Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

© SputnikАԥарда
Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аҟазареи арҿиаратә уси акритика ахьрыгу ицәырнаго ауадаҩрақәа дырзааҭгылеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониа.

Аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаараҿы, алитература, атеатр уҳәа, аҟазара аганахь ицәырҵуа ахырхарҭақәа зегьы аналитикатә, акритикатә бла рыгуп.

Елеонора Коӷониаԥҳа: Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

 

Иҳаҩсхьоу асовет аамҭазы, уи ахырхарҭа аҭыԥ аман, иҭыҵуаз ажурналқәеи агазеҭқәеи рҿы, ицәырҵуан аҟазараҭҵааҩцәа, алитературадырҩцәа уҳәа, акультура ахцәажәара зылшоз ауаа ргәаанагарақәа. Аибашьра анеилга, ари аҭыԥ ҭацәны инхеит, ганкахьала ицәырымҵит ари азанааҭ ала аԥсуа специалистцәа, даҽа ганкахьала иҳамазгьы иаԥсамшәа рбазар акәхап уи аҽазкра, абарҭқәа ирыхҟьаны акритика аҭыԥ ҭацәны иаанхеит.

Светлана Корсая - Sputnik Аҧсны
Қорсаиаԥҳа: Аԥсны атеатр ахь абзиабара аҿыхара иалагеит

Здунеи зыԥсаххьоу алитературатә критик Владимир Аҵнариа ианҵамҭақәа рҿы иазгәеиҭахьан "ҳара ҳаибадырра, ҳаиуара" уҳәа ирыхҟьаны ари ажанр лҵшәа дук шамамыз, избанзар, хаҭала акритик ииҩуаз адкылара рцәыуадаҩын уи зызкыз. Абас акәзаргьы, асовет аамҭазы ҳмаџьанамызт акритиказы, иахьатәи аамҭа иаҿҳарԥшуазар. Акультуратә ԥсҭазаара изырҽхәо рыда, иагу-иабзоу азгәазҭо даныҟамла, зегь иааҟаҳҵо игениалтәу цәырҵраны иаҳбо ҳааҟалеит.

Ажәакала, иахьа сыззаҭгыло атеатртә критикагьы ахабар ыҟам, уи азы иазыҟаҵоу, атәы здыруа Светлана Қорсаиаԥҳа дшыҟоугьы. Зыӡбахә сымоу атеатрҭҵааҩ илымоуп иҷыдоу аҵара, аԥышәа, акыр шықәса аус луахьан ажурнал "Аԥсны аҟазара" аҿы, аха иахьазы уи дацәхьаҵны дыҟоуп ҳҳәар ауеит, акультура дшацәыхарамгьы. Атеатрҭҵааҩ лыбла иамбо иҟам иахьатәи атеатртә ԥсҭазаара иахаҿроу, аха абзырӡы аҳәарада, акритика аацәырылгар "алаба лықәрыԥсоит", убри аҟынтә, иахьа атеатртә ԥсҭазаара ҽхәаԥхьыӡ мацарала имҩасуеит.

Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Атеатртә ҳамҭа аныҳәа аламҭалазы

Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп рҳәоит. Ихьыԥшым, еиуиеиԥшым адунеитә театрқәа зыбла иабахьоу актритик ҳара ҳтеатрқәа ахҳәаа зларимҭац ала, дара ргәы иалаҭхаџьуа аус руеит уаҩ иимбац ҩаӡара дук рымоушәа. Аспектакльқәа зықәдыргыло атеатр ҭызҵаауеи, аҟазара ибзианы еилызкаауеи рзы мацара акәӡам, атеатр зегьы ирызкуп, иазыҟаҵоуи иазыҟаҵами ахәаԥшыҩцәа налаҵаны. Аибашьра ашьҭахьтәи ҳаԥсҭазаарҿы, ҳахәаԥшҩы дныҵыҵны иара Урыстәыла мацара акәзаргьы, атеатртә хырхарҭақәа ргәаҭаразы алшара злаимам ала, зыхә ишьо абра иибо мацара ауп. Атеатр аилкааразы иаҭахуп азыҟаҵара, иацу акәамаҵамақәа рнырра зегьы ирылшом. Убарҭқәа ирыхҟьаны, аспектакль ҿыц анцәырҵлак, ауацәеи аҭынхацәеи, аҩызцәеи Феисбук адаҟьаҿы еибарҽхәоит, избанзар, ҳтеатрқәа зыбла ҵару акритик инымиац. Ар ирнымиац ихьыз рыхьит даргьы. Атеатр ибзианы еилызкаауа ыҟоуп, аха урҭгьы шаҭара руеит, иаахтны ирыгу аӡәгьы иҳәом.

Иахьа аамҭа маншәалоуп, уара иқәургыло уара иурҽхәалар ауеит, иҟам анкьа иҟаз аспектакльқәа реилыргара, ибжьаӡит, аспекталь ҭыҵаанӡа апрофессионалцәа адгаланы ахцәажәара, абри агуп, абри ԥсахтәуп ҳәа азгәаҭақәа ҟаҵаны атеатр анапы злаку аспектакль анаҩс аус адулара. Аспектакль асахьаркыратә еилазаара иаднакылаанӡа афишақәа кыдҵаны, аӡыргара мҩаԥыргоит. Сара ацензура бзиа избом, уи асовет аамҭазы аҭыԥ аман, аха иахьа арҿиамҭа абырҵкал икылызхуа дахьыҟам иахҟьаны, зны-зынла зыҩаӡара лаҟәу аспектакльқәа шедеврушәа дара авторцәа аналацәажәо ыҟоуп, ирымазкуа акритик дахьыҟам азы.

Абхазский драмтеатр - Sputnik Аҧсны
Атеатртә хынҭа-ҩынҭара, мамзаргьы аӡә аҳра ирҭон, аха изнацәкьыск ала мап икуан

Аабыкьа аԥсуа драматә театр ахаҭарнакцәа Аԥсны аҿар ртеатр арҿиаразы акритикатә ҟазшьа змаз ажәақәа "дыршәит". Ари гәалсрыла ирыдыркылеит изызкыз. Сара шәсазҵаауазар, аҩ-театркгьы русумҭақәа иобиективтәу анализ аӡәгьы ирзимуц, убри аҟынтә, аџьеибашьара иашам. Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп, ишаҳдыруа еиԥш. Аҩ-театркгьы ирымоуп арепертуар, ахәаԥшҩы алшара имоуп зегь рыхәаԥшра, аха аҽхәаԥхьыӡ ада, аналитика аҟамзаара иахҟьаны, ҳара ҳахәаԥшҩы игьама шьақәҟьар алшоит. Аҟазара лассы-лассы аҽеиҭанакуеит, убри аҟынтә, иаҭахуп аҽахьыгӡара, уҽахьыугӡарц азы, есыҽны аҵара уҵалароуп. Ари зыҩуа схаҭа, абра Русдрам аҿы Урыстәылантәи иаарго акгьы бжьасыжьыр сҭахым, избанзар, исымам алшара ианысҭаху сцаны атеатрқәа рахь аныҟәара. Ус акәзаргьы, анкьа атеатртә институт иснаҭаз агәҟәышра сзынханы сыҟоуп, сацклаԥшуеит ҳтеатрқәа рыҿиашьа, исныруеит ирыгу, мамзаргьы ирыбзоу.

Хымԥада, С.Ҷанба ихьӡ зху атеатр аԥышәа ду амоуп, уаҟа аус руеит арежиссиор изанааҭ змоу ауаа, аҿар ртеатр акәзар, иқәыԥшуп, дамам ахатәы режиссиор, ақәыргыламҭақәа ҟазҵо актиорцәа роуп, атеатр ианубаалоит арежиссиортә концепциа аҟамзаара. Ус акәзаргьы, ақәыԥшцәа ртеатраҿ иҟоуп абарҭ актиорцәа бзиақәоуп ҳәа ззуҳәаша, урҭ ирхысыԥхьаӡалоит: Мдар Сақаниа, Аслан Анқәаб, Алиас Аҩӡба, иара убас, абжьаратәи абиԥара иаҵанкуа Марина Арсҭааԥҳа. Ахәаԥшҩы азин имоуп агәаанагара аҳәара, убри аҟынтә, аҿар ртеатраҿ избахьоу рахьтә, исҳәарц сылшоит Шь. Гыцба иқәыргыламаҭа "Амцҳәаҩ даҭахуп" (Д. Псафос ипиеса ала) актуалра шамоу, ароль хадақәа назыгӡо актиорцәагьы ахәаԥшҩы игәаҿы ишынхо, идырҿио акомедиа ала. Аха, иааидкыланы ари атеатр хәаԥшҩык лаҳасабала азеиӷьшьара азыҟасҵозар, арежиссиор даҭахуп ҳәа сҳәарц сылшоит.

Зрители - Sputnik Аҧсны
Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

Аҿар ртеатр аганахь акритика аазышьҭыз аԥсуа театр ахаҭарнакцәа ракәзар, дара ртеатр аҿгьы ибзиоу шыҟоу еиԥш, иагу ыҟоуп. Аԥсуа театр аҿы абызшәа ахьысҳара ду аныԥшуеит, уи акыр изыцклаԥштәу акәны иҟоуп уаанӡатәи санҵамҭақәа рҿы ишазгәасҭахьоу еиԥш. Арежиссиор Валери Ақаҩба иакәзар, акырынтә акритика изыскхьеит, иара данахагылаз жәларык актиорцәа атеатр иахьалицаз азы. Ииашоуп, уи азы арежиссиор ацҳәа аҳәара даламгеит, аҳәынҭқаррагьы лахь дук инамҭеит, идиректорра аҟынтә 20-ҟа шықәса анҵы ихы дақәиҭыртәит ҳамҳәозар. Испектакльқәа сырзааҭгылозар, даара ауаҟьанчаҟьанбжьы рыцуп, иара ирежиссиортә цәаҳәақәа иактиорцәа механикатә ҟазшьала иахысуеит, инарыгӡо ауаҩы ихаҿра аҽҭагӡара аасҭа. Дубоит арежиссиор, актиор ихаҭара еизадоу аҟазшьа амоуп. Ақаҩба изааигәоуи иареи, ахарҽхәаразгьы хар рымаӡам, избанзар, дара зацлабуа Нхыҵ-Кавказтәи атеатрқәа раасҭа дара ҩаӡарала еиҳауп.

Аԥсуа театргьы, аҿар ртеатргьы Чехов ихьӡ зху атеатртә фестиваль аҿы иаиааины ианаалак, насоуп аҳәатәы ду анроуа. Дасу зегьы гьамак-гьамак рымоуп, аԥсуа театраҿ аус зуа арежиссиор Мадина Аргәын лықәыргыламҭақәа ирнызбаалоит сгәы зырԥхо ҟазшьак, лыспектакльқәа рҿы арежиссиор дшубо еиԥш, иубоит актиорцәа рхаҭарагьы. Ас иҟоу атеатр сара еиҳа исзааигәоуп.

Абри зегь зхысҳәаауа, акритика ацәгәаара аҭыԥан, изҳәаз дазусҭазаалак, ҳара ҳтеатрқәа иҭабуп ҳәа иарҳәалароуп. Агәаанагара профессионалтә бызшәала аҭак ҟауҵар ауеит, аҳәынҵәеигәыдҭәалара аҽаҭара аҭыԥан. Арҽхәара еиҳа бзиа избо аҟазараҿы аизҳара ицәыуадаҩхоит.

Санҿаз зны саԥхьахьан, Станиславски иҽӡаны атеатртә гәыԥқәа рҿы дшықәгылоз дақәызкыз иаб Алексеи иажәақәа: "Уара, сыҷкәын, атеатр аҿы умыхәмарыр ада ԥсыхәа умамзар, ма иеиҿкаау агьама бзиа змоу атеатртә гәыԥ уҽадкыл". Ари зысгәалашәаз, агьама бзиа акыр иаԥсоуп, агьама ҟаларц азы, иаҭахуп ахәаԥшҩы бзиа иааӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0