Cырма Ашәԥҳа, Sputnik
Иунал излиҳәо ала, иабшьҭра амҳаџьырра аныҟала, мрагыларатәи ахәҭа аҟынтә иқәҵқәаз иреиуоуп.
"Сара сабшьҭра, Џьгьардеи Кәтоли рыбжьара инхон. Аԥснынтә иааз Ҭаҭласҭыҟәа иоуп. Ҭаҭласҭыҟәа иман хҩык ахшара. Қьаамыл, Хәсеин, Осман. Урҭ шыхәыҷқәаз ицны арахь иааит. Осман хылҵ ҳәа уаҩ димамызт. Хәсеин ихылҵыз, иахьа 150 ҭӡы раҟара ыҟоуп. Ишаԥсацәоу, рыжәлақәа рдыруеит, аха аԥсшәа рҳәом. Ус аимадара ҳабжьоу", — абас ахы ыҵнахит Иунали ҳареи ҳаиҿцәажәара.
"Сара сабду иаб Ҭаҭласҭыҟәа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахгаз иакәын. Уи иҭаацәа зегьы иманы араҟа дыӡхыҵит. Аӷбаҿы иҷкәын Осман дицәыӡуеит. Осман аеҭымцәа дырхыԥхьаӡаланы, Сҭампыл аруаа ахьырааӡоз ашкол дарҭеит. Уа аҵара далгеит, дафицархеит. Аҭырқәа афицар ичын ирҭеит. Осман, фицарк иаҳасабала Адаԥазар дрышьҭит. Араҟа, арра маҵзура дахысуан уи иашьа иԥа Ҳақы Гәыргәлиа. Машәырла еибабеит, еибадырит 40 шықәса ирыԥшаауаз Осман иҭынхацәеи иареи. Ҳақы иаб иашьа иԥа иоуп Осман. Ари ахҭыс ҟалеит 1917 шықәса рзы", — аҭоурых дагәыланахалан дцәажәон Иунал.
Аԥсны инхо Гәыргәлиааи, Ҭырқәтәыла инхо урҭ рыжәлантәқәеи, раԥхьаӡа аимадара шрыбжьалаз ашәҟәыҩҩы Борис Гәыргәлиа илоуп. Борис Гәыргәлиа, 1991 шықәса рзы Ҭырқәтәыла дцеит. Ус рыҽдырҭбаауа иалагеит аимадара аҳәаақәа.
"Саб Ремзи ихьӡын. Сан, Гиунаи Арсҭааԥҳа. Ремзи иаб Саид ихьӡын. Саид иан, Нуриа Қапԥҳа. Саид иаб Қьаамыл, Қьаамыл иԥшәма ԥҳәыс Ԥлиаԥҳан. Қьаамыл иаб Ҭаҭласҭыҟәа ихьӡын. Қьаамыл ишьҭра аҟынтә хыҭӡык ыҟоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Иунал.
Иунал заанаҭла афымца нџьныруп. Анефт-ааглыхратә наплакқәа русзуҩцәа еидызкыло, Азанааҭ Еидгыла ахеилак аҟны, маӡаныҟәгаҩ хадас аус иуеит. Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.
Иунал дхәыҷаахыс алитература дазҿлымҳауп. Бзиа ибоит ажәеинраалақәа рыҩра. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, апоетцәа рҩымҭақәа дрыԥхьоит.
"Баграт Шьынқәба ироман "Ацынҵәарах" саԥхьахьеит. Дырмит Гәылиа, Нелли Ҭарԥҳа, Борис Гәыргәлиа, Геннади Аламиа рҩымҭақәа здыруеит. Даара игәнызгоит аԥсышәала ицқьаӡаны сахьзымцәажәо. Аха, сара исыгу, схәыҷқәа рҿы иацысҵарц сҭахуп", — иҳәеит Иунал.
2012 шықәса рзы иҭыҵит аԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа зну ашәҟәы амҳаџьырра 150 шықәса аҵра иазкны. Ашәҟәы аҿы иану Иунал Гәыргәлиа ижәеинраалақәа рызкуп аԥсадгьыл абзиабара, аҭоурых, аԥсуа ҵас, аԥсуа аламыс.
Ҳзықәнамхит ахырҵәара, аԥсра шаҳҩызазгьы,
Здац аҭоурых иақәлоу аҵла агәыцә ҳауп ҳара.
Амра иагәылоуп уажәы ажәҩан иаҵагылоу ҳхы,
Ахақәиҭра ԥшьақәа ашьхаҿ рыԥсыԥ ҳауп ҳара.