Ченгьелиа: иаԥысҵарц исҭаху рацәаӡоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит

© Фото : muzkarta.infoКонстантин Ченгелия
Константин Ченгелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху "Аибашьреи ашықәсынҵареи" апремиақәа рлауреат, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Кәасҭа Ченгьелиа хәажәкыра 27 аҽны иихыҵит 87 шықәса.

Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор, адирежиор, арҵаҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху "Аибашьреи ашықәсынҵареи" апремиақәа алауреиат, "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Кәасҭа Ченгьелиа ирҿиаратә мҩеи, иахьа инапы злаку аусқәеи ртәы дазааҭгылеит.

—  Занааҭла шәматематикуп, ашәа аԥҵарахьы шәышԥаиаси, шәырҿиаратә мҩа шәышԥалагеи?

— Сара 1958 шықәсазы сҭалеит афизика-математикатә факультет, иара убри ашықәсаан Аҟәатәи амузыкатә ҵараиурҭа, уаҟа рҵаҩыс дсыман Алексеи Позднеев, уи дааҟәымҵӡакәа иҳәон амузыка еиӷьу акы шыҟам, убри аҟнытә аматематика азанааҭ ала сҵара мхырқәшакәа, аԥышәарақәа иааныжьны Қарҭ аконсерваториа сҭалоит, акомпозитор изанааҭ ала. 1969 шықәсазы Қарҭ сҵара хсырқәшеит, убри ашықәс аахыс аусура саҿуп, гәыкала бзиа избо амузыка сҳәынҷаны самоуп.

— Еиуеиԥшым ашәаҳәаратә жанрқәа шәнапы рылакуп, шәара еиҳа ишәзааигәоу ажанр арбан?

—  Исзааигәоу ажанрқәа ҳәа еилых сымам, амузыка иануҵартә еиԥш иҟоу жәеинраалак ансԥыхьашәалак, аусура напы анасырклакь, сара сзы еиҳау ԥсшьара ыҟаӡам. Схәыҷаахыс сдақәа ргыланы ашәаҳәара саҿын, ашәаҳәара ушьҭнаԥаауеит, иагьусуроуп иагьыԥсыршьагоуп сар сзы.

Хана Гәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Гәынԥҳа: Сыԥсҭазаара рҵаҩыс дамоуп сан

—  Гәдоуҭеи Очамчыреи ақалақьқәа ркультуратә ханқәа рыҟны еиҿышәкааит "Риҵеи" "Ерцахәи" ансамбльқәа, аидеиа шәԥашәызцәырҵи?

—  1971 шықәсазы Москва ақалақь аҟны абыргцәа рансамбль сыманы сыҟан, уаҟа сҩызцәа сазҵааит, абыргцәа уи шьахәуп, аха аҿар умаӡами аӷьараҳәа ашәа зҳәо ҳәа, насгьы, ааигәа имҩаԥысран иҟоуп афестиваль, ааԥхьара уаҳҭоит уансамбль уманы уааи ҳәа рҳәеит, ишԥасымам ансамбль сҳәеит сара сыҽхәо, аха арахь акгьы сымамызт, уи ашьҭахь Гәдоуҭа санааи ирласны ансамбль аиҿкааразы напы асаркит, аамҭа сахьӡаратәы, аамҭакьаҿк иалагӡаны ашәаҳәаҩцәа еизызгеит, уаҟа далан Жәлар рартист Анатоли Ҳагба.

1972 шықәсазы раԥхьа иаҳҳәоз ашәа иреиоуп Зураб Малиа иашәа "Риҵа", нас аколлективгьы "Риҵа" ахьӡаҳтәеит. Анаҩсан, 1974 шықәсазы Пиотр Кортаа Очамчыра акультура аҟәша аиҳабы, ус иҳәеит, Гәдуоҭа ишыҟауҵаз еиԥш ҳраионаҿгьы иҟауҵар ашәаҳәаратә ансамбль ҳәа ансыдигала, ауаа реидкылара салагеит, иԥсыуатәны иҟасҵеит. Ахьыӡ аҟынӡа ҳаннеи исҭахын "Абраскьыл" ахьӡысҵар, аха ақырҭцәа "абрыскьыли" рҳәон аҟынтәи, "Ерцахә" ахьыӡхеит. Арҭ ансамбльқәа иахьа уажәраанӡа қәҿиарала аус руеит. Абас иҟалеит ҩ-коллективк сыхьӡала.

Аскульптор Џьениа: иҟан аамҭақәак зегь касыжьындаз анысҳәоз

— Шықәсы рацәала напхгара зышәҭоз абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриа рықәгылара шԥашәгәалашәои?

—  1948 шықәсазы абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" аԥыиҵеит Иван Кортуа, уи аиҿкаара уадаҩын, аха илиршеит. Раԥхьа ааҩык абыргцәа-ашәаҳәаҩцәа еизигеит, анаҩсан, рхыԥхьаӡара рацәахеит 30-ҩык рҟынӡа. 1969 шықәсазы Иван Кортуа иааиқәшәаны дыԥсит, ашьҭахь сара напхгара азызуан, аиашазы сшәон, иуадаҩын абыргцәа рацәажәара, аус рыцура. Ансамбль "Нарҭаа" аконцертқәа рацәаны ирылахәын, Карусель ҳәа адырраҭара аҟны, ҩ-минуҭк еиҳаны аӡәгьы ирырҭаӡомызт, аха ҳара быжь-минуҭк ҳарҭеит, уаҟа ҳақәгылара ргәаԥхеит, ашьҭахь ауп Венгриа имҩаԥысраны иҟаз аконкурс ахь ааԥхьара анҳарҭа. Ари аконкурс х-туркны имҩаԥысуан, ҩ-хәҭак Москва, ахԥатәи Венгриа. Абыргцәа рансамбль "Нарҭаа" Венгриаҟа рцара рыбзоуроуп Валериан Кобахьиеи, Николаи Киути, Аслан Оҭырбеи.

Венгриа ҳаннеи, аконкурс аиҿкааҩцәа имҩаԥыргон апресс-конференциа, Урыстәылантә еиҳабыс иҳацыз Анинкова, ус лҳәеит, иԥсыҽу акы дырба, иӷәӷәоу аконкурс ахь ииага ҳәа, исгәамԥхеит илҳәаз убри аҟнытә арежиссиор сиазҵааит, ишәылшо зегьы дшәырба уажәы иҳәеит иара, ус иагьыҟаҳҵеит, напеинҟьарыла ҳрыдаркылеит, акыр аамҭа ҳаурыжьомызт. "Ахьтәы павлин" шәара ишәтәуп хымԥада, ҳәа рҳәон аӡәырҩы, уаҟа 22 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа еицлабон.

Ахаԥыцхәышәтәҩы Борис Ианогиан. - Sputnik Аҧсны
Борис Ианогиан: саргьы ахьаа сацәшәоит

Ихадаратәыз амш аҟны ҳаннеи, асценахь рцәырҵра аламҭалаз абыргцәа зегьы саарылалын исыгәӡит, игәыдаскылеит, ргәы ҟасҵеит исылшоз ала, ус расҳәеит, сара исылшоз зегьы ҟасҵеит, шьҭа анцәа инапы шәануп, дшәыхәааит сҳәан асценахь иоусышьҭит. 12-ҩык абыргцәа ишәаҳәо-икәашо асцена ианықәла, азал аҟны итәаз зегьы аҿҭра иалагеит "arany pаva" уи иаанагоз уи ауп, "Золотой павлин" дара иртәуп ҳәа, убас еиԥш аиааира ҳара иаҳтәхеит, ҳҳамҭа ҳаԥхьа иргыланы аҩныҟа ҳгьежьит.

Ҳара Венгриаҟа ҳцаанӡа Брежнев Аԥсны дыҟан, Валериан Кобахьиеи иареи анеиқәшәоз иеиҳәеит Аԥснытәи абыргцәа рансамбль аконкурс иалахәхараны ишыҟоу, аиааира ргозар адырра сышәҭ, иҳәеит Брежнев, аиааира анаҳга ашьҭахь уи иҳадиныҳәалеит. Аԥсныҟа ҳанаауаз аҳаирбаӷәазаҿы ауаа рацәан, абыргцәа қәрала зегьы иреиҳаз Ҭемыр Ваначеи Ҭарашь Џьапуеи "Ахьтәы павлин" рнапы иқәыргыланы аҳаирплан ҳалбааит, убас ҳаракыла ҳрыдаркылеит, шәаҳәаран-кәашаран уаҟа, ахааназ ҳгәы иҭымҵәо иҟалеит абри ахҭыс.

— Аибашьра ашықәсқәа раан иаԥышәҵеит ансамбль "Аиааира", имҩаԥыжәгеит 102 концерт, уи аамҭазы шәара иаԥышәҵеит акымкәа-ҩбамкәа ашәақәа, аибашьра ашықәсқәа раан шәырҿиара шәаҳзалацәажәа.

Вид на Амман. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Жанна Леиԥҳа: аԥсуа бызшәа акурсқәа Иорданиа ирҭахны иҟоуп

—  Аибашьра аналага исылшо ала акы ҟасҵап ҳәа исыӡбит, Владислав Арӡынба Гәдоуҭа дыҟан уа сизнеит, абас сгәы иҭоу анысҳәа, уи заманоуп, агәышьҭыхра ҳацәмаҷуп иуыӡбыз аус уи азы ицхыраагӡатәуп, иҳәан снапы аасымихит. Декабр мза 1992 шықәсазы ансамбль аԥҵаразы напы асаркит. Ҳаибашьцәа Гагра анырга ашьҭахь, иаԥысҵеит "Аиааира" ҳәа ашәа, ажәақәа Лиолиа Тәанԥҳа иҩҩны Екатерина Бебиа лҟны иныжьны дцеит, уи нас сара исықәлыршәеит, иит ашәа ҿыц, ансамбльгы "Аиааира" ахьӡаҳӡеит. Аибашьра ахьынӡацоз агоспитальи, афронт аҟни 102 концерт раҳҭеит. Аибашьра ашықәсқәа раан иаԥысҵаз ашәақәа дискны иҭҳажьит.

— Иҟазма аамҭа шәырҿиара ааныжьны аматематикахь сгьежьып ҳәа анышәҳәоз? Шәырҿиаратә амҩа еиҭа шәанысрызма?

—  Хымԥада, ашәақәа раԥҵараҿы аматематика даара исыхәоит, аха сара сзы амузыка еиӷьу ҳәа акы ыҟам. Шәынтә сииргьы сырҿиаратә мҩа еиҭах санысуеит, уи саҿызаауеит сыԥсы ахьынӡаҭоу.

— Иахьа шәнапы злаки?

—  Амилициа аусзуҩцәа раԥшьгарала ааигәа напы асыркит ахьыӡрашәа (агимн) рзаԥҵара, ԥыҭк ашьҭахь амилициа аусзуҩцәа ашәа рҳәаратәы исырхиоит. Аҵыхәтәаны исҩыз ашәа "Аԥсуа хаҵа" ахьӡуп, ажәақәа иҩҩит ажурналист Адгәыр Гәынба даара ишьахәу шәаны иҟалоит, уамакала еинаалоит ажәақәеи амузыкеи. Ашәҟәыҩҩцәа зегь реиҳа исзааигәоу Теренти Ҷаниа иоуп, аҩызараҿи арҿиараҿи уи ицназго аӡәгьы дыҟам, иаргьы саргьы 50-шәа ҳаҩҳьеит. Аибашьра мацара иазку 60 шәа сравторуп, егьыс ҩышә-шәа аԥысҵахьеит, адискқәа акымкәа-ҩбамкәа иҭыҵхьеит. Ажәакала, иҟасҵарц иаԥысҵарц исҭаху адунеи аазна ыҟоуп, уи сыԥсы ахьынӡаҭоу саҿызаауеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0