Ааԥсара ззымдыруа: Академик Шоҭа Салаҟаиа 85 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАаԥсара ззымдыруа: Академик Шоҭа Салаҟаиа 85 шықәса ихыҵит
Ааԥсара ззымдыруа: Академик Шоҭа Салаҟаиа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Имҩаԥысит раԥхьаӡатәи аԥсуа фольклорҭҵааҩы, аепосҭҵааҩы Шоҭа Хьыҷ-иԥа Салаҟаиа диижьҭеи 85 шықәса аҵреи иҭҵаарадырратә-рҿиаратәи ирҵаҩратәи усура 65 шықәса ахыҵреи ирызкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ААР-и АМАН-и ракадемик, ААУ апрофессор Шоҭа Салаҟаиа ииубилеитә хәылԥазы ааиртит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба. Иара далацәажәеит Шоҭа Хьыҷ-иԥа Кавказҭҵааҩык иаҳасабала иҭҵаарадырратә усура. Анаҩс ажәахәқәа аззырхиаз ажәа рыҭан.

Аԥсуаҭҵааратә институт афольклор аҟәша аиҳабы Цира Габниаԥҳа аиубилиар изы илҳәеит дышҵарауаҩ дуу.

Стопка книг на столе - Sputnik Аҧсны
Аҵарауаҩ Владимир Аҵнариа диижьҭеи 80 шықәса ҵит

"Ажәлар раҳаҭыр шьҭызхуа иоуп Адунеиахьгьы иӡырызго. Аҭҵаарадырратә дунеи аҟны иаҳаракыра дуӡӡоуп Нарҭҭҵаараҿы атеориа ҿыцқәа аԥызҵаз, аԥсуа фольклористика амҩадуахь ицәырызгаз, асаркьалеиԥш аигәныҩра ду ҟазҵаз Шоҭа Хьыҷ-иԥа Салаҟаиа. Зҳәаа ԥкым иара иусура ганрацәала аҿиара амоуп. Урҭ зегьы Аԥсуаҭҵаара ԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы ианыԥшуеит, ҳәарада", - лҳәеит лара.

Лара инарҭбааны далацәажәеит аҩажәатәи ашәышықәсазы еиҵагылаз аҵарауаа рыгәҭа Шоҭа Салаҟаиа инаигӡоз ароль, иџьабаа иаҵаз аҵакы.

"Зегь раасҭа ихадароу, уи еснагь идыруан ауаҩы иԥсырҭаҵәҟьа ахьыҟоу. Уи ахьыҟоу иҟоуп амилаҭ рыԥсырҭагьы. Убри аҭыԥ ауаҩы шаҟа дазааигәоу аҟара имилаҭгьы изааигәахоит", - абас лажәа хлыркәшеит афольклорист.

Афилологиатә ҵҭаарадыррақәа ркандидат, ААУ аԥсуа литература акафедра аиҳабы Диана Џьынџьал. Ажәахә иахьӡын "Шьоҭа Салаҟаиа – еиҳау аҵараиурҭа арҵаҩы-ааӡаҩ". Лцәажәараҿы лара иазгәалҭеит Шоҭа Салаҟаиа разҟыс ишимаз идыррақәа аҿар рымадара, урҭ реиҵааӡара.

"Шәара ишәеиԥшыз аҵарауаа, апатриотцәа роуп изыбзоуроу аамҭа хьанҭақәа рзы аԥсуа кафедрақәа раартра, аҭҵаарадырра ашьаҭа акра. Ҳажәлар ижәытәӡатәиу рфольклор иазку аматериалқәа маҷымкәа иркьыԥхьхьан аԥсуа ҵарауаа. Аха Шоҭа Хьыҷ-иԥа арҵага шәҟәы ҭижьаанӡа иреиҳау аҵараиурҭаҿы аҵара зларҵашаз ҳәа акгьы рымамызт", - иазгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Анаҩс ииасын адныҳәаларақәа рыхәҭахьы. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иҟаиҵаз адныҳәалара даԥхьеит иабжьгаҩы, апоет, апублицист Владимир Занҭариа, насгьы аиубилиар ианаишьеит Аԥсны ахада инапхаҵа сааҭ.

ААУ аректор ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит ААУ апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џьулета Адлеиба.

Владимир Ацнария - Sputnik Аҧсны
Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

Аԥсны аҵареи аҭҵаарадырреи рзы аминистр Адгур Какоба аҭҵаарадырратә еилазаара зегьы ахьӡ ала аиубилиар дидныҳәало ианаишьеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа. Аконференциа ахыркәшамҭазы Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор Арда Ашәба даԥхьеит Москватәи, Ҟабарда-Балкариатәи уҳәа аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәеи аинститутқәеи радныҳәаларатә шәҟәқәа.

Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩы хада Шоҭа Салаҟаиа ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара, иара убас Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа. Далахәуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0