Хәмар-хабыҟә: ҳабананаго ҳаԥсабара ҭазырхо амҩа?

© Sputnik / Pavel LisitsynЧайка на горе мусора
Чайка на горе мусора - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астихиатә ҟазшьа зманы ана-ара ишьақәгыло агәамсам еизгарҭақәа аԥсабара шаҟа ааха арҭои, ацқьара акультура ишазааитәуи дазааҭгылеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Уажәы сахьгылоу ақыҭа дәҳәыԥш кыр ахаҿра бжьнахуеит анхацәа араҟа иаԥшьыргаз агәамсам еизгарҭа. Сахьынаԥшааԥшуа сылаԥш иҵашәоит еиуеиԥшым абзазаратә маҭәарқәа, аихаҷамаҷа, ацәамаҭәа. Ажәакала "аеқспонатқәа" рыхкқәа рацәоуп, аха зегь раасҭа исзеилымкаауа амца иабылуа ақьаадлыхҵәҟьагьы абрахь иааганы акажьра заҭаху ауп. Сгәанала, ақьаад ақьыԥақәа амца рыцраҵаны абылра еиҳа имариоуп, абрахьынӡа ирҳәазо раагара аасҭа. Аха зегьы ус ргәы иаанамгозар ҟалап.

c.Аацы - Sputnik Аҧсны
Аҵла мышьҭа бзиақәеи, амашәыр зқәу аҵлақәеи, урҭ рынцәахәқәеи

Ари аҩыза "ацәыргақәҵа" аԥсабара шаҟа ааха анаҭо инагӡаны еилаҳкаалар, иҟалап, ҳахгьы даҽакала имҩаԥаҳгар. Иаҳҳәап амашьына акуммулиаторқәа, абарбалқәа, еиуеиԥшым абатареиақәа уҳәа шәышықәса инарзынаԥшуа ибаауеит. Апластик иалху амаҭәахәқәа рынҵыра 200 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Аха иҟоуп арекордсменцәагьы. Зегь раасҭа ишәарҭоу агәамсамқәа иреиуоуп 500 шықәса нызҵуа  "Pepsi", "Coca-cola" уҳәа аӡыхаақәа зҭоу абанкақәеи, зқьышықәса инархыҳәҳәо ԥырхага змаууа асаркьеи. Ус анакәха иахьа икаҳажьуа аҟәарџ-марџ ҳара ҳашьҭахь 10-15 абиԥара ирхаанхоит.  Ари аҭагылазаашьа аԥхьырҟәҟәааразы досу ҳхы пату ақәҵаны ҳадгьылгьы пату ақәҵашьа ҳҵар ҳахәҭоуп. Анцәа ила Адунеи аҿы иҟоуп уи аҿы ҳазҿыԥшша аҳәынҭқаррақәа.

Иапониа аҵакырадгьыл шәагаала Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟнытә 2% иаҟароуп, аха уи аангьы ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 126 миллион инахыҳәҳәоит. Иапониатәи адгьылқәа 70% шьхароуп, убри аҟнытә агәамсам еизгарҭақәа рыҟаҵаразы ари аҳәынҭқарра рацәак иманшәалам. Аха аиапонцәа ирхәыцит ари аҭагылазаашьа уадаҩ излалҵша: иаалаган, ауаа зегьы ирԥырхаго дара ирыхәартә иҟарҵеит. Аус зыдулоу агәамсам ала адгьылбжьахақәа дыргыло иалагеит. Арҭ адгьылбжьахақәа рҿы есышықәса 500 тонн аус зыдулоу агәамсам ыҵаржуеит. Анаҩс уи ахыхь адгьыл ақәыԥсаны идыргылоит аҩнқәа, еиҭарҳауеит аҵлақәа.

Прогноз - Sputnik Аҧсны
Анхаҩы: ақыҭа агәыгәҭажьра ҳаҟәыҵаанӡа ҳара ҳзыҿиаӡом, ҳзеиқәхаӡом

Ҳара ҳзы уи џьашьахәуп, ҳхаҿы иаҳзаагом, аха ари аҭагылазаашьа Иапониа баша-маша иҟамлаӡеит. Ари аҳәынҭқарраҿы кыр шықәса рыҩныҵҟа иаԥырҵон аԥсабара ацқьара алзыршаша аҳәынҭқарратә система. Аҳәынҭқарра амчра атәы ҳҳәозар, уи аганахь алагьы еиҵахара ыҟаӡам, агәамсам иахьаҭыԥым акажьра згәаӷьыз хымԥада ахараԥса инаршәоит. Аха ахьырхәратә ҟазшьа змоу ари амыруга ахала асистема шьақәнаргылоит ҳәа ҳҳәар иашам. Ари есыҽны иааиԥмырҟьаӡакәа ауааԥсыра зегьы еицырбо џьабаауп, уи иалҵшәоуп.

Абар зыӡбахә ҳамоу амыруга аус шауа. Досу ргәамсам хкы-хкыла еихшаны есышьыжь амҩахықә аҿы ишьҭоу апакет дуқәа ирҭарҵоит. Уаантәи ажәлар "амашьына иаҵәа" ҳәа зыхьӡырҵаз аусбарҭатә транспорт агәамсам зегьы ықәнагоит. Агәамсам еихшамзар амашьына иагаӡом, амҩаҿы иннажьуеит. Усҟан уи зтәу закәанла ахара идҵаны 10 миллион иен  ахараԥса идыршәоит (624 нызқь мааҭ инарзынаԥшуа), мамзаргьы хәышықәса аҭакра иқәырҵоит. Абас еиԥш ауп ари асистема ахәҭаҷқәа зегьы шеидҳәалоу. Убри азоуп қәҿиаралагьы аус зауа. Иапониа адагьы, Германиа, Швециа уҳәа агәамсам аус адызуло европатәи аҳәынҭқаррақәа маҷым.

Агәамсам аус адулара заҭаху амзызқәа рацәоуп. Аекологиа ацқьара адагьы араҟа иҟоуп аекономика иацхраауа афинанс ҿыцқәа. Имариаӡоу алогика абызшәала иуҳәозар амаҭәар зныктәи ахархәара азмырхаӡакәа кырынтә ауаа рхы иадырхәартә аҭагылазаашьа аныҟоу,  урҭ иҵакыдоу ахарџь иацәыхьчахоит.

Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны
Иреиӷьу ақыҭа алкааразы аиндаҭлара мҩаԥгахоит

Ҳәарада, ари асистема аларҵәаразы ахарџь ду аҭахуп. Иахьатәи аамҭазы ҳара ҳҳәынҭқарра агәамсам аус адызуло амыругақәа раахәара алшаӡом. Аха аҭагылазаашьа маҷк арҽеиразы хара ицатәӡам, ҳара иҳалшоит Асовет Еидгыла аԥышәа ахархәара. Иаҳҳәап, амакулатуреи аԥаҭлыкақәеи ауаа иаларҵартә аҭагылазаашьа рыҭазар "амааҭ аеффект" аус аургьы алшоит. Усҟан ҳамҩақәагьы еиҳа ицқьахон, ауааԥсырагьы мааҭқәак рзацлон, ҳамҩақәа зыԥссо атәым милаҭ ахаҭарнакцәагьы рхыԥхьаӡара иагхарын. Избан акәзар даараӡа иԥхашьароуп ҳәа азысыԥхьаӡоит  ҳадгьыл хәыҷы ҳамч ақәмырхаӡакәа ҳацқьара иахылаԥшларц азы атәымуаа аԥара ахьраҳҭо.

Ҳара ҳҿы моу Урыстәылагьы кыр иҵарны иқәгылоуп агәамсам азҵаара.  Аха алшара ыҟам, аҟаҵарагьы уадаҩуп ҳәа азыӡбаны, ҳгәам зегьы ахаҭа аҽанарыцқьо ҳәа ҳтәаны ҳаԥшлар, иҽеим ахҟьа-ԥҟьақәа рахь ҳнанагар ҟалоит. Иарбан усзаалакгьы амаҷ ала иалагалатәуп, наҟ-наҟ адугьы ҳамч ақәхарц азы. Ажәаԥҟа ишаҳәо еиԥш, ацқьара ахьыҟоу еснагь иахьыдрыцқьо акәӡам, иахьырымҟьашьуа ауп. Аԥаҭлыкақәеи ақьаад бӷьыцқәеи аурна аҭажьразы атехнологиа ду аҭахӡам. Иаҭаху маҷк алахтра ауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0