рыпатуеиқәҵашьеи баны, агәра ҳамгар залшом, ҳахьыҟазаалакгьы ҳмилаҭи, ҳаԥсуареи шаҳмырӡо.