Ҽаӡәы иԥхӡаша злоу уӡар, иухаҳаӡом, мамзаргьы сан аӷьыч дшылкыз

© Фото : Rendiansyah NugrohoЧеловек в капюшоне
Человек в капюшоне  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩы ԥхӡашала ирҳауа аӡәы иӡаны игар, уи хымԥада ихаҳаӡом. "Ԥшӡала" ишәфааит ҳәа аӷьыч ишьҭахь изҳәахьада… Знымзар зны, уи аҳақ ихьӡоит. Абас еиԥш ахҭыс иақәшәаз узырхәыцша, аха уагьзырлахҿыхша ахҭыс ҳадылгалоит Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Акурорттә қалақь аҟны инхо ибзианы иаадыруеит уҩны иҩналаны усасцәеи уареи уандрыҳәуа атәы. Иахьа дыҟамзар ҟалап Гагра нхаҩык, аԥхынра иалагӡаны ацәыӡ змауз. Амобилтә ҭелқәа, DVD, апланшетқәа, ирықәҿиар, аԥара, ахьы, ажәакала акы иеигӡом аӷьычцәа. Аԥшәма данҿыхалак, хымԥада дашьҭалоит аҭагылазаашьа аҭҵаара, амилициа аусзуҩцәа дрыԥхьоит, аха иҟоуп "телефонк азы мацара аԥшаарақәа мҩаԥызгода" ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа рахь адырра ҟазымҵогьы.

Акурорттә роман - Sputnik Аҧсны
"Акурорттә роман" акәицқәа

"Аӷьыч ссақәа" ҳәа ақалақьуаа рыбжьара ахьӡ змоу аиашазы ишәарҭоуп. Уҩны дшыҩноу, уара уҿыхар, ишәыхҭибахуа здыруада… Иара убри ауп изызку сажәабжь хадагьы.

"Лиудмила, что с вами, вам плохо?" - ҳәа лыбжьы сарҿыхеит ҳаҩны зыԥсшьарамшқәа зхызгоз асас. "Лиудмила - ари сан лыхьӡ ауп, изакәи, мшәан, илҳәо", - ҳәа сҩаҵҟьеит, асааҭгьы сылаԥш нахызгазар, 03:40 ыҟан.

Агәашә аханы икнаҳаз алашарбага ашҭеи агәарбжьареи кахха иҟанаҵон, аха уажәы зехьынџьара иҵлашьцааӡа иҟан аҟнытә, сангьы илхагьежьуаз аԥхәыси аарла рыгагара збеит.

"Иҟалеи, мама, ибыхьи" ҳәа санлыдыххыла, лыбжьы ныҵакны, лыԥсы лылшәшәо, илызназгаз аӡы днаҿыхәан, - "ауаҩы ихы хжәан, ҳуҭра иҭаҳаит", - лҳәеит. Шәара шәазхәыц, уи аамҭазы сара сҭагылазаашьа зеиԥшрахаз…

Сан аԥсшьаҩцәа анлыдылкыло, ршәарҭадарагьы хылаԥшра алҭоит лара лтәала. Амшын ахь ианцо, "ахьы ныҟәшәымган, аԥара рацәа шьҭышәымхын" ҳәа рабжьалгоит. Насгьы, аҵыхәтәантәи атурист аҩны даҵаиаанӡа, дыцәаӡом.

Ауада ашә аартны адиуан аҿы зхы ықәызҵало сан, агәашә ахь дыԥшуа, аӡәаӡәала ашҭа иҭало лыԥхьаӡоит. Уи ауха, асааҭ 03.00 рзеиԥш, маҭәа шкәакәала еилаҳәаз Казанынтәи иаҳҭаз Вадим дааит, уажәшьҭа зегьы аҩны иҟоуп ҳәа агәашә асапат алыркызаап. Аха уи аамҭазы лара иабалдыруаз аӷьыч дыҩналкит ҳәа…

Аҩбатәи аихагылахь ихалаз аӷьыч иаразнак еиликааит аԥшәма дҩашьаны агәашә шалыркыз, избанзар аԥенџьыр аҵаҟа иҿыхаз Нинеи лареи реицәажәара иаҳаит. Сан хыхьынтәи илышьклаԥшуаз "абаандаҩы", жәабаҟа минуҭ рышьҭахь, аҽӡара иҽазишәеит. Ԥшьала, амардуан дылбааны агәашә авара ауҭраҿы иҽыԥхьеикеит, аанда схыҵуеит ҳәа. Аха, абар амықәшәатә, Дамшәи Кузеи дыркит. Алақәа ицрасуа ианалага, рышьҭыбжь цәгьахеит, "иҟалазеи" ҳәа сан аиара дылҵны даннеи, "уахынлатәи асас", исықәшеит игәахәу здыруада, аанда дахыԥоит ҳәа далагеит…

Изгәалашәо дмаҷҩымзар акәхап, ажәытәтәи агәашәқәа рышьаҟақәа наҟ-ааҟ идырԥшӡоит ҳәа бетонла аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи, ашәҭқәеи уҳәа шырчаԥоз. Ҳара ҳгәашә анаҳԥсахуаз, ирыцҳашьаны, ашьаҟа "иқәтәаз", 50 шықәса ирҭысхьаз аҳәыҳә аанҳажьит.

Камера видеонаблюдения - Sputnik Аҧсны
Ақәылаҩцәа ахьыдмырхәыр, ацәгьоура џьбара даҽаџьара ахы ыҵнахыр алшоит

Аӷьыч аанда аханы иалҳәҳәоз аҵәқәа иламларц азы, иӡбоит агәашәи ашьаҟеи рыбжьара дкыдларц. Аха знык даныԥа, иқәымҿиеит, шьҭахьҟа дкаҳаит, уимоу ашьаҟа иқәтәаз аҳәыҳә хижәеит, алашарбагагьы ԥиҽит. Убри аамҭазы агәашә ахь иааскьаз сан, алашьцара иалылбааит, зхы хжәаны икаҳаз ауаҩы игага (ихжәаз, ихагьежьааӡа иҟаз абетонтә ҳәыҳә ауаҩы ихы акәыз џьылшьеит), лыԥсгьы лылшәшәаны уааҵәҟьа дынкаҳаит. Уи ала аӷьыч аҭагылазаашьа бзиа иоуит "ишьапқәа ргаразы".

Анцәа илԥҳа лоуааит, ашьҭыбжь заҳаны игылаз сан раԥхьатәи ацхыраара лызҭаз Нина…

"Ауаҩы ихы хжәаны ҳуҭра иҭаҳаит" ҳәа исаҳаз ажәабжь саршәеит, аха иеилкаам мчык снырын, смобилтә ҭел иамоу арлашага карҷҷо агәашә снадгылазар, ҳҳәыҳә рыцҳа "шыҵԥрааз" збеит. Ианаацәылаша, анашеи ашәҭқәеи рыбжьара агәы хаххала ишкажьыз ҳнахьԥшит.

Абас сан "аӷьыч дылкит", аха дышлыцәцаз аҭоурых ауп еиҳа иухамшҭуа…

Ари ахҭыс шықәсқәак раԥхьа иҟалеит, аха ҳара лассы-лассы иаҳгәалашәоит, алафгьы ахаҳҳәаауеит.

"Аӷьыч икразы" сан аҟыбаҩ бзиа лылоуп. Уажәааигәа, Ԥсоутәи амаршруттә такси аҟны ԥсыуа ҷкәынак аԥсшьҩы иџьыба дҭалоит ҳәа дшаҿыз лбеит. "Унан, закәытә гәнаҳароузеи узҿу, аӡәы иааԥсара ухаҳаӡом, уцаны аус уур" , - ҳәа даниқәцәҟьа, "мамаша, сара сызҿуи бгәанала, аригьы џьабаауп, абаржәы шаҟа аԥхӡы сылбхыз бдыруоу", - ҳәа налаҭеикит. Амала изынхаз ламыс хәыҷык ҿыхоу здыруада, аха амашьына дҭыҵны дцеит.

Аԥсшәа еилызкаауаз уаҩ дақәтәамызт аҟнытә, ларгьы дылмыраргамеит, "ҳцәа сызԥымҽит" лҳәеит аҩны данааи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0