Цуца Аҳәԥҳа: сырҵаҩратә ԥсҭазаара шьаҭас иамоуп аԥсуара

© Фото : предоставлено: Сырмой АшубаЦуца Ахуба
Цуца Ахуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҟны инеиԥынкыланы 52 шықәса аус зухьоу, иахьагьы ахәыҷқәа рааӡареи аҵара дырҵареи знапы алаку Цуца Аҳәԥҳа лыҿцәажәара.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Цуца Басариан-иԥҳа, шәара шаҟа шықәса ҵуеи арҵаҩратә ԥсҭазаара шәнапы алакуижьҭеи?

— Сара, 1966 шықәса раахыс аус зуеит рҵаҩыс. Убри аахыс ахәыҷқәа рааӡара снапы алакуп. Ахәыҷы бзиа думбакәа аус узуӡом ҳәа агәаанагара сымоуп. Акласс ахь инеиуеит ҟазшьала еиуеиԥшым ахәыҷқәа. Аӡәы ҩнаҭак дааӡоит, даҽаӡәы даҽа ҩнаҭак дааӡоит. Ҭаацәаркны, бзиа еибабо рыҟаҵара ус имариаӡам. Иаҳҳәап, раԥхьа ахәыҷқәа ашкол ахь ианнеиуа, дара-дара еилагылаӡом, рыбжьара аиҩызара, абзиабара рыбжьаҵара даара акраҵанакуеит арҵаҩы изы.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

- Шәара, хымԥада агәадура шәызцәырнагоит шәара шәҵаҩцәа рахьтә иреиҳау аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ахьыҟоу, иара убас зыхьӡ нагоу идыру ауаа реиҵааӡара ахьшәылшаз. Шәус егьа аџьабаа ацзаргьы, алҵшәа анамоу насыԥуп, ус аума?

— Арҵаҩы, зегь раԥхьаӡа иргыланы иоуижьхьоу иҵаҩцәа ауаҩра рылҵны, ахьӡ рыманы ианиԥылалак, иара изы малс иҟоу убри ауп. Арҵаҩы ахаан амал, ауалафахәы дашьҭаӡам. Ааигәа, сҵаҩык иаусышьҭхьаз даасԥылеит. Дысзымдырӡеит, аиаша шәасҳәап. Амашына дааҭыҵын, "сышәзымдырӡеи?"-иҳәеит. "Мап"-усзымдырӡеит сҳәеит. Ихьӡ ааиҳәан, ихы аасгәалаиршәеит. "Сара ахаан исхашҭуам, аԥшьбатәи акласс аҿы ҳанаушәышьҭуаз иҳашәҳәахьаз, арҵаҩы ахаан шәивымсын, аԥсшәа иашәҳәала, уи зегьы ирыцкуп"-ҳәа. Ус еиԥш шаҟа хҭыс. Уи ҳара ҳзы игәадуроуп, ҳара ҳмал, ҳара ҳбарақьаҭра ҳҵаҩцәа роуп.

- Шәара ҷыдала шәнапы иҵшәыжьхьоума ҳџьынџьуаа хәыҷқәа?

— Ааи, хҩык ҳџьынџьуаа хәыҷқәа аусыжьхьеит. Абыржәы аԥшьбатәи ахәыҷы дсымоуп. Абызшәа зынӡагьы издыруамызт, аҩны иаҳаӡомызт, иҭаацәагьы ирыздыруамызт. Ҭырқәтәыла диит ахәыҷы, нас нхара арахь иааит иҭаацәа, Ашәанба рыжәлоуп. Аҵара игәы ахшәар ҳәа сшәаны, напышьашәала мацара сиацәажәо даазгон. Уажәы, акырӡа деиӷьуп, аҵара изымариахо далагеит еиҳа. Даара напы идкыланы ддсымоуп, чыдала сизыҟоуп игәы камҳарц азы. Иҩызцәа хәыҷқәагьы срылабжьеит, дызусҭаз расҳәеит. Даргьы пату иқәырҵоит, аԥсшәа бзианы издыруаз ахәыҷқәа дрыдысҵеит, аԥсышәала иацәажәаларц азы.

- Хымԥада, абарҭ шәызлацәажәақәо зегьы ирымоуп ашьаҭа-аԥсуара. Шәазааҭгыларц сҭахуп аԥсуа ҵасқәа, ақьабзқәа ртәы. Ҷыдала шәара шәышԥапрзыҟоу, шәҭаацәара рҿы ишԥаныҟәыжәгоз?

— Сара ҷыдала ахәыҷы иааӡараҿы схы иасырхәоит сыҩнаҭаҿы избахьаз аԥсуара. Иаҳҳәап, ҩыџьа анеицәажәо, ҩыџьа антәо рыбжьара абжьымсра, аиҳабы иаԥхьа амиасра. Сара исгәалашәоит агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" иҭыҵуаз аномер ҿыцқәа зегьы, Леон ихьӡ зху амҩаду аҟны икыдырҵон. Сҩыза ӡӷаби сареи ҳашнеиуаз, убри аҭыԥ азааигәара еидгыланы еицәажәон ҩыџьа ахацәа. Ҳара хнархыкәшан, ҳаарывсны ҳцеит. Уи 60-тәи ашықәсқәа рзы акәын. Дара ирҳәаз ҳлымҳа инҭасыит: "Хымԥада, абарҭ аԥсацәоуп. Аԥсацәа ҩыџьа анцәажәо рыбжьара ибжьысны ицаӡом"-ҳәа. Абарҭ реиԥш иҟоу аҿырԥшқәа рзеиҭасҳәоит сҵаҩцәа. Ҳара ҳтаацәара дуун. Хҩык аишьцәеи, хҩык аиҳәшьцәеи ҳаҟан. Сара сан д-Коӷониаԥҳан, Магбулиа лыхьӡын, Кәтол ақыҭа дааӡеит, аҭаацәара ду дрылҵит. Ҳхәы ааҟаҵаны данҳаԥхьалак, абысҭа ананылҵалак, ус ҳалҳәон: "Шәаб дааиаанӡа шәхәы шәнапы ашәмыркын"-ҳәа. Ҳаб дааҩналон, иҿы-инапы ӡәӡәаны, ихылԥа хазы инықәҵаны днатәон, ҳаргьы наҟ-ааҟ ҳнаидтәалон. Иара еснагь бзиа ибон сашьцәа иахьизааигәаз иган аҿы рыртәара, ҳара аӡӷабцәа наҟ аҵыхәахь ҳнатәон. "Анцәа улԥха ҳаҭ, дад, уажәшьҭа акраҳҿашәҵа"-иҳәон. Иаргьы инапы наиркуан, ҳаргьы акрыфара ҳналагон. Сан, шамахамзар дҳадтәаланы акрыфаха лоуӡомызт, дагьтәаӡомызт. "Бара бнарыдтәаланы акрыбфарауеи"-иҳәон саб, ла лахь ихы нарханы, убас ҳаҭырла длызныҟәон. "Аӡәы аӡы иҭахуп, аӡәы ахырҵәы иҭахуп, шәара акрышәфа зны, нас сара ҭынч сымтәои, схәы ара иҟами, ӡәыр игар ҳәа ушәоума?"-лҳәон дыччаччо. Уи ҳара ҳҭаацәара мацара рҟны акәӡам, аҭаацәара зегьы рҟны убас иҟоуп аԥсуара ахьазгәарҭо. Аҭара ақыҭа ҳахьынхоз, ҳҳабла бзиан, апатуеиқәҵара рыман, аиҭанаиааира рыман. Еизон, ажәабжьқәа рҳәон ирбаз-ираҳаз иалацәажәон. Ҳара ҳарзыӡырҩуан. Сара убарҭқәа сыԥсҭазаараҿы схы иасырхәоит.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәеи аԥсуареи ирызҿлымҳау ҳџьынџьуаа: аԥсуа қыҭа Бычка аԥсҭазаара

- Шәара шәгәы ишԥаанагоу, ахәыҷы аԥсыуала дааӡазарц азы, ауасхыр раԥхьа аҩнаҭаҿы ишьҭазар аума? Амилаҭтә хдырра амырӡразы иҳамчуи иахьа?

— Зегь раԥхьа иргыланы апатуеиқәҵара, ачҳара, аизыӡырҩра, аилибакаара-абарҭқәа ҳажәлар раԥхьа идыргылароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам. Абырг иажәа наган еснагь, акрыԥхылнадон. Ақыҭақәа рҟны анкьа иалхны иҟан абыргцәа нагақәа, "ажәлар рыпрокәрорцәа" ҳәа ирышьҭан. Ауаа еиндраалон, ибжьаҟазон, ражәа амч аман.

- Ԥшӡала, Амшаԥ ныхәа ааигәахоит, шәара ишәгәалашәоума жәытәла уи шазгәарҭоз?

— Ахәаша ауха зегьы анышьҭалалак, ҳан аџьымшьы ацәала акәтаӷьқәа лшәуан, еиҳа ицқьоуп ҳәа илыԥхьаӡон. Нас, иԥхьалкуан, ицәырылгаӡомызт. Ҳхәыҷқәамзи, ҳахьынҳаланы ианаҳклакь, амҽышанӡа шәалакьысыр ҟалаӡом лҳәон. Амҽыша ашьыжьымҭан, аныҳәагатә змаз иахныҳәаны, аӡыс шьны, амшаԥ ныҳәа ҟарҵон афатә-ажәтә адгаланы. Ҳара ҳҭаацәа рҟны амҽышьа ашьыжь иршьуан ашьтәа, иахныҳәаны ахьхьа-аџьџьаҳәа зегьы ҳаизаны аишәа ҳахатәон. Ҳаб цәгьала алафҳәара бзиа ибон, раԥхьа иара акәтаӷь шьҭыхны зегьы иснышәҟьа иҳәон. Саргьы сан леиԥш аџьымшьы ацәала исшәуеит. Заа иӡәӡәаны, ирыцқьаны, аӡы аҵаҭәаны иаансыжьуеит аџьымшьцәа, иԥсаауеит, нас ашәыга бзианы иаунашьҭуеит. Исыршуеит аӡы, акәтаӷь ӡаасҵоит ашьшьыҳәа, аџьықхыш хәыҷыкгьы насҭоит, кәтаӷьк шыржәуа еиԥш изжәуеит амца аармаҷӡаны. Нас исрыцқьоит, хазы-хазы инаганы иқәысҵоит. Сан ишыслырбахьаз ала ирзеиҿыскаауеит аныҳәа сҭаацәа. Аныҳәа иагымзааит сыжәлар!

Ажәабжьқәа зегьы
0