"Аҿа лниҵеит"

© Sputnik / Денис Абрамов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМолодожены на всесезонном горном курорте Домбай (Домбайская поляна)
Молодожены на всесезонном горном курорте Домбай (Домбайская поляна) - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәытәан, арԥыси аԥҳәызбеи ақьаӷьариа данрыбжьалоз, аҭаацәара иалаларц згәиҭаз, иҩыза ҷкәын даашьҭхны, "ӡӷаббара" ицон. Уаҟа, арԥыс ихы шымҩаԥигози, аԥҳәызба "аҿа шылниҵози" ртәы дазааҭгылеит аԥсуара арҵаҩы Валентина Гыцԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Аӡӷаб иахьлызҳауаз аҭаацәараҟны, ани аби азыҟаҵан, знымзар зны, рыԥҳа лбара ишааиуаз, аҭаацәара дшалалоз. Убри аҟнытә, аԥсуаа рҿы иџьашьатәӡамызт, арԥарцәа сасра ианымҩахыҵуаз.

"Аԥшәма еиликаауан, асасцәа хықәкыс ирымаз. Аҳәса иаразнак аишәа дырхион. Аҿар ҩызара рзиуоит ҳәа, ргәылара ирықәлаз ӡәыр дыҟазар даарыԥхьон.

Валентина Гыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Валентина Гыцԥҳа: шьыри, ақьаӷьариа иахьагьы дҳаманда

Аишәаҟны, аԥшәма иашьҭахь ԥыжәара змаз, "ӡӷаббара" иааиуаз иҩыза иакәын. Имаҳәхараны иҟаз, итәашьа-игылашьа дацклаԥшуан, иажәа раӡан, арыжәтә иҽадицалаӡомызт, зегь раԥхьагьы аишәа дахыҵуан, днаскьаны дҩагылон. Иара ихымҩаԥгашьала иубаратәы иҟан игәҭакы. Ари иаарласны аҭыԥҳа "аҿа лниҵоит", диҳәоит акәын иаанагоз. Иҟалалон, "ӡӷаббара" иааиуаз аҭыԥҳа данигәамԥхозгьы, усҟан, аишәа иадтәалоу иҽрыликааӡомызт, дызханеиз инирԥшӡомызт, аԥшәмацәа имыргәаарц", —лҳәоит арҵаҩы.

Арԥыс аԥҳәызба "аҿа лниҵар", ақьаӷьариа лроль иҵегьгьы иҳаракхон, "ахәҷымҷ" абжьыгара инаркны ачара аҽнынӡа, иара уи ашьҭахьгьы рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду лыдын.

Ари аҵас иахылҿиаахьеит имаҷымкәа алафтә хҭысқәагьы.

"Ӡӷаббара" инеиз арԥыс иааиланы дыҟазаарын. Аҭыԥҳа данылба, "ари иган заҟароузеи, амаҵурҭа аҿакны" ҳәа шизылҳәаз илымҳа иҭасит. Иаразнак аҭак ззыҟамҵаз арԥыс аҭагылазаашьа аниоуа ҳәа дыԥшын. Ус аишәа ианахыҵ, рнапқәа рыӡәӡәарц иандәылҵа, аӡы рзылазышьҭуаз аԥҳәызба, "ақәа алагеит, ҳаццакып" ҳәа лыбжьы анлырга, "бзыршәозеи, бааины смаҵурҭа быҵагыл" ҳәа налаҭеикызаап.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чара: атрадициақәеи иахьатәи аамҭеи реиҿыбаара

Уи еиԥш шаҟа хкы…

Жәытәла, аԥсуа ҭаацәарақәа рҟны, аӡӷаб лааӡараҿы ароль ду налыгӡон ан, аԥа иааӡараҿы — аб.

"Аӡӷаб дшыхәыҷыз, ан илалҳәон лхы шымҩаԥылгаша, лыҽшеилалҳәаша. Ианлызҳалак, иллырҵон аӡәӡәашьа, ахәыҟаҵашьа, аҩны аиларгашьа, ашҭа аԥссашьа. Аҭаацәара алалара даназааигәахалак, илеиллыркаауан анхәеи абхәеи ҳаҭыр шрықәҵатәу, аиҳабацәа рыхьӡ шшьатәу. Абхәа иҿаԥхьа ишцәажәатәым, иара аамҭакы анхәа лҟынгьы ҿырҭӡомызт. Аб, аԥа илиааӡон агәымшәара, акрачҳара, аҭакԥхықәра", — ҳәа азгәалҭоит Валентина Гыцԥҳа.

Ани аби рыхшара ирызҭарҵоз агәыҵә зеиԥшраз еиԥш акәын, аԥеи, аԥҳаи ԥхьаҟатәи рыԥсҭазаарагьы шышьақәгылоз.

Арԥыси аԥҳәызбеи рразҟы ианалацәажәозгьы, "лан дзеиԥшроузеи, иаб дзызки" ҳәа акәын раԥхьаӡа изызҵаауаз.

Иахьа изхәаԥшуа амал акәхеит умҳәозар…

Ажәабжьқәа зегьы
0