Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи

© Sputnik / Бадри ЕсиаваҞәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи
Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара иадгылоу аԥшьгаратә гәыԥ ауаажәларра ирԥылеит ажьырныҳәа 21 рзы. Аиԥылараҟынтәи ихадаз азгәаҭақәеи 20-тәи ахәҭаҷ алхрақәа рҟынӡа Апарламент иаднамкылар иҟалар зылшо ахҭысқәеи дырзааҭгылоит Елеонора Коӷониаԥҳа.
Ҟәардәк аӡәы иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара, мамзаргьы 20-тәи ахәҭаҷи аиҭалхрақәеи

Иацы Аҟәа, асасааирҭа "Атриум-Викториа" ахыбраҿы имҩаԥысит Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара азҵаара хацзыркыз ахаԥшьгаратә гәыԥи ауаажәларреи реиԥылара. Иубарҭан ари аидеиа иадгылоз рыбжьара ишыҟаз еиуеиԥшым аполитикатә гьама змоу ауааԥсыра, акызаҵәык - иара адкылара зыхәҭоу Жәлар Реизара адепутатцәа 35-ҩык рахьынтә аӡәымзараӡәы аамҭа имоуит уахь анеиразы ҳамҳәозар.

Жәлар Реизараҿы ари азакәан, ахыцқәа аартны иаҳҳәозар, "аусура ирыдыркыло ачынуаа рмазаразы адекларациа ахарҭәаареи еицлабра ҳасаблеи ауаа аусура ргареи" ирыдҳәалоуп. Аидеиа ахаҭа быжь-шықәса ахыҵуеит, аҩбатәи аԥхьарала Апарламент иахрыжьхьеит, аха аҵыхәтәанынӡа ирызнамгеит, иаахтны иаҳҳәозар идыргәагәоит.

Аиԥылара аиҿкааҩцәа иреиуоу, аидеиа ахаҭа авторцәа ируаӡәку Асҭамыр Какалиа иазгәеиҭеит, изхәаԥшхьо азакәан аҿы иазгәаҭазарц шхымԥадатәиу "ихарҭәаау адекларациа апрезидент иусҳәарҭахь акәымкәа, ашәахтә маҵзура аусбарҭахь ишьҭны, насгьы ауаа ирбаратәы асаитқәа рҿы иқәыргылазарц шахәҭоу", иара убас, "змазара зҵәахырц згәы иҭазкыз ачынуаҩ ахьырхәра иоурц, уаҳа чынуаҩыс аҟаларагьы илымшо дҟаларц" азы азакәан алагалақәа шаҭаху рыдыркылаанӡа.

Ари азакәан адкылара хымԥадатәиуп ҳәа изыԥхьаӡо, аизараҿы иқәгылоз аӡәзаҵәык ԥсышәала ицәажәоз Џьансыхә Адлеиба "ҳаԥсадгьыл ҳампыҵҵәрааны ацара иаҿуп, Аԥсны аҵаӷьычра гәнаҳароуп" иҳәеит, ҳтәыла акоррупциа ахыҵәаны иҟоуп ҳәа ипозициа аарԥшуа.

"Аҩны утәаны уԥсадгьыл узацхраауам. Апарламент абри азакәан иахаҵгылааит. Атыша ҳҭадыртәеит, уажә иааиуагьы ҳҭыгара акәымкәа, анышә ҳақәрыԥсоит", - ҳәа ҿыӷәӷәала дцәажәеит Адлеиба.

Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго - Sputnik Аҧсны
Аӡынтәи ареволиуциа ахыԥша, мамзаргьы иахьа иҟаҵатәу уаҵәахьы ианахуго

Аизараҿы иқәгылоз зегьы еицҿакны иазгәарҭеит Аԥсны ахада иеиҭалхра ҟалашьа амам, 20-тәи ахәҭаҷ рыдрымкылакәа ҳәа. Азиндырҩы Александр Басариа ицәажәараҿы иаликаааит "азал аҿы депутат зхыло дшыҟам", азакәан здызкылараны иҟоу ари хыхьс ишрымам аарԥшуа. Наира Амалиапҳа лакәзар, "ари азакәан хымԥадатәиуп ҳаԥсадгьыл аԥсы ахаҵаразы" ҳәа азгәалҭеит. Иқәгылоз зегьы ражәа иалан "аиҭалхрақәа ҟалашьа рымам, абри азакәан рыдрымкылакәа" ҳәа.

Акыр ухаҿы инхаратәы иҟан Анзор Адлеиба иазгәаҭа: "Ҳара хреволиуциақәа аӡәы ҟәардәк иҵхны даҽаӡәы иҵаргылара ауп хықәкыс ирымоу". Уи еизаз напеинҟьарыла ирыдыркылеит. Ицәажәоз иазгәарҭон, апрезидентцәа лассы-лассы иҳаԥсахуазаргьы, акоррупциа кьыс амамкәа ишынхо, уи ҳтәыла шыҵнашәаауа.

Аҳәара уадаҩуп Жәлар Реизара адепутатцәа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара иахыццакуеит ҳәа, уи ахьдыргәагәо маӡас иаҵоугьы макьана аилкаара уадаҩуп, аха, сахьахәаԥшуа, иҟалап ари аус аур, изԥырхагахо рацәаҩхаргьы. Хымԥада, ажәлар рмал иалабылгьахьо зларацәаҩу ала, аԥхасҭа знаҭо дҟаларгьы ауеит. Аполитикатә қәԥара еснагь амчрахь анеироуп иззырхо, ҳгәы злазҩо ала, амчра ауаҩы инаҭоит абзазара бзиа, уантәи амла иакны ицахьо азлаҳзымдыруа ала.

Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара - Sputnik Аҧсны
Амчра агара мариоуп, аха аныҟәгара цәгьоуп: аибарххарақәа рзы агәаанагара

ЕАР аконвенциа 20-тәи ахәҭаҷ адкылара иадгыло ридеиа иацәхьаҵырц ргәы иҭам, адепутатцәа аизарахь имнеизаргьы, Апарламент ахыбра ахьыҟоу шырдыруа аарԥшуа, еицҿакны ирхәеит "аиҭалхрақәа ҟалом, ари азакәан рыдрымкылакәа" ҳәа.

Аӡынтәи ареволиуциа еиқәтәеит, апрезидент ԥхьатәара дцеит ҳәа згәы иаанаго адепутатцәа ыҟазаргьы, ҳазлацәажәо азакәан адгылаҩцәа урҭ ргәашә алагылара ргәы иҭоуп, иалшоит акоррупциа аҿагылара атема зҵаара хаданы иқәгыларгьы апарламентуаа рҿаԥхьа.

Ииашаҵәҟьаны, ҵакыс иамоузеи амчра аԥсахра, уи злеибарку акоррупциатә шьагәыҭ ԥсахра амоуазар?

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0