Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон

© Foto / Сырма АшәԥҳаОмар Акшба
Омар Акшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩыџьа аибашьцәа, ҩнаҭак еицдәылҵыз Акшаа реибашьратә ҭоурых шәаԥхьарц ишәыдаагалоит. Аԥа - "Аԥсны Афырхаҵа" Баҭал Акшба аибашьраҿы дҭахоит. Аб - "Агәымшәаразы амедал" занашьоу Омар Акшба, иԥсадгьыл аҿаԥхьа аҵыхәтәанӡа иуалԥшьа наигӡоит. Аб - иԥа ишьа иуан… Ҩыџьа аибашьцәа, ҩыџьа рлахьынҵа…

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәа ирыхәҭоу ажәа аҳәара, иҟалап сара сзы ԥсҭазаарак иаҩсуазар. Еиҳагьы исцәыуадаҩуп рыхшара рыӡбахә ала рҭаацәа рацәажәара. Аха, снапы злаку арҿиара исыднаҵо аҭакԥхықәра рацәоуп, убри аҟынтә изласылшо ала сҽазысшәоит.

ОВНА - Sputnik Аҧсны
Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп

Омар Шьоҭа-иԥа Акшба Аӡҩыбжьа ақыҭа дынхоит. Ҩыџьа арԥарцәа драбуп, хҩык амоҭацәа драбдууп. Сара хаҭала дсыздыруамызт ари ауаҩ, ҭелла ишьақәгылаз ҳаиҿцәажәараҿоуп раԥхьаӡа ҳаибадырра ахьалыршахаз. Сара исҭаххеит зыӡбахә саҳахьаз иԥа, Аԥсны Афырхаҵа, ҳаибашьраҿы хьыӡла-ԥшала иҭахаз, иахьагьы легендак аҳасабала зыӡбахә рҳәо Баҭал Акшба изкны нҵамҭак сырхиарц. Гәҭакыс исымаз иасҳәеит, хаиқәшәарц аҳәара ҟасҵеит. Аб иаразнак аҭакс абас сеиҳәеит:

"Бзиала баабеит Аӡҩыбжьа ақыҭаҿы. Схәыҷы, аамҭа быманы быҟазар баҳзааи, ҳчеиџьыка агьама ббап, иааигәангьы ҳаибадырып. Сара сԥа имацара иоума, ус фырхаҵарыла иҭахаз шаҟаҩ ыҟоузеи, анаџьалбеит, еибаҳҳәаша рацәоуп…" — иҳәан даақәыԥсычҳааит.

Аҽны хәашан. Амш аҩбатәи азбжа ҳанҭалон. Ас еиԥш хаицәажәара анаҩс, аиаша шәасҳәап исцәыуадаҩхеит сыхшыҩҵак ацҵара. Аха убриаҟара аԥхарра ахылҵуан, аԥсуара аҵан ицәажәашьҭыбжьы, акырӡа иааснырит. Аҭамзаара нышьҭасҵан иҿаԥхьа, "Иҟалозар, ашәахьа асааҭ 12 рзы ҳаиқәшәап Аҟәа" — сҳәеит. Иуадаҩӡамызт сара сзы Аӡҩыбжьанӡа ацара, аҳа аԥсуа ҵасла аԥшәмацәа уадаҩрак иаласымҵааит сгәахәит сара стәала. Сажәа ҩбамтәкәа, "Агәымшәаразы амедал" занашьоу Омар Акшба, ианеибаҳҳәаз аҽны Аҟәа дааит. Аԥсшәа анеибаҳҳәа ашьҭахь, ҩаԥхьа инасаҭеикит:

"Сырма, бгәы иалымсын, сыҷкәын иӡбахә сара саламцәажәааит, ԥсуаҵасла исаҭәам…" — иҳәеит.

Егьа ус акәзаргьы, ҳаиҿцәажәара ахы ыҵнахит аибашьра атемала. Ԥсуаҵасла иаанагоз еилкаан Омар Акшба иажәақәа. Саԥхьа дтәан аԥсҭазаара акырӡа иаӡрыжәхьоу, злакҭақәа ҭоурыхла иҭәыз, аха убри аан ачҳареи, агәаӷьреи, аҟәыӷареи зхы-зҿы ианубаалоз ауаҩы. Ҳцәажәарагьы абас инхаҳтит:

"Нанҳәа 13 рзы иҳаҳаит аҳаирплан абомбақәа шканажьыз. Аха, усҟан иҳаздыруамызт уи ҵакыс иамаз. Ашьҭахь, иааҳалаҩит аибашьра иалагеит ҳәа. Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазаҿоуп аҳаирплан усҟан ахысрақәа ахьымҩаԥнагаз ауаа рыршәаразы. Нанҳәа 14, асааҭ 9-10 шыҟаз ауп аибашьра ишалагазҵәҟьа агәра анаҳгаз", — иҳәеит Омар Акшба.

Аӡҩыбжьа ишыҟаз ауп Акшаа рҭаацәа аибашьра шрыхьӡаз. Усҟан Омар иԥацәа рҩыџьагьы зынӡа иқәыԥшқәан. Иԥеиҳаб Баҭал, 19 шықәса ракәын ихыҵуаз, арра-маҵзура дахысуан, аиҵбы Давид хы-шықәса рыла деиҵан, ашкол дҭан.

Баҳадыр Абаӷба - Sputnik Аҧсны
Зыԥсадгьыл зыԥсы аҿҳәараз Баҳадыр Абаӷба

"Аибашьра аԥхьа, Баҭал арра ианиԥхьа, Аҟәа, аурыс десанттә баталион ахь дрыдыркылеит. Уа дыҟан шықәсыбжак. Нас, Аԥсуа гвардиа аныҟала, арзаҳал ҩны, уахь диасит. Бабышьра дшыҟаз ауп аибашьрагьы шихьӡаз", — иҳәеит аб.

Аибашьра зыхьӡаз Баҭал дызлаз агәыԥ "Катранаа" рҽеидкыланы, Бабышьрантәи ибналаны, Кәыдры ирсны, Аӡҩыбжьаа ахьыҟаз, аҩада аганахь иааит. Издыруадаз, усҟан 19 шықәса ирҭагылаз Баҭал, зқәыԥшра аҳәаақәа зҭысра змаӡацыз, абриаҟара агәаӷь шизҭоу, иаԥхьаҟа акыр афырхаҵаратә мҩа данысраны дшыҟаз атәы?! Аха, ишырҳәо еиԥш, илахьынҵа кьаҿ аԥышәара аамҭа ӷәӷәа дҭанаргылеит.

Омар Акшба, қәрала зегьы дахьреиҳабыз, адҵа ирҭеит Аӡҩыбжьаа рыҷкәынцәа, аибашьцәа реизгара далагарц. Ус еиҿыркааит Аӡҩыбжьатәи актәи абаталион. Убра дыҟан иара иԥа Баҭалгьы. Мраҭашәаратәи афронт аҿы еибашьуаз "Аԥсны Афырхаҵа" Беслан Квираиа, мрагыларатәи афронт ашҟа даниас, Афганистантәи аибашьратә ԥышәа имаз еиҳа ахархәаразы еиӷьхап ҳәа ԥхьаӡаны, зегьы ааизганы, Омар иреиҳәеит абаталион напхгаҩыс уажәшьҭарнахыс Беслан идҵазарц, егьақәшаҳаҭхеит.

"Беслан мрагыларахьтәи аибашьра ахәҭахьы даанӡа, дсыцәҭахахьан иара иаб иашьеиԥа Едем Квираиа. Ари ахҭыс ҟалеит, сымҩашьозар, цәыббра анҵәамҭазы. Уи иҭахара сара даара ицәгьаны исхызеит. Раԥхьатәи ԥсҭбаран Едем иҭахара"-луанытә дқәыԥсычҳауа дсацәажәон аибашьҩы.

"Агәымшәараз амедал" занашьоу Омар Акшба, аибашьра ахҭысқәа акыр дыргәыланахаланы дцәажәон. Зны дааҭгылон, даҽазныхгьы илаӷырӡқәа мчыла иҵәахуа ицәажәара инациҵон.

Автопробег - Дорогами Войны - Sputnik Аҧсны
"Афырхацәа рымҩала" алахәылацәа рымҩа хацдыркит

"Аибашьра цонаҵы шықәсык аамҵыцкәа, аӡынразы Аҭара ақыҭа дҳацәҭахоит ҳкомандаҟаҵаҩы Беслан Квираиа. Анаҩс, иара ихаҭыԥуаҩыс иҟаз Рауль Муцба ҳбаталион еиҳабыс далаҳхит", — иҳәеит Омар Акшба.

Аӡҩыбжьаа рыҷкәынцәа Аҭара ахырӷәӷәарҭаҿы иангылаз, Омар-иԥа Баҭал Акшба, аԥшыхәра ҳәа Аӡҩыбжьаҟа доурыжьит. Аб, иҷкәын деибганы дхынҳәуоу, дзыхнымҳәуоу шизымдыруазгьы, ачҳара ааирԥшыр акәын, ус иднаҵон аибашьра иацыз аԥҟарақәа, еиҳаракгьы иаԥсуара.

"Дахьнеишаз днеины аԥшыхәра мҩаԥганы, ҳара хахь дгьежьны дшаауаз, акгьы игӡамызт ҳҭыԥ ахь дааӡарц, ақырҭқәа дыркит. Шасыс Ахалдабаҟа дыргеит. Ари ахҭыс ҟалеит ԥхынҷкәын 29 рзы. Ахалдаба иҟаз абаталион аиҳабы сҩыза иакәын, ашкол ҳаицҭан, дақырҭуан. Хы-мыш уа дыкны дрыман, ддырпатон, уаби уаб иашьеи абаҟоу ҳәа", — угәы узырхьуаз ахҭыс аиҭаҳәара даҿын Аԥсны Афырхаҵа иаб.

Аӡҩыбжьа ақыҭа инхоз Акшаа хәбаҟа ҭӡы ракәын иҟаз. Иааидкыланы ақыҭа иахҭнагаз ахлымӡаах, ҳаӷацәа гәымбалџьбарыла рхаарԥшра ус ажәала иузҳәом.

"Сыздырӡом, санду лҟны аҩны сыҟан, санду дагыруоуп, сҭаацәа абрахь иҟоуп хәа саҳан саауеит", — ҳәа реиҳәазаап ақырҭқәа Баҭал.

Усҟан, Бабышьратәи абаталион акомандаҟаҵаҩыс дыҟан Ҭодуа Гена. Иара Ахалдабаҟа днеины дыҟазаарын. "Дызусҭада икны ишәымоу ара?" — ҳәа данразҵаа, Аӡҩыбжьатәуп, Акшбоуп ҳәа иарҳәеит. "Сара издыруеит урҭ аҷкәынцәа Акшаа, дсышәҭ арахь, сара дызгоит", — ҳәа реиҳәан дрымихит.

"Дахьыргоз сыздыруамызт, аха дрырҭеит. Иара амашьына Уазик ала дыҟан, Баҭал ашьҭахь дынҭадыртәан дрыманы рҿынархеит. Ишнеиуаз, Баҭал ишьапаҿы агранатомиот аснариадқәа шышьҭаз ибеит, егьырҭ дахьрылаԥшыз автоматқәа, атапанчақәа рымҵаҵаны итәан", —ахҭыс дагәыланахало дцәажәон аб.

Аԥсны Афырхаҵа, аинрал-леитенант, аорден Ахьӡ-аԥша II аҩаӡара занашьоу Гиви Агрба - Sputnik Аҧсны
Арратә комендант иҭоурых: Гиви Агрба игәаларшәара

Ииашаҵәҟьаны, ари арԥыс сара ҭеиҭыԥшла дзеиԥшраз сыздыруамызт. Иаб еиҭеиҳәоз ахҭысқәа рыла, схаҿы иаазгон аибашьҩы гәымшәа ихаҿсахьа, саԥхьаҵәҟьа имҩасуазшәа сааҟалеит зегьы, ухаҿы иузаамго, аха лабҿаба аԥсра иазцоз Баҭал дызҭашәаз аҭагылазаашьа уадаҩ.

"Ус, Уарча шыҟаз ишнеиуаз, Баҭал аснариад аашьҭихын амашьынаныҟәцаҩ ихы дасит, аԥсҟы иикыз ицәцан, амашьына ихымхәыцкәа имҩахҟьан агәашә иасит. Гена Ҭодуа итапанча дамҵасит Баҭал, ишеиқәԥоз итапанча ицәигеит. Ишеибарххоз бжьынтәы диеихсит, дагьишьит", — дцәажәон аб.

Агәаӷь ӷәаӷәаҵәҟьа зызҭаз Баҭал, ас еиԥш ихымҩаԥгара, иҟалап лакәҵәҟьак иаҩызазар. Дықәԥон аҵыхәтәанӡа, хьаҵрак ҟамҵакәа.

"Баҭал ҵаҟа иҽкажьны дхысуан, иара ишьапгьы ахы ақәшәеит, ахәра иоуит. Амашьына мҩаԥызгарц ашьҭахьҟа иаауазгьы диеихсит, дишьит. Иара аибашьра ианалага, дызлаз агәыԥ "Катран" арахь ианаауаз, ишаауаз амҩақәа гәникылеит. Дыбналарц азы амашьына данҭыԥа нахыс, ахысра иалагеит, ауаа еизеит. Баҭал агыршәа идыруан. "Абааԥсы, арахь шәмааин, шәыбнал, аԥсуаа, ачеченцәа аауеит шәыршьуеит" ҳәа рықәҿиҭын, амхырҭа далсны Кәыдры аԥшаҳәаҿы днеит". — ихәеит Баҭал иаб.

Изларҳәо ала, Баҭал Кәыдры аԥшаҳәаҿы лашьцаанӡа дтәан. Ус, аҳаирпланқәа хылеит. Уаҟагьы аԥсреи абзареи дырҭагылар акәхеит…

"Баҭал ишәыз акьаҿ ааишәихын аӡы иалаижьит. Хыхьынтәи уи анырба, акьаҿ еихсуа иалагеит. Зегьы анеимп, иара дырит Кәыдры. Уа дынхон иара ирҵаҩык, убри лыҩныҟа днеит. Лыԥшәма Сыҷынаан, дагыруан, лара д-Қапԥҳан. Ишьапы хәымзи, ауатка ақәҭәан ишьапы ҿарҳәеит, ицхрааит", — игәырҩа инмырԥшкәа дцәажәон Баҭал иаб.

Баҭал Акшба
Баҭал Акшба - Sputnik Аҧсны
Баҭал Акшба

Баҭал иан лҭаацәагьы уа ааигәа инхон. Бнала мацарала зҿы дыҟаз Сыҷынаа хаҵа, Баҭал убраанӡа дигеит. Баҭал иандуи иабдуи ԥсхьан, аҩны иахыз иан лаҳәшьа лакәын. Ӡынран, асы шьҭан, ахьҭа бааԥс ыҟан. Баҭал иан лаҳәшьа лхаҵа, амандарина ахьыҟаз аплантациаҿы агәабан шьҭыхны амандарина иақәҵаны иман, ҽынла уахь дган диҵәахуан, уахынла дааигон, иара ихаҭа дагыруан.

Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара

"Ажьарныҳәа анҵәамҭазы, сымаҳәыла иаҳәшьа лыла, Баҭал Аҟәаҟа дааргеит. Аҟәантә Шәачаҟа дцартә еиԥш аусқәа ҟарҵеит. Шәачантәи Гәдоуҭаҟа дааит иара. Ус сшымгәыӷуаз аԥсуа радиола ибжьы саҳаит, Аҭара амашьынаҿы иаҿакны иҳаман. Сгәы сырҭынчит иԥсы ҭоуп, деибгоуп ҳәа", — ҭынч-ҭынч ацәажәара дыҿын аибашьра аветеран.

Баҭал иани иашьеиҵби Тҟәарчал иҟан. Агәыҳалалратә цхыраара мҩанызгоз аурысцәа рыла мраҭашәараҟа идәықәысҵеит. Уа, Баҭал иҭаацәеи иареи еибабеит. Аха, акы дааннакыло дыҟазма, аибашьра амца шыра ахьцоз иара дыҟазар акәын. Хәажәкыратәи ажәылара далахәын, аха уа разҟык имазар акәхарын, деиқәхеит, аԥсра дацәцеит. Аҵыхәтәантәи ажәылараҿы, пҳынгәымзазы Шроманӡа дааӡеит.

"Усҟан дызлаз агәыԥ командаҟаҵаҩыс иамаз Аӡҩыбжьатәын, Квираиан, "Седои" ҳәа иаҳҳәоит, иахьагьы иԥсы ҭоуп. Дара рбаталион ашьыжь, амза 8 рзы акәын ианаауаз. Баҭал, Каман аӡиас аҿы дцаны ахысрақәа шцоз иҽикәабеит, ахысрақәа еиҳагьы рҽандырӷәӷәа иҩызцәа рахь дцеит, асааҭ хәба рзы икаҳаз аминомиот аснариад иара дашьит, Аҭаратәи аҷкәын Гурам Цицкваӡе дашьит, уажәы иԥсы ҭоуп Анцәа иџьшьаны, Дима Абыхәба дахәит", — дцәажәон афырхаҵа иаб.

Усҟан, Афон Ҿыцтәи ахәышәтәырҭа аиҳабыс иҟаз Гурам Шьоуа иакәын, Баҭал даннарга дидырит, дызлаихәагәышьоз дыԥсхьан. Акырынтә аԥсра алакҭа иҭаԥшхьаз Баҭал Акшба, ҳаӷацәа рхымҭа дзацәымцагәышьеит. Иан илқәашьхеит лԥеиҳаб лаӷырӡыла икәабара, Бзыԥҭа лашьа иҿы анышә дамардеит. Аб иакәзар, зынӡагьы издыруамызт иԥа дышҭахаз.

"Сара Баҭал дышҭахаз ансаҳа нанҳәа 5 рзоуп. Ишсаҳаз еиԥш, Аҭарантәи Тҟәарчалынӡа снаӡеит, ҩ-гранатк аашьҭысхын Очамчыраҟа сааит, усҟан аамҭалатәи аинышәара аныҟаз аамҭа иақәшәеит. Уа, Аиба ҷкәынак гәаҭаҩыс дыҟан. "Алада уанбацои?" — ҳәа саниазҵаа, "абыржә сцоит" иҳәеит. Сигарц сиҳәеит, мапгьы сцәимкит", — амш хьанҭақәа игәалаиршәон Омар Акшба.

Баҭал Акшба
Баҭал Акшба - Sputnik Аҧсны
Баҭал Акшба

Гәдауҭа уахьналало арыӷьарахь иҟоу апонсианат аҿы ибеит Омар иашьцәа, игәылацәа, аӡҩыбжьаа, маӡалатәи ахәҭаҿы аус зуқәоз. Бзыԥҭа иԥа инышәынҭрахь дыргеит.

"Ҩымш хы-мшгьы Бзыԥҭа саанхеит. Нас, Баҭал ивтомат аашьҭысхын мрагыларахь сеиҭадәықәлеит", — дҳацәажәон аб.

Иҟоуп аибашьра иадҳәалоу, Омар игәалашәо ахҭысқәа рацәаны. Доуҳала иӷәӷәоу ауаҩы, аԥсҭазаара џьбара дызҭанаргылаз ауадаҩрақәа зегьы дыриааирц иҽазишәоит. Аха, уи игәабзиара ианымԥшырц залшома? Исҭахын, ҳаиҿцәажәара нымҵәарц, асааҭкәа минуҭҵас ицон сара сзы…

Баҭал ҳаӷацәа шасыс дыргаанӡагьы, хаҵарылаҵәҟьа ихы ааирԥшхьан мрагыларатәи афронт аҿы, Мықә ақыҭан.

"Агранатомиотла атанкгьы деихсын, БМП-гьы деихсит. Атанк иҭнарҟьаз, ачаи ахьыркапануаз абетон иалхыз аҩны гылан, иаахан иамԥаз абӷанҷ дахәит. Тҟәарчал мчыбжьык аҟара дышьҭан, нас ҩаԥхьа еибашьра деиҭадәықәлеит", — игәалаиршәоит Баҭал иаб.

Баҭал иаби сареи ҳаиҿцәажәара хыркәшо, еилыскаарц сҭахеит хаҭала дызлахәыз аибашьратә хҭысқәа ахьымҩаԥысуаз иарбан ҭыԥыз, Аԥсны Аиааира анага.

"Цәыббра 28 рзы, ВИЕМ ҳәа иахьашьҭоу шьхала ҳалбааны Аҟәа ҳалалеит. Усҟан ахысра ӷәӷәақәа цон аиҳабыра рыҩны аԥхьа…" — иҳәеит Омар Акшба.

Избон, аибашьҩы еиҳа-еиҳа ацәажәара шицәыхьанҭахоз. Мыцхәы дысмыргәамҵааит сҳәан, "зҵаара заҵәык шәысҭоит" ҳәа иасҳәеит. Дақәшаҳаҭхеит.

Анцәа иџьшьаны, ҳара иахьа ҳанхоит зхы иақәиҭу, ихьыԥшым аҳәынҭқарраҿы. Имариаӡамызт уахьынӡа ҳназгоз амҩа анысра. Хаҭала шәара шәџьабаагьы алоуп ари аус, ҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит. Ҳхырхәоит иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа, иара убас шәҩызцәа аибашьцәа рҿаԥхьа. Аԥсынтәыла аԥхьаҟа аизҳазыӷьараҿы, аиқәырхаразы, шәыгәҭакқәа ҳашәҳәар ҟалома?— абас иҟан сызҵаара.

"Уаҳа аибашьра Анцәа идумырбан ҳажәлар, иара убас дарбан милаҭзаалак. Уи ҳара ҳахысит, иаадыруеит. Аԥсны какаҷуа, илашо Анцәа иҟаиҵааит", — иҳәеит зылаԥш ахара инаӡо "Агәымшәараз амедал" занашьоу, "Аԥсны Афырхаҵа" Баҭал Акшба иаб, Омар Акшба.

Ажәабжьқәа зегьы
0