Абасгьы ҟалахьеит: акомедиа аеҵәахә Хәыта Џьапуа игәалашәара иазкны

© Foto / Screenshot: Мосфильм (1989)Хута Джопуа. Кадр из фильма "Созвездие Козлотура"
Хута Джопуа. Кадр из фильма Созвездие Козлотура  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Хәыта Џьапуа диижьҭеи 90 шықәса аҵра инамаданы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит иара актиоррахь дназгаз ахҭыс, иара убас илгәалалыршәоит жәлар рартисти лареи афильм "Абасгьы ҟалахьеит" аҟны рҭыхрақәа шыҟалаз атәы.

Иҟоуп звысра сылымшо аҳәатәы. Хәыта, абас уҳәаргьы азхон, избанзар дыҟамызт даҽаӡәы зыхьӡ мацаралагьы ирдыруаз. Хәыта Џьапуа - адунеитәи акинематоргаф иашьашәалаз актиор, зыԥсҭазаараҿ акомедиа еиԥш адрама мҩаԥысуаз, аха еснагь зхы-зҿы лашоз. Зынӡа дузымдыруа амҩан даауԥыларгьы, асцена иатәу шиакәыз уныруан.

Хәыта Франкьыл-иԥа исиҭахьаз аинтервиуқәа руак аҿы иҳәахьан атеатр ашҟа инеира шыҟалаз. "Ҽнак зны ақалақь агәы салсны сышцоз, аӡәы сықәҿиҭит", - иҳәеит Хәыта. Убри аамҭазы Аԥсны кинок ҭырхуазаарын. Ақалақь иалаз арежиссиор иассистентцәа руаӡәы зԥынҵа агәы ылганы, зсахьа ҭырфаҷа иҟаз ахаҿсахьа аниба, "абар актиор дахьнеиуа" иҳәазаап. Уи акәхеит, ақыҭаҟынтә ақалақь ахь зхатәы мҩа алхра иааз арԥыс иҭырхуаз афильм ахь амассатә сценақәа рылахәхаразы ааԥхьара ирҭеит. Абасала, атеатр зда ихәарҭамыз ауаҩы иԥсҭазаараҿы иаатит ихадаз даҟьак.

Хәыта Франкьыл-иԥа, асовет аамҭазы ашкол иҭаз ахәыҷқәа зегь реиԥш, сара раԥхьаӡа дызбеит аминиатиурақәа ртеатр "Чарирама" иҳаднагалоз арҿиамҭақәа рҿы. Сгәалашәарақәа еизыркәкәаны сцәажәозар, Хәыта Џьапуа атекст имамзаргьы, иара ус асцена даақәларгьы, ицәажәон иԥсабара. Ихы-иҿы ааизыхәхәаны, иԥынҵа ылганы, цәажәарадагьы ахәаԥшҩы дхызхуаз актиорын.

Хута Джопуа - Sputnik Аҧсны
Аҟазшьақәа зегьы рыԥсы рхазҵоз: Аԥсны жәлар рартист Хәыта Џьапуа игәалашәаразы

Асовет аамҭазы аԥсуа актиорцәа ирымамызт атәыла анҭыҵ аҽҟьарҭақәа, мамзар Хәыта Џьапуа иреиӷьыз арежиссиорцәа рзы зеиԥшыҟамыз персонажхон. Исҳәарц сылшоит Хәыта Џьапуа заҵәык изы италиатәи арежиссиор Федерико Феллини иперсонажцәа иаарыдҩылоз иакәын ҳәа. Насыԥуп ас еиԥш иҟаз аҟазацәа аамҭак иахьҳацаныз, ҳрыдтәаланы акаҳуажәра азин ахьҳауз, рлаф агьама абара ахьҳалшаз.

Раԥхьаӡа Хәыта Франкьыл-иԥа иааигәаны дызбаратәы алшара соуит 1985-тәи ашықәсқәа рзы. Хәыта усҟан атеатр аҿы аус иуӡомызт, аха арежиссиор Валери Ақаҩба ааԥхьара ииҭоит иқәиргылоз Карло Гольдони икомедиа "Кьоџьаа рҭыӡшәа" аҿы аӡбаҩ Исидоро ироль дыхәмарырц. Акомедиа аԥсшәахь еиҭазгаз сара актриса қәыԥш зласакәыз ала, арепетициақәа срылатәан, актиор иусушьа сахәаԥшыртә алшара сыман.

Акулиса анҭыҵтәи аԥсҭазаара салацәажәозар, исҳәарц сылшоит Хәыта имырхьаакәа ироль аԥштәқәа азиԥшаауан ҳәа. Ишысҳәахьоу еиԥш, Исидоро исахьа аҭыхразы Хәыта ус асценахь ицәырҵра мацара азхон. Ари акомедиа апремьера аныҟаз ахәаԥшцәа еизаз ҵҩа рымамызт, Хәыта Џьапуа дырҩегьых асценахь дцәырҵит ҳәа заҳаз ауаа ныҳәаҵас ирыдыркылеит.

Шьалуа Гыцба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гыцба Хәыта Џьапуа инаигӡоз ахаҿсахьақәа рзы: ацәаныррақәа рацәаны иузцәырыргон

Сықәра иахҟьаны сара сырхааным арежиссиор иаҳасабала Хәыта атеатр аҿы иқәиргылахьаз, аха иалкааны Гарсиа Лорка иҩымҭа "Ишьаарҵәырахаз ачара" иалхны иқәиргылаз аспектакль аӡбахә рҳәоит иахьагьы.

Асценаҿы икомедиатәу хаҿны дшыҟаз еиԥш, аԥсҭазаараҿгьы, амыҟәмабара атәы далацәажәозаргьы, ииҳәоз зегь лафла ихырҷан. Сара ишыздыруа ала, Хәыта Франкьыл-иԥа ивымсит атеатртә хынҭаҩынҭарақәа, уи иахҟьаны 1970-тәи ашықәсқәа рзы иусура аанижьыр акәхеит. Анаҩсан аибашьра иалагаанӡа аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы.

Аҳәара сцәыуадаҩуп, избан актиортә ҟазара ала иалагаз Хәыта Џьапуа арежиссурахь дзиасыз, аха иара Анцәа дишеит дактиор хаҭаны. Арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа иҭихыз афильм "Напыхьараџь" збахьоу ари агәаанагара дақәшаҳаҭымхарц илшарым. Акадр аҿы Хәыта Џьапуа ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иааирԥшуа аамҭа дасимволны дыҟоуп, акомедиа ала ихәашьыз уи аамҭа аԥсҭазаара аганқәа ируаку цәыригоит.

Сколонкаҿы хықәкыс исымам ҵҩа змам актиор ирольқәа реиқәыԥхьаӡара, мап, мап, уи зегь аенциклопедиақәа ирнуп, сара еиҭасҳәарц исҭаху аԥсуаа еснагь ҳхьыршәыгәқәа рыхьчара шаҳцәыуадаҩу ауп. Избан асценаҿы аҳра зуаз актиор, арежиссиор 20 шықәса инареиҳаны агазеҭ "Аԥсны" атранспорти ааглыхреи рыҟәшаҿы аусура зиқәашьхаз? Аҟаза ихьчашьа ҳақәшәом азы…

Хәыта Џьапуа аспектакль "Кьоџьаа рҭыӡшәаҿы" рацәак днымхеит, аҳәара сцәыуадаҩуп уи ҵаҵӷәыс иаҵаз - ааԥхьара изҭаз арежиссиори иареи еинымаалоу, ашьыцра злаз ацәгьа рыбжьырҳәаау. Ишысгәалашәо ала, Хәыта ихаҭа иажәа ашьыцра аверсиахь ахы хан.

Абас аибашьра иалагеит, нас уи анеилга еилаҟәыбаса иҟаз ҳаԥсҭаазаара аамҭазы Хәыта Џьапуа аҟазарахь иргьежьразы илыбзоуроу рацәоуп Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмаа. Уи Хәыта дрыдлыԥхьалон иҭылхуаз афильмқәа, иара убас астудентцәа рааӡараҿгьы илагала ҟаларатәы дныҟәеит.

Уажәшьҭа сазааирц сҭахуп хаҭала Хәыта афильм кьаҿ аҿы ицыхәмарразы исымаз аԥышәа хәыҷ ашҟа. Аибашьра шеилгаҵәҟьаз, Софа Агәмааԥҳа зметраж кьаҿу афильмқәа рҭыхра лҽазылкуеит. Уи аҿы финансла ацхыраара лиҭон лыԥшәма амеценат Виктор Џьениа (Абаза). Арежиссиор иаҳасабала дадлыԥхьалеит ателережиссиор Амиран Гамгьиа. Сара усҟан ателехәаԥшраҿы аус зуан.

Анна Аргун Коношок - Sputnik Аҧсны
Асценаҿ зыԥсҭазаара мҩасыз: Анна Аргәын-Коношок диижьҭеи 105 шықәса ҵит

Ҽнак Амиран ҳусура ауада дааҩналан, дсыҳәеит иҭырхуа афильм "Абасгьы ҟалахьеит" аҿы аҭаца лроль сыхәмарырц. Амиран ишиҳәаз ала, ихәмарраны иҟаз актриса дзаауамызт, дара рҭыхратә гәыԥ рҽырхианы иҟан азы, даҽа аамҭак ахь аиагара рзыфеидамызт, зегь ԥшын амаршруттә такси ҳәа ззырҳәо атранспорт иҭатәаны.

Акино мап ацәызкуада? Миха Лакрба иновелла "Ҩ-шәык" ицәгьамкәа излаздыруаз ала, сақәшаҳаҭхеит аҭаца леишәацәгьа лроль ахәмарра, уи афильм абри ановелла амотив ала иҭырхуан. Амиран аусураҿ саарымихын, абас сгәысҽанӡамкәа Дәрыԥшьҟа акино ахьҭырхуаз сымҩа аатит. Стекст амаршруткаҿы исҵеит.

Амашьына иҭатәаз дрылан Хәыта Џьапуа, убасҟан еилыскааит абхәа ироль иара ишитәыз. Амҩа ҳақәнаҵы схәыцуан, дзеиԥшразар акәузеи исыхәмаруа аԥҳәыс? Хәыта аԥышәа ду иман, сара сагьацәшәеит азныказ ас иаалырҟьаны акино аҿы аҽҭыхра сахьдәықәлаз. Шьҭахьҟа агьежьра азҵаатәы аркын, Софа улымԥыхьашәар, уоулыжьуазма.

Дәрыԥшь ҳнеиаанӡа Хәытеи сареи ҳаицәажәара иаанагеит аидеиа, санхәыҷыз избахьаз, занхәа дықәзмыргылоз аҭаца леишәацәгьа лҟазшьа аасхәар, акино шыбжьысымхуа азы. 

Абасала, Дәрыԥшь ақыҭан Быҭәаа рыҩнаҭаҿы акино аҭыхра ҳалагеит. Иареи сареи раԥхьатәи ҳасценақәа дубльк ала иҭырхит, Хәыта ицыхәмарра зынӡа имариазаапгьы сгәахәит. Ус иҟан, избанзар аҟаза ду иуирбомызт иара уара уаҵкыс дшеиҳау, уаҵкыс аҟазареи аԥышәеи рыла дышдуу.

Афильм егьырҭ асценақәа ҭырхуанаҵы, ақыҭауаа Хәыта данырба, афырџьанқәа наидыргало, иқьаф ҟарҵеит, уи аус иаргьы уеизгьы-уеизгьы ицәымӷымызт. Ус Софа арежиссиор изҿылҭит Хәыта дызлахәу аҵыхтәантәи асцена аҭыхрахь диасырц. "Хәыта даанахәар, ҳусқәа ҽеихом, абааԥсы", - лҳәан, ҳаиасит аԥацха аҩнуҵҟа "иазхоуп, сҭаца аринахыс дысмацәажәааит" ҳәа абхәа иахьиҳәо аепизод ашҟа. Хәыта егьа иқьаф ҟаҵаны дыҟазаргьы, дҟазамзи, зныктәи адубль ала иҭыхын, нас, анаҩстәи аныҳәаҿақәа рзы актиор ду имҩа аартын.

Аҩныҟа ҳаныгьежьуаз, ари ахҭыс алаф шахаҳҳәаауаз ҳгьежьит. Хәыта ианихлафаауаз дазгәаауа дауҟахыз, ирҳәоз иацирӷызуан "иахьа ҳалымгар, уаҵәгьы Дәрыԥшьаа рарбаӷьқәа ндырҵәар акәхон" иҳәон. Ари зметраж кьаҿу афильм ахәаԥшцәа гәахәарыла ирыдыркылеит, усҟан азы ари шәалҟьамран.

Убри ашьҭахь, дырҩегьых исқәашьхеит Хәыта ицыхәмарра. Иҭырхит "Абасгьы ҟалахьеит" аҩбатәи ахәҭа. Уаҟа сара аҭаца бзиа лроль сыхәмаруан, уаҟагьы Хәыта Џьапуа имырхьаакәа ихәмарра сыхнахуан.

Аԥсны Жәлар рартист идунеи иԥсахит жьҭаарамза 15, 2012 шықәсазы. Иахьа дыҟазҭгьы, ихыҵуан 90 шықәса. Ибызшәеи иԥсадгьыли дшырзыҟоу аарԥшуа, ҳаицәажәараҿы иҳәахьан: "Станиславски даара бзиа дызбоит, аха сыҩны аҭӡамц аҿы саб Франкьыл ипортрет кыдзарц сҭахуп" хәа.

Абас дыҟан сара сызхааныз Хәыта Џьапуа. Исзымдыруа шаҟа ыҟоузеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0