Аслан Нанбеи анышәаԥшь иалху уи "иҩызцәеи"

© Sputnik / Томас ТхайцукАсахьаҭыхыҩ Аслан Нанба
Асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны лассы-лассы дубоит хаҵа наӡа-ааӡак. Иваӷӷа ивагылоуп анышәаԥшь иалху анапкымҭақәа. Ари 58 шықәса зхыҵуа асахьаҭыхыҩ Аслан Нанба иоуп. Sputnik акорреспондент Бадри Есиава изеиҭеиҳәеит аҟазараҿы дызнысыз имҩа атәы.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәа аҳҭнықалақь аҭааҩцәеи аԥшәмацәеи реиҳа издызхало ҭыԥуп. Аиҳабацәа ишеиҭарҳәо ала аибашьра ҟалаанӡагьы ара еснагь ауаа рацәан. Усҟангьы аамҭа аангылазшәа ишьшьылаҳаран. Иҟалап убри азакәзар иахьагьы амшын аԥшаҳәа еиҳа бзиа ибаны изаҭаауа.

Сахьаҭыхыҩ қәыԥшк имҩаԥылгоз ацәыргақәҵа аҟынтәи сшааиуаз, Чик искульптура сааҩсуаны Аслан Нанба даасԥылеит. Ҳара усҟан хаҭала ҳзеибадыруамызт. Еиваӷӷа иаԥхьа игылаз асувенирқәа урызхьадмырԥшыр ауамызт. Атәы цқьа иззымдыруагьы иаразнак игәеимҭарц залшомызт анапкымҭақәа аԥсабаратә материал ишалхыз, ҳзышьцылахьоу китаитәиқәа ишрыламҩашьоз. Сара Аслан сиҳәеит иҟазарҭахь анеира азин сиҭарц, иусумҭақәа рбаразы.

Аҳамҭаҷқәа рыҟаҵара знапы алаку Езаҭ Џьениа. - Sputnik Аҧсны
Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

Аслан Нанба шьҭрала Бармышьтәуп. Аҟәаҟа дааит 20 шықәса раԥхьа, аибашьра ашьҭахь. Ҭаацәала дахьынхо аҩн ду актәи аихагылаҟны ихатә ҟазарҭа ааиртит. Иара ишиҳәо ала Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәахьы уаанӡа арҿиаразы унеиуазар, уажәы маҷк ихәаахәҭырҭа ҭыԥхеит.

"Уаанӡа саргьы уа сырҿиамҭақәа срызхәыцуан, уажәы аамҭақәа цәгьоуп. Ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп, руаӡәк дыстудентуп. Аҭаацәара ныҟәгалатәуп", — иҳәеит Аслан.

Нанба иазгәеиҭоит уаанӡеиԥш инапкымҭақәа рыҭира шымариам, избанзар арахь хыԥхьаӡара рацәала иааргоит китаинтәи зхаҭабзиара лаҟәу, аха зыхәԥсагьы рацәак иҳаракым анапкымҭақәа. Иара иазгәеиҭеит ирҿиамҭақәа Аԥсны асувениртә ҭирҭақәа жәпакы рҿы ишыҟоу. Урҭ даарак ирацәам избанзар ихы иаирхәо атехнологиа ирласны аҟаҵара алнаршом.

© Sputnik / Томас ТхайцукРаботы Руслана Нанба
Работы Руслана Нанба - Sputnik Аҧсны
Работы Руслана Нанба

Аслан исувенирқәа зегьы амилаҭтә колорит рымоуп.

Аслан иаҳзеиҭеиҳәеит ари аус инапы шалеикыз даныҷкәынӡаз асахьа ҭихуан, амҿы аус адиулон, акерамика дазхьаԥшит ихьшәаны.

"1964 шықәса рзы сара сҭалеит Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа. Саналга гәҭакны исыман Қарҭтәи академиахь сцаны сҵара иацысҵарц, аха уи сылшеит аррамаҵзура сахысны санаа ашьҭахь", — иҳәоит Аслан.

Аслан иҵара ҵаны Аԥсныҟа даныхынҳә аусурҭа имоуит. Иӡбеит асувенирқәа ҟаҵаны асахьаҭыхратә салон аҟны иҭиларц, иара убасгьы ауаа рацәа ахьынеи-ааиуаз. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагаанӡа Гәдоуҭа ахәыҷқәа аҵара дирҵон, аԥшӡара, аҟазара иадиԥхьалон. Аибашьра ианалагоз Аслан Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла далан.

Аԥенџьыр системақәа реиқәыршәара. - Sputnik Аҧсны
Афранцыз акцент змоу аԥсуа бизнес

Аслан Нанба раԥхьатәи ицәыргақәҵа мҩаԥысит аибашьра ашьҭахь, Аҟәа. Уи даҭааит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба. Уи амш аҟаза гәадурыла игәалаиршәоит.

Аслан иусумҭақәа ыҟоуп Израиль, Америка, Бырзентәыла, ИАР атәылақәа рҟны. Изныкымкәа ицәыргахахьеит Аԥсни Нхыҵ Кавкази имҩаԥысуа ацәыргақәҵақәа рҟны.

Нанба иусура атехнологиа уадаҩрак алаӡам ҳәа иубаргьы усеиԥш иҟаӡам. Аусураан анышәаԥшь ахаҭабзиара, арԥшшарҭаҿ аҳауа уҳәа зегьы ирызхәыцтәуп.

"Анышәаԥшь Оҭҳарантәи иаазгоит. Уаҟа иара цқьоуп, ахаҭабзиара ҳаракы амоуп. Ӡыла иршьышьны алыхәҭа икылысхуеит", иҳәеит иусура актәи аетап далацәажәоит Аслан.

Аслан Нанба ирҿиамҭақәа шәрыхәаԥшыр ҟалоит абра

Ихиоу аршьышьы аформақәа ирҭеиҭәоит. Аформа ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп. Жәабаҟа минуҭ рышьҭахь аҟьатахәҭа ҭигоит. Иаанхаз, ԥхьаҟа исувенирхараны иҟоу, сааҭқәак уа ишҭац иҭоуп. Уи ашьҭахь зқьы рҟынӡа аҳауа аԥхарра ахьыҟоу аплитахь инеишьҭуеит, аалыҵ ӷәӷәахоит, акаҳуаԥшшәхәы аанахәоит. Арԥшӡарақәа аҟаза ацәымза амцала ианиԥоит. Иара игәаанагарала уи аинтерес аҵоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукМастер по керамике Руслан Нанба
Мастер по керамике Руслан Нанба - Sputnik Аҧсны
Мастер по керамике Руслан Нанба

Аслан аидеиақәа рацәаны имоуп, аха урҭ рынагӡара мариам. Ихадоу усумҭаны иԥхьаӡоит макьаназ иҟаимҵац ифырхаҵа, аԥса, ихаҿсахьа.

Аслан игәҭакуп Нарҭаа рҭаацәара ркомпозициа нагӡа аԥҵара, иара убасгьы амилаҭчыс ачарҭақәа аԥсуа стиль рыманы рыҟаҵара.

Ажәабжьқәа зегьы
0