Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

© Sputnik / Евгений Коктыш / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбга
Абга  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Абга дақәтәоуп" ҳәа аԥсуаа ражәа иалоу амифтә ҵакы адагьы, ԥсабарала игызмалу, ауааи аҳәынҭқарра ахаҭагьи ԥырхага рызҭо, убри аан, зыхьӡ аартынгьы ицәыррымго хаҿқәак ирзырҳәоит. "Абга иақәтәоу" ареалтә аамҭази урҭ зхылҵыз амифи ртәы Елеонора Коӷониаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Абга иақәтәоу: амифи ареалтә ԥсҭазаареи

Сара сыцәаз џьышьаны, сани сандуи аҽҳәа иҽҳәатәаны ажәабжьқәа аацәырыргон. Иҳаракымкәа, еиҩцамкәа иҳазгылаз аҩны аҿаԥареи, ауадақәа хԥеи аман. Сыхдырра анышьақәгылоз аамҭазы, убри аҩнаҿы исызҳауан. Еиҳарак ахьҭақәа аныҟаз, сышьҭарҵон ауаџьаҟ ахьамаз ауада ду аҿы, нас дара аҽҳәа иҽҳәатәаны ражәабжь маӡақәа еибырҳәон сҭаацәа иреиҳабацәаз.

Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара иасимволқәоу: амреи амзеи ирыдҳәалоу амифқәа

Аиашазы, издыруа ауаа рҭоурыхқәеи, ажәытә жәабжьқәеи, ажәаԥҟақәеи еиҳарак санду Ҷаҷа Габлиаԥҳа лҟынтәоуп иахьышьҭыскааз. Иахьа сызлацәажәарц исҭаху, санхәыҷыз сзыцәшәоз, аха слымҳа кыдҵаны маӡала сыззыӡырҩуаз ажәабжьқәа ируаку "абга иақәтәаз" ирызку ауп. Саныҩеидас еилыскааит, абга иақәтәаз рҭоурыхқәа шмаҷмыз, қыҭацыԥхьаӡа урҭ амифологиатә фырхацәа ареалтә ԥсҭазаараҿгьы зны-зынла зхы зыраргамоз ракәны ишыҟаз.

Санду дызҿыз аԥҳәыс дынхон уиаҟара ауаа иахьырҿхарсҭамыз аҭыԥаҿ, уи аганахь аӡыӡлагара ахатәаразы ирлас-ырлас уахынла ицалон ақыҭауаа. Нанду аҽҳәа дахьыҽҳәатәаз сан илзеиҭалҳәон лабҿаба абга алақәа цырцыруа, ҽынла иаабац ԥҳәысны, уахынла абга зҽамаздоз лара хаҭала дшылбахьаз атәы.

Лара дызҿыз сара сылхаануп, аха дсымбацызт, "абга дақәтәоуп" ҳәа ирҳәоз ада машәыршақәгьы ақыҭа агәахьы днеиааиуа сгәалашәом. Сагьлыцәшәон, аха дызбаргьы цәгьа избомызт. Дызбарц сҭахын, аха ҽынла лара дныҟәаратәы дыҟамызт, ақәрагьы лоухьан, хәылбыҽхала анышәынҭрақәа рганахь арахә раацара ансыдырҵоз, сагьшәон, абга алақәа кәеицеиуа, лара амиф ҟазшьа змаз аԥхәыс дақәтәаны дышьҭхысаа дшааиуа дысӡывасыр ҳәа. Сшәон, аха усгьы, адҵа ансырҭалак, ҳарахә аҩныҟа раацара ҳәа сцон, сзыцәшәоз абга иақәтәаз схаҭагьы сылақәа дырбар цәгьа исымбо…

Ԥхыӡлагьы уи абга иақәтәаз данызбалоз ыҟан, сцәырҳангьы егьарааны сааԥшхьан. Нанду ишылҳәоз ала, абга иақәтәаз лыбга арахә абораҿы аԥхасҭа анрынаҭоз ыҟан, аха уи лара лхаҭа илҭахны акәымкәа, хыхьынтә илоуа мчык ала, абга ныҟәылцоит ҳәа иԥхьаӡан. Амиф мифуп, аха нанду акыр ишьақәырӷәӷәаны, исахьаркны, акәасҭӷақәа днарыха-аархо еиҭалҳәон лымаӡа жәабжь.

амхы - Sputnik Аҧсны
Аӷьычреи ақәычреи, мамзаргьы чеиџьыкала ахьырхәра

Аԥсуа жәлар рмифологиатә ҳәамҭақәа ҳарзааҭгылозар, имаҷым "абга иақәтәаз", "ацгәы иақәтәаз" ма "ақәыџьма иақәтәаз" ирызку анҵамҭақәа. "Уахык иҟалеит алашара ӷәӷәаны нхаҩык иҟны. Ддәылҵит ишәақь аашьҭыхны. Ирахә абга рылалан иҟан. Абга иақәкны дхысуеит. Ианааша, игәыла дыхәны дышьҭан". Амифқәа рҿы ишаабо ала, "иқәыџьма ушьыр, иаргьы дыԥсуан", избанзар иԥсы ақәтәан ҳәа иршьон.

Аҵарауаа ранҵамҭақәа рҿы иара убас ҳаԥхьоит "ари ауаҩ иқәыџьма аныршь рацәак нимҵит" ҳәа, уимоу ибга аныршьлак ашьҭахь "абнаҿы дцаны дууан" аҳәоит афольклортә нҵамҭақәа руак.

Нанду лажәабжьқәа иаадырԥшуаз ахаҿсахьа акыр ирзааигәоуп еиқәырхоу амифқәа, аха лара мифҵас еиҭалҳәомызт "лыбга алақәа кәеицеиуа, инасывҟьаны ицеит" ҳәа ишьақәлырӷәӷәон. Аиашазы, ҽынлатәи аԥсҭазаараҿы урҭ абга иақәтәаз иаабац ауаа иреиԥшзаргьы, зегь акоуп ауаа урҭ ирыцәшәон "дгызмалуп, абга дақәтәоуп" аҳәоит инхаз аҳәамҭақәа рҟынгьы.

Сара схәыҷра иннажьыз агәалашәарақәа рҿы абга иақәтәаз аурыс лакәқәа рҿы иаҳԥылоз "Баба Яга" длеиԥшны дынхеит. Ифархьыз, зԥынҵа агәы ылганы иҟаз ԥҳәысны иҭысхит лсахьа схаҿы. Иахьатәи аамҭазгьы Аԥсны ақыҭа ҿаҩақәа ируаку аҿгьы дыҟоуп рҳәоит абга иақәтәоу, ақәра ду нызҵхьо.

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Ирҳәоит ауп, аԥхасҭа уажәтәила изылҭахьоу иӡбахә ҳмаҳацзаргьы. Иҟалап, ӡызлан лаамҭеи лымчи шцаз еиԥш, абга иақәтәоугьы амифтә ҟазшьа змоу рдунеи уажәшьҭа иԥсасизар, урҭ иахьатәи аамҭазы ԥхасҭас иҟарҵо аӡбахә злаҳмаҳауа ала.

Ииашоуп, уажәтәи аамҭазы, дара абгақәа ракәзар, ауаҩытәҩыса инхарҭақәа рахь иааскьаны аԥхасҭа ҟарҵоит, ашәарыцаҩцәагьы урҭ рышьҭа ихуп. Ус акәзаргьы, исҳәарц сылшоит абга ақәтәара атрансформациа ахьзар ҟалап ҳәа. Санду лдунеи анылыԥсах ашьҭахь, сан ирлас-ырлас лажәа иалаҵаны илҳәалон "уи абга дақәтәоуп" ҳәа. Аха, уи ззылҳәоз, уахынла абга зҭаауаз, уи "кәадырны" иақәтәоз ракәмызт, уи ззылҳәоз, иаҩысҭааз, зыхшыҩ зхазы ицҳафыруаз, аԥсҭазаара џьара акы ампыҵызԥаауаз ракәын.

Аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаараҿы "абга иақәтоу" захьӡу аилкаара актуалра ацәымӡӡеит, избанзар, урҭ абгахаҭа ахаан ирнымиацзаргьы, ԥсабарала ирылоуп агызмалра, ауааи, иара аҳәынҭқарра ахаҭагьы аԥырхага рырҭоит, иара убри аан, анкьеиԥш, рыхьӡ аартынгьы ирҳәом, избанзар, азакәан дара акӡом, ус мифҵас ауаа инеибырҳәоит акәымзар. Иахьатәи "абганыҟәцаҩцәа" рзы ихәмарны ирҳәалоит акы иақәтәоуп, даҽакгьы рывакуп.

"Ҳаи, исыхьзеи, анаџьалбеит, сзыцәшәазеи? Саныласкьа, ақәыџьма дуӡӡа ҭаҳмадак дақәтәан даауеит, аԥҳәыс кас ыҟами, абри ахәда иахаҵаны, иӷәӷәаны иҿаҳәаны, ишьапқәа гьалгьало даасԥылт. Ашьшьыҳәа дласаҩсын, саргьы алада сынҭалт. Иаргьы дыздырт. Абас ԥшьбаҟа верс дцахьан еиԥш аан, ахысбыжьгьы геит, алақәагь шит, жәыкгьы рфеит", - аҳәоит амифтә жәабжьқәа руакы.

Исашәымҳәан амиф ҵаҵӷәыдоуп ҳәа. Ареалтә ԥсҭазаараҿы "абга иақәтәоу" ирызку ацәажәарақәа рҿгьы ажәлар иаарылаҩҩуеит "аҳәынҭқарра аԥхасҭа аиҭеит, ифеит, азинхьчаратә усбарҭақәа ишьҭа ихуп" хәа. Аха нас, санду лажәабжьқәа рҿы ишыҟаз еиԥш, акымзарк ҟамлазшәа иахьатәи абга ақәтәаҩцәа рус ааҿыцәоит, аԥхасҭа иҟарҵазгьы мифушәа иааҟалоит, даргьы леиҩеиуа аполитикеи, иара ус ҳаԥсҭазареи ирылоуп, алахьынҵақәа ӡбауа.

Схәыцуеит, исгәалазыршәазеи абга иақәтәоу рҭоурыхқәа? Ахәыҷра агәхьаагара, мамзаргьы "абга иақәтәоу" аԥсуа ԥсҭазаараҿ рырацәара?! Аҩбагьы еицызар ҟалап. Абга ыҟазар, иақәтәогьы дҟалашт…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0