"Аԥсаӡ, аԥсаӡ уԥшӡаӡа…"

CC0 / / Аԥсаӡ
Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа илгәалалыршәоит лхәыҷра аамҭақәа рзы аԥсуа қыҭаҿы Ашықәс ҿыц аныҳәа гәырӷьарыла ишазгәарҭоз.

Схәыҷра ашықәсқәа зегь сқыҭа Кәтол исхызгеит,  уаҟа салгеит жәа-класск, ажәакала, ауаҩытәҩыса иԥсҭазаараҿы зегь иреиӷьу аамҭа сқыҭа иадҳәалоуп. Ашықәс ҿыц аламҭалазы, еснагь еиԥш уажәгьы, иаасгәалашәоит усҟантәи ашықәс ҿыц ныҳәақәа, уcҟан иахьеиԥш аматериалтә ганахь ала иаҩцаны иазгәарымҭозаргьы, зегь акоуп сгәалашәараҿы ихазынаны иаанхоит.

"Аԥсаӡ, аԥсаӡ уԥшӡаӡа, ԥаса угылан абна агәҭа, уажә угылоуп аҩнагәҭа…", — абас иалагон усҟантәи ақыҭахәыҷқәа ашықәсҿыцазтәи ҳашәа. Ҳара ҳҭаацәа дуун, саб иҩны быжьҩык ахшара ыҟан, аха сара ашықәс ҿыц иазкыз ашәақәа анысҳәоз, егьырҭ зегь духахьан, сара сеиҵбын аҟынтә, схала ашәа сҳәон аҩны, нас ашкол аҿы сықәгыларц азы. Усҟантәи аамҭазы асы бзианы илеиуан, исгәалашәоит ашҭаҿы асырбылгьа иалхны Аҵаа Бабаду искульптура шыҟасҵоз, нас хылԥас аведра ихаҵаны, лабыҵә хәыҷык ԥынҵас ишисҭоз, изҭасҵон иара убас ахаҳә блақәа…

Изготовление сыра - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа

Аҵаа Бабаду ҳашҭа агәаны дықәгылан, уи иааикәыршаны адунеи зегь сыла ихҟьан. Ҳашҭа аганахьшәа аԥса еиҭаҳан, уи аԥса сырхион усҟан иҟаз асаркьалых хәмаргақәеи, ақәаԥсата ҳәа изышьҭоу ацырцырқәеи рыла. Ҳмаҵурҭа абарҵаҿы ауаргьала сзыкнаҳан, уи сақәтәаны сашәа сҳәон ахьҭа шаҿазгьы. Абасшәа инхеит усҟантәи сгәалашәарақәа. Аҭаацәа ишазгәарҭоз атәы сазааҭгылозар, саб  заа ашьтәа ишьуан, нас акәац рҩаны ашықәсҿыцазтәи аишәа иахьырыгӡон. Сани сандуи еивасны, акәырмеи аҭубарқәеи аныҟарҵоз сгәалашәоит, аҭубарқәа ракәзар ахәышҭаараҿы икнаҳаны идырҩон. Иахьа шамаха иуԥымло ари ачыс хкы иацназго ыҟам аиашазы.

Ашықәс ҿыц аишәазы иршьуан акәытқәа, ма ашәишәи, ахаа-мыхаақәагьы адыргалон аныҳәа, насгьы аџьынџьыхәа, алаҳарҩа уҳәа ашшара-бзарақәа рацәаны. Аџьынџьыхәа акәзар, усҟан аԥса архиараҿы ҳхы иаҳархәон, иар убас уи аконфеҭқәагьы алакнарҳауан. Усҟантәи ахәмаргақәа зегь саркьалыхын, аԥҽрагьы рдыруан, аха сан урҭ аԥҽыхақәа ирылхны ашкол аҿы сызлақәгылоз сымаҭәақәа лырхион. Урысшәала "корона" ҳәа изышьҭоу акартон бӷьыц ыргьежьны иагәылаԥылҟон, нас аҷабга ахьшьны, асаркьалых хәмаргақәа рссаны иақәлыԥсон. Абасала, сара исоуан акыр исахьаркыз асҭыԥҳа слеиԥшызтәуаз акорона.

Усҟан амаҭәақәа иахьеиԥш унадыххыланы иуоуамызт, сан зны исзылӡахит аҵкы шкәакәа, уи сара исшәысҵон есышықәса исыцәхәыҷхаанӡа, амала, уи аҵкы есышықәса еиуеиԥшым рԥшӡагала иҳархион, ҵыԥхтәи еиԥшымхарц азыҳәан. Сан абарҭқәа анлырхиоз сара жәҩангәашәԥхьара сзыҟалон, уи лара сара сахь илымаз абзиабара иасимволын. Анаҩсан, ашкол аҿы ашықәс ҿыц ныҳәа шазгәаҳҭоз ахь сиасуазар, ҳара усҟан директорс иҳамаз Пантик Баграт-иԥа Тапаӷәуа даара аиҿкаара иазҟазаз уаҩын, убри аҟынтә, ашкол зегь ашьапы иқәыргылан иман аныҳәа ишақәнагоу аиҿкааразы. Ашкол аклуб аҿы иҳаздыргылон аԥса ԥшӡа, уи дырҩычон асаркьалых хәмаргала. Классцыԥхьаӡа идыхион апрограмма, нас ақыҭауаа зегь еизаны иахәаԥшуан.

Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны
Х-дунеик еимаздо: аԥсаӡ аҵаки уи архиашьеи аԥсуаа рдунеихәаԥшышьала

Сырҵаҩцәа ажәеинраала аԥхьара сшеилаҳуа рдыруан азы, есышықәса ҷыдала апрограммаҿы сықәгылартә алшара сырҭон, есышықәса исыԥшаауан ажәеинраала ҿыцқәа. "Асы ауеит, асы ауеит, опыжә-опыжә, ԥала-ԥала…" — саԥхьон исгәарԥхаӡаны асцена аҟынтә. Акы заҵәык иахьагьы сгәы иалоуп, усҟан афотоқәа ҭызхуаз дҳамамызт, убри аҟынтә, схәыҷра ашықәсқәа рышықәс ҿыц шьақәзырӷәӷәо афотосахьақәа сымам. Маҷк саныҩеидас, Аҵа-Бабаду ихәуцу персонажны дшыҟоу еилыскаауа саналага, сара исыӡбеит Ашықәс ҿыц азы ашколтә спектакльқәа рықәыргылара салагарц. Аԥсуа литература арҵаҩыс исымаз Асиа Артиом-иԥҳа Хышԥҳа лхылаԥшрала раԥхьаӡа иқәсыргылеит Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса "Аныхеи агәҭыхеи". Ари шықәҳаргылоз ашкол зегь ирдыруан, иара убас ақыҭауаа азҿлымҳан. Аабатәи акласс аҿы сантәаз сҩызцәеи сареи ҳахәмаруан Ашықәс ҿыцаз ҳаспектакль апремиера. Убасҟан исымаз "абенефис" иахьагьы сгәаҵаҿы иԥхарраны иҭоуп. Ишыҟалаз сыздыруам, аха усҟан апатреҭ ҭыхҩы даҳҭааит, убри аҟынтә ҩбаҟа фотосахьа нхеит.

Аиҳабыратәи аклаассқәа рҿы ҳаннеи есышықәса ашықәс ҿыц иазкыз ахәылԥазқәа ҟаҳҵон, аишәа ҳархион ишҳалшоз, ҷыдала аконцерттә программа шьақәҳаргылон, Урҭ аконцерттә хәылԥазқәа руакы акласс аҿы аҵара сыцызҵоз Баҭал Тапаӷәуеи сареи имҩаԥаҳгон. Исгәалашәоит еснагь аимак ҳаман атекстқәа реиқәыршәараҿы. Баҭал ԥыҭраамҭак Аҟәа ашкол дҭан азы, аурысшәеи, атәым бызшәеи сара саҵкыс изымариан, убри аҟынтә ихәыцуан ақыҭахәыҷы зҳәара лцәыуадаҩыз аилкаарақәа "леди и джентльмены" еиԥш иҟоу. "Иабаҳҭаху ҳара абри?" — сҳәахуан сара, иара "это не для срединих умов" — иҿыҵакын, Аҟәа дахьыҟаз ииҵақәаз шыҟоу аарԥшуа. Исҳәарц сҭахуп ҳара ҳахьырааӡоз ашкол аҿы аҟазара аганахь даара ахақәиҭра ҳарҭон ҳәа, ҳагәра ргон, ишрыҵаҳамкуаз рдыруан, ҳаргьы Ашықәс ҿыц ныҳәақәа абырҵкал икылхны ҳрызнеиуан.

Схәыҷра ашықәсқәа рышықәс ҿыц ныҳәақәа иссирӡоу сахьала еибыҭоуп, хыхь исҳәан еиԥш, малла ихыркымзаргьы. Зегь реиҳа иԥшӡаз Ашықәс ҿыц ныҳәақәа иреиуан асы анлеиуаз, сқыҭа аԥсабара сыла ианҭаҳәҳәаз. Ашкол ашҭаҿы усҟан иаацәырҵуан ахәыҷқәа рнпала иҟарҵоз Аҵаа Бабаду искульптура. Иџьоушьаша, уи аскульптура аӡәгьы иԥхасҭеитәуамызт, ус игылан аԥсҭазаара лаша иасимволны, аԥхарра иарԥсасиаанӡа. Аамҭа цеит, иахьа Ашықәс ҿыц азы имҩаԥыргоит еиуеиԥшым ашоу программақәа, ицәырҵит изҩыдоу аԥса рхиагақәа, арлашагақәа, афеиерверкқәа аха, схәыҷра иацыз аныҳәа иахьатәиқәа ирхыҳәҳәошәа збоит, иҟалап уи сықәра иахаразар, иахьатәи ахәыҷқәа рзы уажәтәи аныҳәоуп иссирны ргәалашәараҿы инхо, избанзар, аамҭа дара иртәуп. Сара сныҳәа агәалашәарақәа ршәындыҟәраҿы иҵәахны исымоуп, зеиӷьыҟам иблахкыгоу сахьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0