Жанна Леиԥҳа: аԥсуа бызшәа акурсқәа Иорданиа ирҭахны иҟоуп

© AFP 2023 / KHALIL MAZRAAWIВид на Амман. Архивное фото.
Вид на Амман. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет астудентка, Амман ақалақь аҟны аԥсуа бызшәа арҵаҩы Жанна Леиԥҳа ҳкорреспондент илзеиҭалҳәеит Иорданиатәи аԥсуа диаспора аӡбахә.

Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Асҭанда Арӡынԥҳа.

-Жанна, иаҳзеиҭаҳәа Иорданиа иҟоу аԥсуа диаспора аӡбахә.

— Иорданиа иҟоу аԥсуа диаспора еснагь атәылаҟны иҟоу ачерқьес еиҿкаарақәа иузырҟәымыҭхо, ирыхәҭакны иԥхьаӡан. Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь уаҟа еиҿыркааит хазы иго рхатәы структура – ауаажәларратә, асоциалтә центр "Абаза". Ацентр аофис Амман иҟоуп. Иорданиа инхо аԥсуаа зегьы ибзианы еибадыруеит, аибабара рымоуп, ртрадициақәа, ркультура, рқьабыз, рыхдырра мырӡкәа иааргоит. Аԥсны инхо аԥсуаа аԥсуа дгьыл еиқәдырхазар, Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсуаа ркультуреи ртрадициақәеи еиқәдырхоит.

-Аԥсуаа рҽеидкыланы инхома?

— Уаанӡа кавказаа рҽеидкылан инхозар, уажәы ирыланхо иалагеит егьырҭ ажәларқәагьы. Ус шакәугьы ачерқьесқәа ахьынхо ҳәа араионқәа алыркаауеит. Уаҟа Кавказ иалҵыз зегьы ачерқьесқәа ҳәа ирышьҭоуп.

-Ахатәы традициақәа реиқәырхара ԥырхага арымҭаӡои?

— Мап. Иорданиа анапхгаратә мчрақәа аӡәгьы ирԥырхагам икультура, иҭоурых, ибызшәа иҵозар. Ачерқьесқәа зехьынџьара пату ҳаҭыр рымоуп. Урҭ рҟынтәи иҟоуп еицырдыруа ауаа. Хаҭала аԥсуа диаспораҟынтәгьы.

-Иорданиатәи аԥсуаа рбызшәа рцәыӡит. Бара раԥхьатәи рҵаҩуп. Ишԥацәырҵи Амман акурсқәа раԥҵара аидеиа?

— Сара хаҭала Иорданиатәуп. Саб уа диит. Сан Аԥснытәиуп. Абыжьбатәи акласс аҟынӡа уаҟа аҵара сҵон, нас сҭаацәа Аԥсныҟа ииасит. Аҟәа ашкол саналга ашьҭахь Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет сҭалеит. Абызшәақәа гәахәарыла иҭысҵаауеит. Убри инадҳәаланы Иорданиаҟа схынҳәны аҳәынҭқарратә ҵараиурҭақәа руак аҟны абызшәатә центр аҟны аҵара салагеит. Уажәы уаҟа англыз бызшәа аҵара саҿуп. Ҭырқәтәыла ашьҭахь Сириеи Иорданиеи рҿы ирацәоуп ҳдиаспора. Сара еснагь исҭахын уаҟатәи аԥсуаа цхыраарак рысҭо сҟаларц. Сара ибзиан исгәалашәоит Аԥсны саннеи абызшәа азымдырра заҟа саруадаҩуаз.

-Иахьынӡаздыруа ала адгылара бзиа бнаҭеит Арепатриациаз аҳәынҭқарратә еилакы.

— Ааи. Иорданиаҟа аҵаразы сышцоз анраҳа исыдыргалеит уа сыҟанаҵ Аԥсуа центр аҟны аус зуларц. Ҳара иаҳхықәкы хаданы иҟоу аҭоурыхтә ԥсадгьыл амырӡроуп. Абызшәатә курсқәагь уи иацхраауеит. Мчыбжьык ахь ҩынтә абызшәа дсырҵоит, аҽазнык Аԥсны аҭоурых, акультура, атрадициақәа ртәы рзеиҭасҳәоит.

-Иорданиа инхо рзы иобиективу аинформациа шәара шәҟны заҵәык акәзар ҟалап иуоур ахьалшо?

— Ҳәарада аҭыԥантәи аканалқәа рҟны Аԥсны аӡбахә рҳәом, аха ачерқьес диаспора рхатәы канал "Нарҭ" рымоуп. Уаҟа лассы-лассы иддырбоит адокументалтә фильмқәа. Аԥсны иазкугьы ддырбоит.

-Абызшәа азымдырра проблеман ибзыҟан шәҳәеит. Заҟа ирласны иаԥырыбхызи уи?

— Хышықәса рыҩныҵҟа ашкол аҟни хазы сҽазыҟаҵараани аԥсышәалеи урысшәалеи ацәажәашьа бзиан исҵеит. Амманҟа санцоз аламҭалаз Аԥсуа бызшәа аҿиара афонд аҟны акурсқәа сырхысуан. Урҭ рышьҭахь азин соуит аԥсуа бызшәа арҵаразы. Иорданиа аус злазуа апрограмма Афонд аҟноуп аус ахьадырулаз. Иара ҭырқәшәала ицәажәо ракәын иззырхаз азы араб бызшәахь еиҭазгеит.

-Аԥсуа бызшәа акурсқәа Иорданиа ирҭахны иҟалама?

— Сара агәыԥқәа еиҿкааны исымоуп. Уи адагьы хаҭала иазыҟасҵо ыҟоуп. Иҟоуп ақыҭа харақәа рҟынтәи аԥсшәа аҵаразы иаауа. Урҭ даара ирҭахуп рхатәы бызшәа рҵарц.

-Заҟаҩ неиуада акурсқәа рахь?

— Актәи агәыԥ иалан 35-ҩык. Нас урҭ рхыԥхьаӡара иазҳаит. Акурсқәа рыӡбахә заҳауаз ҳзаауа иалагеит. Уажәы иҟоуп аиҳабыратә, абжьаратә, аиҵбыратә гәыԥқәа.

-Ҩымз раԥхьа Иорданиа иҟан Арепатриациаз аҳәынҭеилакы ахаҭарнакцәа. Ишԥамҩаԥыси аиԥыларақәа?

— Дара хымш иҟан Иорданиа. Уи аамҭа иалагӡан аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи дареи еиԥылеит. Ацентр "Абаза" анапхгареи дареи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иазгәаҭатәуп Иорданиа ишынхо Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа шынхо. Ауадаҩрақәа шыҟазгьы сынтәа ҳара иазгәаҳҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

-Иарбан уадаҩрақәаз иҟаз?

— Аиааира амш азы аныҳәа ду ҳгәы иҭаҳкит. Аха ачерқьес диаспора иалоу ақырҭцәа ишрылшоз ала иаҳԥырхагахо иалагеит. Аныҳәа амҩаԥгараз азал ҳаҭарагь мап ацәыркит, аха ҳара иааулакгьы ирымаҳхит. Азал акырӡа иҳарԥшӡеит. Сара аԥсуа ҿар сыцхраауан. Аныҳәа амш аҽны ауаа рацәа еизеит. Ажәахә ашьҭахь аибашьра иазкызи Ҭенгьиз Ҭарбеи "Ишьхатәылоу Аԥсны" захьӡуи адокументалтә фильмқәа дҳарбеит. Азал агәҭа Аԥсны абираҟ ықәыргылан. Ҳасасцәа рыгәҭа иҟан Иорданиа амчрақәа рхаҭарнакцәагьы.

-Бҵара ашьҭахь гәҭакыс ибымои?

— Еиҭах шықәсыбжак уаҟа англыз бызшәа сҵалоит нас Аԥсныҟа схынҳәуеит, ААУ аҟны сҵара иацысҵоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0