Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало

© SputnikАнатолий Лагулаа
Анатолий Лагулаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
1955 шықәса хәажәкыра 3 рзы иҭыҵит ажурнал "Алашара" раԥхьаӡатәи аномер. Ажурнал аиреи ашьақәгылашьеи, иахьатәи аԥсҭазаареи дырзааҭгылоит уи аредактор хада Анатоли Лагәлаа. Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Сырма Ашәԥҳа.

- Анатоли Ианкәа-иԥа, шәазааҭгыларц сҭахуп ажурнал "Алашара" аҭоурых, ишԥаҟалеи уи аҭыҵра, насгьы ахыҵхырҭаҿы игыладаз?

Ажурнал "Алашара" ҭыҵит 1955 шықәса рзы. Ажурнал "Алашара" аҭыҵра даара аџьабаа ду адибалеит Аԥсны Жәлар рпоет Дырмит Гәлиа. Усҟан уи алитературатә хәышҭаара аиԥхьышьшьаара мариамызт, избанзар ивагылоз даара имаҷын, аха зегь акоуп иара дызлагаз аус аҵыхәтәанӡа инаимыгӡар иуӡомызт, егьырҭ ҳдоуҳатә культуратә хәышҭаарақәа рҿеиԥш. Избанзар, усҟан ҿыц аҩра иалагаз ана-ара , џьарак-ҩыџьара иркьыԥхьуан, аха иааидкыланы шәҟәыкны, журналны аԥсуа қыҭақәа рҿы, аԥсуа раионқәа рҿы инеиуа акгьы ҳамаӡамызт ус еиԥш иҭышәынтәаланы. Аха иара дмыцәеит, дымтәеит, Самсон Ҷанба еиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩцәа, апублицистцәа усҟан ивагылаз, агазеҭ аҿы иҩуаз зегьы ивагылеит, убас еиԥш иаԥиҵеит ажурнал "Алашара".

Журнал Алашара - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Алашара" ашықәсазтәи апремиақәа ранашьара мҩаԥысит

- Хьыӡҳәала аредақциаҿы ивагыланы аус зуадаз?

- Аредақциаҿы ивагылеит Кәымф Ламиа, Алықьса Џьонуа, Мушьни Аҳашба, убарҭ рыгәҭа днагыланы ажурнал "Алашара" аԥиҵеит. Усҟан, шәара ишыжәдыруа еиԥш, хымз рахьтә знык иҭыҵуан жәабаҟа шықәса рҟынӡа.

- Ажәлар рҿы абжьы шԥагеи, ишԥарыдыркылеи?

- Ажәлар рҿы абжьы геит, ажәлар рҿы инеит, ажәлар иргәаԥхеит. Агазеҭ "Аԥсны" рхьаақәа шаҳәоз еиԥш, ажурнал аҿы дара рҩымҭақәа, ражәеинраалақәа, ражәабжьқәа рыла ицәырырго иалагеит ажәлар ирыгәҭыхаз, еиҳараӡакгьы ихьадырԥшит аҵара лашарахь. Уа дара рҩымҭақәа рнаҩсангьы, ажурнал ианырҵон усҟантәи аамҭа иақәшәоз, ажәлар зырҿыхоз аурыс шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа, Горки инаиркны Достоевски иҟынӡа. Урҭ ҳажәлар агәра ддыргон ишыхҵатәыз ацҳа, акультура ду ахь ишхьаԥштәыз, уи акультура ажәлар ирызнаганы, аҿар рыхшыҩ абзиарахь ицәырганы ацҳа шхырҵар акәыз, ус иагьыҟалеит. Гәылиа икаиршәыз арыц иаиуит аҿиара, аизҳара. Ҳажәлар зегьы иаразнак еигәныҩит, ираҳаит ажурнал "Алашара" аҭыҵра ишалагаз, уи алашархь ишхьаԥштәу.

Ауаажәларра-политикатә ажурнал Алашара аредактор хада Анатоли Лагәлаа. - Sputnik Аҧсны
Лагәлаа: ажурнал "Алашара" иамаз анарха амоуп иахьагьы

Убри аганахь ала, сара даара сақәгәыӷуеит усҟантәи аамҭагьы, иахьатәи аамҭагьы ирыбжьагылан, ҳажәлар рыгәҭыха, ҳажәлар иреиӷьӡоу абаҩхатәра злоу рырҿиаҩцәа, рышәҟәыҩҩцәа, рнаукатә усзуҩцәа. Дара рҩымҭақәа, ранҵамҭақәа, раԥҵамҭақәа ажурнал "Алашара" ашәхымс ихыҵны иахьа ҳаԥхьаҩ иҟынӡа инеиуеит .

- Ажурнал "Алашара" иахьатәи ауадаҩрақәа, аихьӡарақәа?

- Ажурнал "Алашара" иахьатәи аԥсҭазаара ииашаҵәҟьаны , ҳаԥсуа литература, иреиӷьӡоу ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа, ҳнаукатә усзуҩцәа, ҳҵарауаа рҩымҭақәа зныло акоуп. Иара убасгьы, ажурнал "Алашара" ирацәаӡаны аџьабаа адызҵо аколлектив ҳазегьы гәык-ԥсык ала иаҳҭахуп ажурнал Аԥсны ахы-аҵыхәа инеиларц, ус иагьыҟаҳҵоит. Ажурнал шынҭыҵлак Гал инаркны Ԥсоунӡа, Аԥсны араионқәа зегьы рҿы инеиуа иҟаҳҵоит. Аха, рыцҳарас иҟалаз, хышықәса ҵуеит уажәшьҭа, уаанӡа иҳамазҭгьы 1000 тираж, 500 хәыда-ԥсада ашколқәа рҿы инаҳгон, араионқәа рҿы инаҳгоз атираж хырҵәеит. Иахьа, 500 роуп зынӡа иҳамоу, ҩымз рахьтә знык иҭыҵуеит, шықәсык фынтә иҭыҵуеит.

© Фото : Предоставлено А. ЛагулааАжурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал Алашара еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер

Ҳгәы еихьызшьуа ажурнал ауадаҩрақәа ртәы ҳҳәозар, иахьа даара имаҷуп ауалафахәы, х-нызқь мааҭ инаркны хә-нызқь мааҭ рҟынӡа ауп ажурнал "Алашара" аусзуҩцәа ироуа. Убри аганахь ала акырынтә ҳхы еиҭаҳҳәахьеит аиҳабыра рҿы, ҳақәгәыӷуеит, "иахьа, уаҵәы" ҳәа ҳарҳәоит. Убри ӡбахар, ажурнал атираж аҭыԥ аҿы инаргар, иазыԥшу аԥхьаҩцәа рацәаҩуп, избанзар ҳара аиԥыларақәа рҿы акыр араионқәа рахь ҳныҟәоит, акультуратә ханқәа рҿы, ашколқәа рҿы, ҳамҭас иаҳгоит ажурнал "Алашара".

Джума Ахуба - Sputnik Аҧсны
Џьума Аҳәба: раԥхьатәи сҩымҭа анылеит ажурнал "Алашара" ахԥатәи аномер

- Аҿари шәареи аимадара абанӡашәыбжьоу?

- Ҳара иҳамоуп изыҩуа ажәабжьқәа, ажәеинраалақәа, аимадара бзиа ҳамоуп аҿари ҳареи, ажурнал ахь азҿлымҳара ду ыҟоуп. Анаҩсгьы, ажурнал "Алашара" зҩымҭақәа аныло Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иалаҳҵоит, рышәҟәқәа хаз-хазы иҭҳажьуеит, еиуеиԥшым аизгақәа ирнаҳҵоит, уи ҳаԥсуа культура иазхьаԥшуа зегьы рзы, анкьагьы иахьагьы ажурнал хатә ҩызаны, хатә насыԥк аҳасабала, абас еиԥш ирымоуп ҿыц иалагаз, ҿыц иҩуа аҿар. Убри аганахь ала, ажурнал аредақциа аусзуцәа аџьабаа ду рбоит. Иҟаӡам номерк, иахьа иҩуа аҿар рҩымҭақәа знымкәа иҭыҵуа.

- Ишәгәалашәома шәара ажурнал "Алашара" адаҟьақәа ирнылаз раԥхьатәи шәҩымҭа, насгьы ианбаҟалеи уи?

- Сара ибзиаӡаны исгәалашәоит раԥхьаӡатәи сажәеинраалақәа шанылаз. Саб снапы санкны ақыҭаҟынтә ақалақь ахь санааигаз, усҟан аабатәи акласс аҿы стәан. Салахәын усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла имҩаԥнагоз Аԥснызегьтәи асеминар. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс дыҟан Иван Константин-иԥа Ҭарба, сажәеинраалақәа аниба, Алықьса Џьениа ажурнал "Алашара" редактор хадас дыҟан, днеиԥхьан ус иеиҳәеит: "Абри ахәыҷы иажәеинраалақәа урыхәаԥш" ҳәа. Мызкы ааҵаанӡа сажәеинраалақәа ажурнал "Алашара" ианылеит. Убри ашықәс азы салахәхеит Аԥснызегьтәи асеминар. Асеминар аиҳабыс дыҟан Џьума Басариан-иԥа Аҳәба, ҳазегьы ҳиманы Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи ҳнеигеит Аԥсны иреиҳаӡоу апрезидиум аиҳабыс иҟаз Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба иахь. Шьынқәба иҿы инеиз ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәеи апоетцәеи сара среиҵбын. Аҵыхәтәаны зегьы ажәа рыҭо дшааиуаз, Џьума Аҳәба иҳәеит: "Иахьа, абра дҳалагылоуп ҷкәына хәыҷык, иара д-Ҷлоутәуп, дышхәыҷугьы иажәеинраалақәа зегьы ҿарҳәала идыруеит, ҳара иаҳҭахуп шәара шәҿаԥхьа жәеинраалак даԥхьарц", - ҳәа. Баграт Уасил- иԥа даара деигәырӷьаны ажәа сиҭеит. Убраҟа срыԥхьеит ажәеинраалақәа хԥа. Уи сара ахаангьы исхашҭӡом, избанзар иуҳәар ауеит, ашәҟәыҩҩцәа рахь, ашәҟәыҩҩцәа зҿу аус ду ахь агәыбылра ахьыскыз убри ахҭыс аамышьҭахь акәзар.

© Фото : Предоставлено А. ЛагулааАжурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер
Анатоли Лагәлаа: агәра ҳгоит ажурнал Алашара еснагь гәырӷьаҿҳәашаны шәыҩнқәа ишрыҩнало - Sputnik Аҧсны
Ажурнал "Алашара" раԥхьатәи аномер

Шәҳагымзааит ҳаԥхьаҩцәа, ҳара агәра ҳгоит ажурнал "Алашара" еснагь гәырӷьаҿҳәаша аманы шәыҩнқәа ишрыҩнало.

Ажәабжьқәа зегьы
0