Адгәыр Какоба дырзааҭгылеит аушьҭымҭацәа реихьӡарақәеи, аԥышәарақәа рылҵшәақәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Аҳәынҭкарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба
Аԥсны Аҳәынҭкарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭкарра Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба дырзааҭгылоит сынтәатәи аҵарышықәс шхыркәшаз, аушьҭымҭацәа реихьӡарақәа, аԥышәарақәа рылҵшәақәа, арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рԥышәа аизырҳара уҳәа азҵаатәқәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

- Адгәыр Паата-иԥа, сынтәа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны ихыркәшаз аҵарашықәс алҵшәа шәазааҭгыларц сҭахуп, насгьы аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара абанӡанаӡоу?

Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба еиҭеиҳәеит ашколхәыҷқәа рзы аԥхынтәи алагерқәа шеиҿкаахо

- Сынтәатәи аҵарашықәс хыркәшан рашәарамза 21 азы, аҵыхәтәантәи аԥышәарақәа ҭиин ашколқәа зегьы рҟны. Сынтәа ашколқәа ирылгеит 1886-ҩык, а-11-тәи акласс аҿы аҵара зҵоз аушьҭымҭацәа. Убарҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп быжьҩык медалла иалгаз аҵаҩцәа, 46-ҩык даараӡа ибзиоуп ҳәа иалгаз. Ажәбатәи акласс аушьҭымҭатә класс ҳәа иԥхьаӡоуп азы, урҭ рхыԥхьаӡара 2390-ҩык ыҟан. Сынтәа иалго 1886-ҩык аҿар рҟынтәи зегьы ицәгьамкәа рҵара хдыркәшеит, еиҳараӡак ахәшьара бзиақәа рыманы иалгеит. Урҭ рахьтә, еиуеиԥшымыз сынтәа имҩаԥаҳгоз Ареспубликатә аолимпиада, нас ауниверситет хазы имҩаԥнагаз аолимпиада иалахәыз рхыԥхьаӡара рацәан. Убарҭ аолимпиадақәа рҟны аиааира згақәаз ҳаушьҭымҭацәа рӷьырак ҳаԥсуа ҳәынҭқарратә университет иахыԥхьаӡалан аҭаларатә ԥышәарақәа мҭиӡакәа.

- Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭалаз аушьҭымҭацәа ыҟоума, насгьы ишԥамҩаԥыси урҭ уахь рахыԥхьаӡалара?

- Урыстәылатәи аҳәынҭқарра Аԥсназы иоунашьҭуа аквотақәа ҳәа изышьҭоу рыла 50-ҩык Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит. Араҟа иазгәасҭарц сҭахуп, сынтәатәи аушьҭымҭацәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи акырӡа ишеиҳау араҟа иахыԥхьаӡалоу Урыстәылаҟа иҭалахьоу раасҭа, нас иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху, абжьаратә профессионалтә ҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху, урҭ зегьы раԥхьаҟа ишьҭоуп аԥышәарақәа. Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет аҟны рашәарамза 27 инаркны иалагоит адкыларатә комиссиа аусура. Ҳгәы иаанагоит ҳаушьҭымҭацәа рӷьырак ҳаԥсуа ҳәынҭқарратә университет ахь рхы дырхап ҳәа.

- Иҟоума аиҭакрақәа, арҿыцрақәа шәызлацәажәоу азҵаарақәа рҿы?

Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Какоба: зықьҩык ахәыҷқәа ашколтә формала еиқәыршәахоит

- Сынтәа еиҳа аҿыцрақәа ахьыҟоу ыҟоуп, иаҳҳәап Урыстәылеи Аԥсныи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра. Аҵара аҩаӡара азхаҵаразы аус ауеит азы, ҵыԥх, ҵыԥхцәа, егьырҭ ашықәсқәа рзы абитуриентцәа апроблемақәа рызцәырҵуазҭгьы, сынтәа уи аҩыза ҟалаӡом ҳәа агәыӷра ҳамоуп. Избанзар, ҳазҭоу 2019-тәи ашықәс инаркны, Урыстәыла Ахада инапы аҵаҩны азакәан ҟаиҵахьеит Аԥсны ироуа аҵара Урыстәылагьы агәра агоит ҳәа. Насгьы, аиқәшаҳаҭра иақәнагоу аусмҩаԥгатәқәа ыҟоуп, убарҭ иреиуаны ҳара Аԥсны ираҳҭо ақьаадқәа, аттестатқәа роума, адипломқәа роума, Урыстәылатәи адипломқәеи аттестатқәеи реиԥш ихьчазароуп, иаҳҳәап, аӡәы иара аҩыза аҟаҵара илымшо. Убри аҟнытә, ҳара сынтәа иҭҳажьит Урыстәыла зформат ҿыцу аттестатқәа, убарҭ зегьы абыржәы рыҭара ҳаҿуп, урҭ ԥасатәи аттестатқәа реиԥш акәымқәа напыла ихарҭәаахаӡом, иҷыдоу азнеишьала ихарҭәаахоит. Насгьы иақәнагоу, иара зыхьчоу зыхә ҳараку ақьаадқәа реиԥш, аԥареиԥш ахьчагақәа амоуп, ус уахәаԥшны иузгәамҭо, аха чыдала аппаратқәа рыла иубо. Абарҭқәа зегьы сынтәа ҿыцны иалагалоуп.

- Шәазааҭгыларц сҭахуп иааидкыланы аԥышәарақәа рымҩаԥысшьа алҵшәа, иҟоу аихьӡарақәа ауадаҩрақәа ртәы?

- Сынтәа имҩаԥысыз аԥышәарақәа иаадырԥшыз алҵшәақәа уажәы ахыркәшараҿы иҟоуп, лымкаала зегьы аҳасабырбақәа ҟарымҵаӡац, аха иахьа уажәраанӡа ашколқәа рахь, аинтернатқәа рахь ҳахьныҟәоз ишаҳбо ала, араионқәа рҵара аҟәша аиҳабацәа иаарыцҳауа ажәабжьқәа рыла, аԥышәарақәа зегьы мҩаԥысит егьырҭ ашықәсқәа реиԥш, џьара ԥырхагак ҟамлакәа. Иазгәасҭарц сҭахуп, сынтәагьы иҽеимкәа аԥышәарақәа азҭазгьы шмаҷу. Урҭ, ҳара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы, 20-25 шықәса апрактикаҟны рхы иадмырхәоз аҩбатәи ашықәс азгьы класск аҟны ааныжьрахьы ҳаиасхьеит азы, сынтәагьы аԥышәарақәа ззымҭикәа иаанхақәо ҟалоит, иара убас шықәсқәак раԥхьа иалагалаз аԥсуа бызшәеи алитературеи, нас Аԥсны аҭоурыхи аԥышәарақәагьы ззымҭиқәаз, маҭәарк акәзар урҭ азин рымоуп нанҳәамзазы аиҭаҭира, убас еиԥш иҟоугьы ыҟагәышьоуп, 27800-ҩык ахәыҷқәа аҵара ахьырҵоз уи аҩызагьы ҟамлар ауамызт.

Ашколтә автобусқәа - Sputnik Аҧсны
Адгәыр Какоба: 14 школтә автобус Аԥсныҟа иаарышьҭуеит

- Арҵаҩцәа рԥышәа аизырҳаразы акурсқәа еиҿкаахоума?

- Есԥхынра ишымҩаԥаҳгоз еиԥш, сынтәатәи аԥсшьарамшқәа ирылагӡаны имҩаԥгахоит арҵаҩцәа, ааӡаҩцәа рзы рдыррақәа реиҭарҿыцра реизырҳара азы акурсқәа. Иара убас, ҷыдала имҩаԥгахоит Гал араион аҟны аус зуа арҵаҩцәа рзы. Ԥшьышықәса раԥхьа ақырҭуа бызшәала аҵара зҵоз ашколқәа рҟынтәи аԥсшәеи аурысшәеи рыла аҵарахьы ииаҳгаз арҵаҩцәа разыҟаҵара ҳаҿуп. Убри сынтәагьы иацҵахоит, уи ҷыдала имҩаԥгахоит Гал араион. Хышықәса раахыс имҩаԥаҳгон Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә университет аспециалистцәа Аԥсны иааны арҵаҩцәеи, ашколқәеи, ахәыҷбаҳчақәеи реиҳабацәеи реиҭазыҟаҵара акурсқәа. Сынтәа, ҳарҵаҩцәа рзгьы иҳармариарц ҳаӡбеит, убри аҟнытә ара Аҟәа еизганы акәымкәа, иара араионқәа рҟны имҩаԥыргартә еиԥш аиқәшаҳаҭра ҳамоуп, убригьы ҳазыԥшуп ишахәҭоу еиԥш имҩаԥгахап ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0