Алан Макоев: аҿар адәы иацәаҳахьчоит

© Фото : предоставлено А. МакоевымАлан Макоев
Алан Макоев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҩышықәса раԥхьа Гагра араион Ахадараҟны иаԥҵан аҿар русқәа рзы аҟәша ҿыц. Уи хықәкыс иамоуп еиҵагыло абиԥара адәы рацәыхьчара, ауаажәларратә, асоциалтә ԥсҭазаара ралархәра, аусхкқәа разкра. Абарҭқәа зегьы рынагӡара ахьынӡарылшо атәы ҳзеиҭеиҳәеит аҟәша аиҳабы Алан Макоев.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Гагра араион Ахадара аҿар русқәа рзы аҟәша ахылаԥшрала иаԥҵоуп аҿартә еиҿкаара "Аԥсҭазаара". Уи еиднакылоит 120-ҩык рҟынӡа Гагреи, Цандрыԥшьи, Бзыԥҭеи, Пицундеи уҳәа рҟнытә аҿар. "Аԥсҭазаара" аҩнуҵҟа ишьақәгылоуп 31-ҩык активистцәа злахәу Апарламент. Дара зегьы рзеиԥш усеицура иалнаршоит Гагра араион аҿар ринтересқәа рыхьчареи, рӡыргареи.

Инал Гыцба - Sputnik Аҧсны
Инал Гыцба: жәларык ԥхьаҟа изго адырра ауп

2018 шықәса мацара иалагӡаны, аҿар русқәа рзы аҟәшеи, уи еиднакылоуи ирылшаз маҷым.

"Раԥхьа иргыланы иазгәасҭарц сҭахуп ишеиҿаҳкааз агәыҳалалратә акциақәа жәпакы. Аҿар рымчала еидкылан, анаҩс афонд "Кьараз" ахь ишьҭын амаҭәа ԥхақәа. Арыжәтә џьбара ыжәны амашьына арныҟәара аҿагылара аҭаразы Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа ҳацырхрааны, амҩан амашьынарныҟәцаҩцәа ишаны ираҳҭон, ари ашьцылара иарҿио амашәыр атәы зҳәоз абуклетқәа. Убас, Жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа инамадангьы, ҩаԥхьа имҩаԥаагеит акциа. Амашьына ныҟәызцо аҳәса иранаҳшьон ашәҭқәа", — еиҭеиҳәоит аҿар русқәа рзы аҟәша аиҳабы Алан Макоев.

Гагра араион Ахадара аҿар рыҟәша, аҿартә Еиҿкаара "Аԥсҭазаара" ацырхрааны сынтәа имҩаԥнагеит алитературатә хәылԥазы. Арахь иааԥхьан алитературеи, апоезиеи, амузыкеи рахь аинтерес змоу, насгьы аҟазара злоу аҿар. Дара ирыԥхьон, инарыгӡон рхатәы рҿиамҭақәа. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа хымԥада ирылҵшәахоит аҟыбаҩ ҷыда злоу аҿар ралԥшаара, реибадырра, аԥышәа аимадара.

Алан Макоев иҳаилиркааит, Гагра араион аҩнуҵҟа иҟоу аспорттә дәқәа зегьы ашәҟәы ишҭаргалаз. Наҟ-наҟ дара ргәы иҭоуп, урҭ реиҭашьақәыргылареи, иахәҭоу маҭәахәыла реибыҭареи. Имаҷӡам ахархәарахь инашьҭхьоугьы. Ақалақь аҩнеихагылақәа рыбжьара еиқәыршәоуп аспорттә дәқәа быжьба.

2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аҟны иарбоуп, Гагра араион аҟны ахәыҷҭәы ахәмарҭатә комплекс аиҿкаареи, аибыҭареи.

Аҿар русқәа рзы аҟәшеи, "Аԥсҭазаареи" ашықәс иалагӡаны изныкымкәа иалахәын асабшақәа.

"Ари акциала, ҳара араион аҟны иқәынхо аҿар зегьы идҳарбар ҳҭаххеит, ҳаԥсадгьыл ҳацхраарц зҳалшо, аӡәы идгылара адагьы", — иҳәоит Алан Макоев.

Убас Гагратәи аҿар Аԥсныи Урыстәылеи имҩаԥысуаз афорумқәа, атренингқәа, рхы рыладырхәон.

Ажурнал Аԥсынгьери аредакҭор Ахра Анқәаб - Sputnik Аҧсны
Анқәаб: алитературатә журнал "Аԥсынгьыри" аҟазара злоу аҿарацәа ааӡоит

"Ҳара ҳнапы злаку аус аҟны, аҿар аԥсшьараамҭа рзеиҿкаара анаҩс, адыррақәа арыҭарагьы ҳуалуп. Убри аҟнытә афорумқәеи, атренингқәеи рахь ааԥхьарақәа анҳарҭо, гәахәарыла аҿартә делегациа ҳашьҭуеит. Сынтәа ҳаҟан Чечентәыла, убас Москва. Аибадырра ашьҭахь, аҿар рыгәҭакқәа, рхәыцшьақәа, ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара шырбо, ргәы ззыҳәо азанааҭқәа уҳәа иалацәажәон", — ҳәа азгәеиҭоит анапхгаҩы.

Гаграгьы ирыдыркылахьеит, Урыстәылатәи аҿартә делегациақәа.

"Еиҿкааз астол гьежь аҟны, аиуристцәа ҿарацәа, убас заԥхьаҟа ари азанааҭ алзхраны иҟази еилацәажәон. Аиуриспруденциаҿы иуԥло аетикатә проблемақәа, азинхархәаратә практика уҳәа реиԥш иҟаз ахырхарҭақәа ирзааҭгылон. Аиԥыларақәа рышьҭахь, ҳасасцәа Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь ныҟәара иаҳгон. Ирзеиҭаҳҳәон, ҳтәыла аҭоурых", — ҳәа ҳаилиркааит Алан Макоев.

Аҿиарамҩа иану атуризми, асасааирҭатә уси рзы асеминарқәа мҩаԥысхьеит, Борис Кьахьыриԥа ихьӡ зху Гагратәи агуманитартә-ааглыхратә техникум астудентцәа алархәны. Аҿар ражәахәқәа рҟны, рхатәы азгәаҭарақәа ҟарҵон. Аҭоурыхҭҵааҩ Давид Канделаки напхгара зиҭо анаука-ҭҵааратә центр рыцырхрааны, "Аҭоурыхтә ҭынхеи, ԥхьаҟатәи абиԥареи" ҳәа хыс измаз анаукатә-арҵаратә лектори еиҿыркааит.

Алан Макоев иаҳзеиҭеиҳәеит аҿартә политиказы Аҳәынҭқарратә Еилаки дареи активла аус шеицыруо.

"Аԥсны раионцԥхьаӡа, аҿар русқәа рзы аҟәшақәа реиҳабацәеи, рхаҭарнакцәеи алархәны астол гьежьқәа мҩаԥысуеит. Уаҟа ҳалацәажәоит аҿар рыҩнуҵҟа ицәырҵуа апроблемақәа, насгьы рыӡбара иадҳәалоу азҵаарақәа. Зегь раԥхьа иргыланы анаркоманиеи, арыжәтә џьбара ыжәны амашьына арныҟәареи ҳрықәыӡбоит",-инаҵишьит иара.

Аҿар русқәа рзы аҟәшеи, аҿартә Еиҿкаара "Аԥсҭазаареи" Гагратәи атеатралтә студиа "Ассоли" дареи аус еицыруоит. Ишьақәдыргыларц ргәиҭоуп КВН азы араионтә команда.

Теннисные корты - Sputnik Аҧсны
Ҷыдала аимператор изы: Гагратәи аԥкьаҭ асратә дәы аҭоурых

Аҿар аспорт аҿгьы аихьӡарақәа аадырԥшуеит. Хаҭала Алан Макоев иазыҟаиҵо амҵәышәымпыл азы Гагра араионтә еизгоу акоманда, сынтәа Атәыла Ахада ихраҿеи, Аԥсны ахраҿеи ирыԥсахеит.

Аԥхынтәи аамҭазы, асасааирҭа "Абхазиа" авара иаԥҵоу апарк ҿыц аҟны аус ауан акинотеатр маҷ. Араҟа аҭыԥантәи ауааԥсыреи, асасцәеи ирыман алшара ашьапылампыл асразы адунеитә чемпионати, еиуеиԥшым асахьаркыратә фильмқәеи, амультфильмқәеи арыхәаԥшра. Ахәыҷқәа рзы еиҿкаан арлахҿыхратә усмҩаԥгатәқәа, ашашкеи, адоминои, анарди рзы аицлабрақәа. Абарҭқәа зегьы мҩаԥысуан Гагра араион Ахадара аҿар русқәа рзы аҟәшеи, аҿартә Еиҿкаара "Аԥсҭазаареи" рымчала, араионтә Еизара адепутат Реваз Бениа ицхыраарала.

Алан Макоев гәҭакыс имоуп Гагра араион аҿар ашкол иахьынӡаҭоу, раԥхьаҟатәи рзанааҭқәа ралхраҿы ирыхәаша аусхкқәа разкра. Акультуреи, аспорти, аҵарадырреи агәыбылра адыркра. Ауаажәларратә ԥсҭазаара ралархәра, агәыҳалалра аҵакы деилыркаара.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Алан Макоев Нхыҵ Уаԥстәыла, Нхыҵ-Кавказтәи ашьха-металургиатә институт аҟны ҩ-факультетк дрылгеит, аинформациатә технологиақәеи, аекономикатәии. Уажәы аҵара иҵоит Москва, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада инапаҵаҟа иҟоу Академиаҿы.

Араион Ахадара аҿар русқәа рзы аҟәша инаваргыланы, иара дзылгахьаз Гагратәи абжьаратә школ №4 аҟны, алгебреи, агеометриеи рырҵаҩыс аус иуоит, убас иазыҟаиҵоит амҵышәымпыл азы, Гагра араионтә Еизгоу акоманда.

Иахьа, аҿартә Еиҿкаара "Аԥсҭазаара" алахәцәа Алан игәра ргоит, ҿырԥшыгас дрымоуп, иажәа иазыӡырҩуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0