Атрансформациа зыхьыз атрадициақәа: аԥсуаа рмыткәмаҳәара иаци иахьеи

© SputnikАтрансформациа зыхьыз атрадициақәа, ма аԥсуаа рмыткәмаҳәара иаци иахьеи
Атрансформациа зыхьыз атрадициақәа, ма аԥсуаа рмыткәмаҳәара иаци иахьеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ашьҭахь, ақыҭаҟынтә ақалақь ахь аемиграциа ҿио ианалага, абызшәатә культурагьы, уи иадҳәалоу атрадициақәагьы рцәаара ҳнахьыԥшуа мацара иааҟалеит. Абызшәа анхьысҳаха, ихьысҳахоит уи иадҳәалоу амилаҭ ирҟазшьарбагоу аабыкьанӡа еиқәханы иҟаз ажәытә традициақәа.

Саныхәыҷыз аԥсрақәа рахь сыргомызт аҟынтә, раԥхьаӡа амыткәма рҳәо исаҳаит ҿыц здунеи зыԥсахыз иҳаҭгәын игәакьацәа анаҭаауаз. Ҳара ҳахьынхо иацәыхарамкәа иҟоуп Коӷониаа рнышәынҭрақәа ҳәа изышьҭоу, убрантә иааиҩуаз акыр еиҿартәны иҟаз атекстқәа слымҳа иҭасуан аҩны сахьыҟаз. Схәыҷын, аха исгәалашәоит заҟа игәыҭшьаагаз, заҟагьы еинрааланы иҵәыуоз усҟан аҳәсақәа. Амыткәмаҳәаҩ дааигәаны дызбеит 16-ҟа шықәса анысхыҵуаз санду даныԥсыз, анаҩсан саб идунеи аниԥсах ашьҭахьгьы.

Ачысхаақәа - Sputnik Аҧсны
Иҵасхәым ачыс, мамзаргьы ачгахьа аҽшаԥсахыз

Усҟан исымаз агәырҩеи сқәыԥшреи исырҭомызт урҭ атекстқәа ргәынкылара. Даара ихыркны амыткәма лҳәон Коӷониа Виктор иан Буца, иара убас, цәгьа лыбжьы хааны, еиҿартәны саби сандуи лҵәуон Магәа Коӷониаԥҳа. Сара ишысгәалашәо ала, иара ус имыцхәыз, иаҭахымыз ажәакгьы аларҵомызт, иӡырыҩуазгьы қьызқьызыртә игәырԥшааган.

Иахьа акыр зҽызыԥсахыз, мамзаргьы шамаха иуԥымло акоуп амыткәмаҳәара. Уи ҳара ҳаиԥш измоу амилаҭқәа маҷым, аха иаҳҳәар ҳалшоит, алыԥсаа дзауз изкны игәыҭшьаагоу амыткәма аԥсуаа рҿы акыр зҵазкуа акәны ишыҟаз. Афольклорист Валентин Кәаӷәаниа иусумҭақәа рҿы иазгәеиҭоит: "Аԥсуаа рҵәыуарақәа ҩ-хкыкны еихшазар ауеит: аҭоурыхтә-фырхаҵаратә ашәақәа зхылҿиаар ауа (жәлар рыхьчаҩцәа ирызку) аҵәыуарақәеи дарбанзаалак иԥсыз ауаҩы изынархоу аҵәыуарақәеи. Актәи ахкы иаҵанакуа арҿиамҭақәа иаҳа атрадициатә хаҿсахьақәа рыла ишьақәгылоуп, ажәларгьы ирылаҵәан иҟоуп, егьи, аҩбатәи ахкы иатәу аҵәыуарақәа ракәзар, иналкааны аимпровизациатә ҟазшьа рымоуп, насгьы иаҳа аиндивидуалтә рҿиара иахҟьаԥҟьоуп", - ҳәа.

Народные обряды - Sputnik Аҧсны
Аԥсра иахыԥаз иныҳәара: адгьыл ахыԥареи асимволикатә ԥсыжреи

Иахьа афырхацәа рҭахара иадҳәалоу амыткәмақәа шамаха аԥсҭазаараҿы излаҳԥымло ала, аԥсрақәа рахь ҳахьныҟәо иҳаҳауа афольклорист дызҿу аҩбатәи ахәҭа иаҵанакуа ауп. Жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизгамҭақәа рҿы иаҳԥылоит абас еиԥш иҟоу атекстқәа:

"Ҽнактәи уқәгылара аӡә даԥсан, саб!

Аизараҿы узлатәам ус рыӡбомызт, саб!

Иагьараан, умнеиргьы, ухьӡ ҳәаны,

– Уи дааип, шәаангыл! – ҳәа иузыԥшуан, саб!"

Иахьатәи аамҭазы еиҳарак ақалақь аҿтәи аҵәыуарақәа урышьклаԥшыр, игәоумҭарц залшом, абызшәа азымдырра иахҟьаны, аҳәсақәа, ма аҭыԥҳацәа урысшәала амыткәма аҳәара ишалагаз. Амыткәма амилаҭқәа зегь ирымоуп ҳҳәазаргьы, аԥсуа мыткәма, аԥсуа хазырхатә мотив аԥсуа бызшәа ада акгьы иазышьҭыхуам ҳҳәар ауеит. Иара аԥсшәа бзианы издыруагьы амыткәма еиҿкааны зегьы ирызҳәом, аха урысшәала амыткәмаҳәара акыр ихьысҳанатәуеит ҳҵәыуаратә культура сгәахәуеит.

137 шықәса зхыҵуа Хьфаф Лашәриаԥҳа аҿар ирымалдоит ҵҩа змам лыԥсҭазааратә ԥышәа - Sputnik Аҧсны
Аамҭа иагаз ақьабзқәа рызхьаара

Иаазгарц сҭахуп ақалақь аҿы рмыткәма иалаҵаны ирҳәо, игәныскылахьоу атекстқәа. Зашьа дыԥсыз аӡәы лмыткәма иалан "нан, нан, наш корабль утонулся". Лара илҳәарц илҭахыз "ҳаӷба ӡааҟәрылеит" ҳәа акәын. Аха аԥсшәа ззымдыруагьы еилыркаап ҳәа ибзианы илзымдыруаз аурысшәахь еиҭалгаз лажәа акыр иарччархәуеит аҵакы.

Исаҳахьеит иара убас ирҳәоны, зыԥшәма дыԥсыз ԥҳәыск "ты такой заботливый был, где я такого найду", - ҳәа лхаҵа дылҵәыуон ҳәа. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, аԥҳәыс лхаҵа дылҵәыуомызт, уи ԥхашьароуп ҳәа иԥхьаӡан, иҩбахаз, зхаҵа дыԥсыз аԥҳәыс ицымхәра иԥшаара дазхәыцуашәа иҟалеит.

Атрадициақәа атрансформациа захьӡу анрыхьлак, абас рҽеиҭаркуеит, жәлар рдоуҳа шьагәыҭс измаз ахырхарҭақәа жәпакы. Аԥсшәа ззымдыруаз даҽаӡәы лаб дҵәыуо "ты умер, а все гады живут", - лҳәеит, ҵәыуара инеиз ауаа днарылаԥшуа.

Аҽыуаҩ - Sputnik Аҧсны
Ашәаџьҳәареи адышшылареи

Ирацәоуп ас еиԥш иҟоу аҿырԥштәқәа, амыткәмаҳәара ииасуа традицианы иҟалоит ҳәа узырҳәаша. Сара хаҭала абызшәа азымдырра иарҿиаз рыцҳароу џьысшьоит ари, избанзар абызшәеи ахәыцреи еидхәалоуп, даҽа бызшәак ала ухәыцны, ухатәы традициақәа рынагӡара уадаҩуп.

"Ажәытәӡаахыс аԥсуаа ирыман "аԥсы дзыргылоз" ҳәа ззырҳәоз аҳәса-аԥсҵәыуацәа: Жьиԥҳа Гәдиа, Аргәынԥҳа Доу, Адлеиԥҳа Надшьа, Амҷԥҳа Вера уҳәа убас аӡәырҩы", - иҩуеит афольклорист Кәаӷәаниа иусумҭаҿы. Ҳазҭагылоу аамҭа акәзар, иуадаҩуп иахьатәи амыткәаҳәаҩцәа рсиа ацәыргара, иҟазаргьы, аӡәы-ҩыџьа, егьырҭ даҽа бызшәак шьҭызкааз рмыткәма акыр ихьысҳауп, "аԥсы даргыло" иҟагәышьам.

Ажәабжьқәа зегьы
0