Габалыиа: ҳбызшәа алшара бзиаӡа ҳнаҭоит адунеи ахь амҩахыҵразы

© Sputnik / Томас ТхайцукДырмит Габалыиа
Дырмит Габалыиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа сахьаркыратә литература иазааԥсахьоу ашәҟәыҩҩцәа акымкәа-ҩбамкәа ԥсра зқәым аҩымҭақәа нрыжьхьеит. Аха изеиԥшроузеи ҳашәҟәҩыра иаҵагыло абиԥара ҿыц? Иарбан литературоу урҭ иахьа иаԥырҵо, насгьы ахьысҳара абарныԥшуеи? Абарҭ азҵаарақәа дырзааҭгылеит апоет, ауаажәларратә усзуҩы Дырмит Габалыиа. Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Дырмит, уара аус ззууа ажурнал "Алашара" аредакциа аҿар аус рыдулараҿы аԥышәа ду амоуп, убри аҟнытә уара ибзианы иубарҭоуп урҭ рхәыцшьа, ргьама. Иахьа асахьаркыратә литератураҿы зшьаҿа еихызго арҿиаҩцәа иарбан жанрқәоу еиҳа рҽыззыркуа, насгьы иарбан хырхарҭақәоу иҵегьы азхьаԥшра зҭаху?

Творческий вечер Дмитрия Габелия - Sputnik Аҧсны
Алашарахь амҩа иқәу: апоет Дырмит Габалиа ирҿиаратә хәылԥазы мҩаԥысит

- Алитератураҿы зшьаҿа еихызго арҿиаҩцәа қәыԥшқәа, сара сгәаанагарала, макьана инагӡаны иаҳҭахҵәҟьоу ҳзеилмыргацзар ҟалап. Ҳәарада, хаз-хазы досу дзызку аус идыруеит, аха азеиԥш усеиҿкаараҿы макьана хҭак аицҭаршәра ҳзазымнеиӡац. Иахьазы иҟам, мамзаргьы иахәҭам. Ҭакԥхықәра дуӡӡак ҳхахьы иаҳгар сҭахӡам, аха, сгәанала, ирызҳауеит аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аҟыбаҩ злоу, аԥсуа милаҭ литература -ус акәзар, аԥсуа бызшәа, аԥсуа доуҳа, аԥсуа ҳәынҭқарра - иаҵагылаша абиԥара қәыԥш. Абарҭ рхы ааидкыланы, алитература амаҵ аураҿы иҳалшозеи, насгьы ишԥаҳалшо ҳәа хымԥада ацәажәарақәа ҟалароуп. Егьи аганахьала: арҿиаҩы иаԥиҵаз аҩымҭа, акьыԥхьраҿы акәыз, апремиа аиуразы аҩымҭа ақәыргылара акәыз, џьаргьы ԥынгыла ыҟаӡам. Уаанӡа акритикатә статиақәа рмаҷра иахҟьоз ауадаҩрақәа ҳамазҭгьы, иахьа иҳаҩуа аҩымҭақәа еилаҳхыртәгьы аҭагылазаашьа ҟалалоит. Иара убас ашьаҿа бзиа ҟанаҵоит аҿар рпублицистика. Аха иахьа уажәраанӡагьы ихьысҳаны иаанхо апроза ауп, избан акәзар раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо арҿиаҩцәа рхыԥхьаӡара аҟнытә ари ажанр знапы алазкуа рацәаҩӡам. Аҿар макьаназы зынӡагьы ҳзызхьамԥшыц – уи адраматургиа ауп. Ари аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭра аҭо, хаҭала сара исҭахуп аҿар ҳабжьара иҵегьы аигәныҩра ыҟазар, ҳусеицура еиҳагьы амчхара ӷәӷәазарц. Ҳаамҭазы иарбан усзаалак аҟәрышь иадҳәалоуп аҟнытә, раԥхьаӡагьы афинанстә еилахарахь ухьанарԥшуеит, аха уи злаӡбахаша амҩақәагьы ԥшаазар алшоит, хымԥада. Урҭ амҩақәа рыԥшаара еснагь аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рыдҵара иашамзар ҟалап, ҳаҩнуҵҟагьы инициативақәак цәырҵлароуп.

- Амилаҭтә литература аҿиарамҩаҿы аиҭагара аус иаҵанакуазеи, насгьы уи ацхрааразы иахьазы иҟаҵои?

Вахтанг Абхазоу - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аԥҳазоу: ашәҟәыҩҩцәа рбиблиографиақәа алитература иазҿлымҳау рзы ихәарҭоуп

- Қәра дук амамзаргьы, аԥсуа жәлар ирылҵыз арҿиаҩцәа ҵабыргыҵәҟьаны ибеиоу алитература аԥырҵеит. Убри аҟнытә ҳара ҳашҭа мацара ҳҭахар ҳиашахаӡом, ҳдоуҳатә беиара анҭыҵгьы иҭыгалатәуп. Раԥҳьаӡагьы акыр алитературатә баҩхатәра злоу абиԥара еиҵазааӡаз Нхыҵ Кавказтәи ҳаиашьара жәларқәа ирызнагалатәуп. Урҭ злаҩуа, излахәыцуа абызшәеи ҳареи ҳаилибакаартә, ҳашьҭибахыртә аҭагылазаашьақәа аԥҵалатәуп. Ҳәарада, аигәныҩра аҳәаақәа амамзароуп, адунеи егьырҭ ажәларқәагьы ҳбызшәа иамоу абарақьаҭра дырбалатәуп, урҭ рыхдырра аҟынӡагьы ҳара ҳдунеихәаԥшышьа нагалатәуп. Ииашоуп, иҟәнушьартә иҟам иахьа ҳара ҳҿы аиҭагара аус иамоу азҿлымҳара, аха уи алҵшәақәа иҵегьы иаҳныԥшыр акәын ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳнапы злакузаалакгьы – ҳхазоуп, ҳаԥсадгьыл азоуп изыҟаҳҵо, аха ҳара ҳазусҭцәоу, ҳгәы иҵхо, ҳцәа ианыруа егьырҭгьы еиҭаганы идырҳалатәуп.

Ааигәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы аплан шьақәыргыланы ишьҭыхын. Аплан иацуп ахатәы биуџьет, уа иарбоуп апоезиатә цәаҳәа, иара убас апрозатә цәаҳәа хаз-хазы аиҭагара зыԥсоу. Уи иҳанаҳәоит аиҭагара знапы алаку ауаҩы иџьабааԥса игымхарц аҳәынҭқарра аганахьала ашьаҿақәа шыҟаҵоу. Акызаҵәык – аиҭагаҩ дыԥшаатәуп, мамзаргьы ихала ихы цәыригароуп. Асовет аамҭазы иҟаз аиҭагара ашкол иаҳхысхьоу аамҭа иазынхазар ҟалап, аха иара иаҳзыннажьқәаз роуп иахьа уажәраанӡагьы хархәара заҳҭо. Аиҭагара мацара адагьы, зеиԥшла уахәаԥшуазар, асовет аамҭа иахшаз аинституциақәа роуп иахьа уажәраанӡагьы ашәҟәыҩҩцәа еидызкыло, русеиҿкаара алзыршо. Аха иахьа аԥсҭазаара даҽакуп, адунеигьы аҽаԥсаххьеит аҟнытә аамҭа ашьаҿа ҳақәзыршәаша знеишьақәак аҭалатәуп. Иахьазы иҳамоу аҽалагӡарагьы аҭахуп хымԥада, аха иҳамам злаҳауша амҩақәа рыԥшаара ҳашьҭазароуп еснагь. Уи ада ԥхьаҟатәи аҿиара зыҟалаӡом, ари ԥсабаратә закәануп.

Пресс-конференция по презентации сборника стихов современных абхазских поэтов - Sputnik Аҧсны
Иҭыҵит аизга "Аҟәатәи абааш"

Хымԥада, ашәҟәҩыра аиҿкаараҿы ҳхы иаҳархәаша мыругақәак ҳрышьҭалозар, убраҟагьы иҳацхраауа ҟалоит. Иаҳҳәап, иара аиҭагара аҿырԥштәы ҳазыхынҳәуазаргьы, иахьа еиқәханы иҟоу асовет школ ацәынхақәа зегьы еидызкыло ацентр Ермантәыла аҳҭнықалақь Ереван иҟоуп. Ҳаиԥыларақәа рҿы ҳколлегацәа-аерманқәа еснагь иҳабжьыргоит аҵарахьы ирзынаҳашьҭша аҿар ргәыԥ ҳаԥшаарц. Џьара мҩақьырак ҳзырзыԥшаар, егьырҭ зегьы дара рхахьы иргоит, уи дара рыпрограмма иаҵанакуеит. Убас еиԥш иҟоуп апроектқәа, иҟоуп ауаа – аус ҳацура иазҿлымҳау, ҳацхраарагьы иазхиоу.

- Абраҟа иабанӡахәарҭахо ҳара еиҳа иҳашьашәало аҳәаанырцәтәи аҿырԥштәқәа рзааҭгылара, насгьы иҟоума иахьа адунеи аҟны ҳазҿыԥшша?

- Узҵаара инадҳәаланы, иаазгоит даҽа ҿырԥштәыкгьы. Сербиа, Банилука ихьӡ зху афонд аиҳабы Никола Вуколичи ҳареи ҳаицәажәараҿы иаалырҟьаны иит аинтерес зҵоу апроект. Иара иҳадигалеит аԥсуа поезиа асерб бызшәахьы еиҭаганы антологиа аиқәыршәара. Хымԥада, ицәырҵыз аидеиа кыр ҳазҿлымҳахеит, акыс, тәым бызшәала иҭыжьу аԥсуа поезиа ҳамаӡам, асовет аамҭазы урысшәала иҭыжьыз аизга ада. Асербқәа ргани ҳареи ҳанеиқәшаҳаҭха, ашәҟәы аҭыжьразы иаҭаху ахарџь аиҳарак афонд ахахьы иагеит, иагхаз ахәҭагьы Аԥсны амалуаа рымчала аԥшаара ҳалшеит.

Даур Начкебия - Sputnik Аҧсны
Даур Начҟьебиа ишәҟәы "Берег ночи" серб бызшәала иҭыҵит

Абасала, иахьа асербқәагьы ҳаргьы еицҳамоуп серб бызшәала иҭыжьу аԥсуа поезиа антологиа. Уимоу, афонд анапхгара иҳаилнаркааит ари аизга ҳаԥхьаҟа егьырҭ абызшәақәа рахьгьы аиҭагара ишазхиоу. Жәаҳәарада, аԥсуа поезиа ашедеврқәа адунеи иаҳауа, иаԥхьо иаҳзыҟаҵар – ҳмилаҭ литературазы адагьы ҳзеиԥш ҿиарамҩаҿгьы ишьаҿа духоит. Ҳара ҳбызшәа алшара бзиаӡа ҳнаҭоит адунеи ахь амҩахыҵразы, убраҟа аицәажәара аиҿкааразы.

Адунеи ԥхьаҟа ишцогьы ҳхамышҭлап. Ашәымҭак иааҳхашҭыр – ашәымҭак ҳаҵахоит. Еилашуа адунеи аԥсҭазаара ҳара иаҳхьымсуашәа ҳгәы иабар ҟалоит, аха уи хжьароуп. Иаҳҳәап, Иапониа, ма Китаи жәашықәсала иԥсабаратәым аинтеллект рхы иадырхәозар, иуадаҩым аилкаара уи аҩаӡара аҟынӡа ҳара ԥыҭк шҳагу. Аха убри аамҭазгьы, "урҭ абаҟоу – ҳара ҳабаҟоу" ҳәа анапеиқәыԥсара ҟалаӡом. "Китаи" ахьыҟоу – ҳҟалароуп ҳаргьы, мамзаргьы ҳара ҳахьыҟоу – иҟалароуп "Китаи". Убри аҟнытә ауаҩы изы еснагь ихәарҭоуп дзыхьӡо игәалашәалар, аха уи аҵкыс еиӷьуп дызхьымӡаз, дзыгхаз анеиликаауа. Ауаҩы ихәыцра ақьаад иану аԥҟара еиԥшӡам - ахы иақәиҭуп, аҳәаақәа ԥкӡам. Убри аҟнытә ҳхәыцраҿы ҳхы ҿаҳамҳәалароуп. Аха ҳара ҳазлацәажәо ахаҭаратә ҟазшьа змоу ацәанырра акәӡам, зегьы ҳаидызкыло, еицаҳзеиԥшу амилаҭтә хәыцра ауп. Уи ахшыҩ хьыршәыгәқәа ҳажәлар рҟны еснагь иҟан, иҟоуп иахьагьы.

Агазеҭ "Аԥсны", нас уи аԥхьаҩцәа

Амилаҭтә хәыцшьа аҵакы уаззырхәыцуа даҽа ҿырԥштәыкгьы аазгоит. Ҽнак сиқәшәеит қәралагьы имаҷым, аха зхатәы бызшәала аҩышьеи аԥхьашьеи ззымдыруа ауаҩы. Аха иџьоушьаша, сара еилыскааит абри ауаҩ ибызшәала иҭыҵуа агазеҭ иааиԥмырҟьаӡакәа и шылиҩаауаз. Дышзамыԥхьоз сдыруан аҟнытә, агазеҭ зааихәо ҳәа азҵаара ансызцәырҵ, исиҭаз аҭак саршанхеит. "Иану сзамыԥхьозаргьы, агазеҭ ахьаасхәо ала абызшәа сацхраауеит", - иҳәеит иара. Уазхәыцыр – ари имариаӡоу ҿырԥштәуп, аха ара иҟоуп хыхь зыӡбахә ҳәаз амилаҭтә хәыцшьа. Лассы-лассы аҿар рҟынтәи исаҳалоит "ҳзыԥхьаша аԥсуа сахьаркыратә литература ыҟам, ҳзыԥхьари?" ҳәа агәынамӡарақәа. Уи зҳәо Џьек Лондон диԥхьахьеит, Емиль Золиа диԥхьахьеит… Еилыскаауеит, урҭгьы ирыԥхьалатәуп, хымԥада. Аха уи аамҭазгьы ҳара тәамбашақә ҳзызныҟәаша амилаҭтә литература шҳамамгьы еилкаалатәуп. Уимоу, аԥсуа рҿиамҭақәа, иахьа Нобель ипремиа зырҭо ҩымҭақәак ираԥырымгозар, џьаргьы ирыҵахаӡом. Ҳара ҳзы урҭ иреиҳаугьы ыҟаӡам. Убри аҟнытә актәи аҭыԥаҿы еснагь иргылалатәуп ҳхатәы, нас егьырҭ зегьы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0