Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная Махаджиров
Набережная Махаджиров  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иалагалоу акарантин ҳауаажәлар ахьынӡазыхиоу, уи иахьынӡақәныҟәо азы лхатә азгәаҭарақәа ҟалҵеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иахьатәи аамҭазы иаҳҭахы, иаҳҭахым апандемиа иахҟьаны имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳрызхьаԥшуеит. Иаалырҟьаны зхыԥша ааз авирус џьбара акыр иаԥсахит ҳдунеи, иара убас иааԥшит абжьааԥны азакәан аус ауроуп зҳәоз ҳуааԥсыра рӷьырак иахьатәи аԥҟарақәа рықәныҟәара ишазыхиам. Аҳәара ҳәароуп, аха анагӡараҿы заӷәра зҿыҵны иҟоу изы имариам акарантин иарҿиаз амацәаз аҽҭагӡара. "Аҩны шәыҟаз, ауалафахәи атәанчахәи шәоуеит" рҳәан, уигьы ҳнаалом, "ишәарҭоуп, шамаха аҩны шәыҟаз", рҳәан уигьы ҳнаалом. "Ишәырмаҷ ацәгьеи абзиеи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа" рҳәан, уигьы ҳзынагӡом. Хымԥада, асоциалтә ҳақәа, иара убас, адәахьы ҳандәылыԥшыр, иаабоит аԥҟарақәа ирықәныҟәо шыҟоугьы.

Мужчина за ноутбуком  - Sputnik Аҧсны
Акарантин аамҭа

Атрадициақәеи акарантини

Аиашазы аԥсуаа ҳаиуара, ҳгәыцхәра акыр еиларсуп, абжьааԥны ҳаибамбозаргьы, аԥсреи абзареи рҿы ҳаиҭанеиааиуеит. Абжьааԥны аиҭанеиааира ашәқәа аартызҭгьы, акарантин уи маҷк иҿанаҳәеит. Иџьашьатәхеит, аха уажәазы "аҩныҟа шәааи, шәымҩахыҵ" еиҳа имаҷхеит. Издыруаз ҭаацәарак рчара аҿҳәара ԥҵәаны иҟан, аха ас ианыҟала, иаалаган идырмаҷит, зынӡа ҭаацәашәала имҩаԥыргеит ргәырӷьара. Анкьа акәзар, хымш, ԥшьымш уи ачара аҽазыҟаҵара, нас ачара ахаҭа, нас адырҩаҽни адырхаҽни еиҭа аиҭанеиааира.

Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо

Сара сызҿу аҳәынҭқарра иҳаднагало аԥҟарақәа еилызкаауа роуп, еилызымкаауа иҟарҵац ҟарҵоит. Аабыкьа ԥсыуа қыҭак аҿы иԥсҭазаара далҵит быргк. Ари акарантин инамаданы аԥшәма еиҿикааз аиныхра амаҵ зуаз маҷыҩхеит, амала аҵәыуацәа рацәаҩхеит. Ҩыџьа-хҩык маҵура инеиз иқьыԥаха аҟәыд рнаҳауан, ҵәыуара иаазгьы ашьаԥа иавымскәа рыџьабашьа аадырԥшуан. "Шәаҟәыҵ, иҟашәымҵан" захьӡу змаҳауа аԥшәмацәа рҿы абас ауп ишыҟоу. Ари акарантин агәра зымго акымзарак ԥыркуам, инхоит абжьааԥнытәи рритм инаҵшьны.

Аџьымшьы - Sputnik Аҧсны
Аметодқәа зегь бзиоуп, мамзаргьы COVID-19 ҳшаҿагыло

Аԥсрахьы ҳашцаз

Иаалырҟьаны здунеи зыԥсахыз акыр иаҳзааигәаз иҵәыуара ҳцеит ари амчыбжь азы сыԥшәмеи сареи. Амҩа ҳақәнаҵы игәасҭеит абжьааԥны аҵкыс амашьынақәа шмаҷыз, насгьы ҳахьцоз Гагра ҳнеиаанӡа изакәызаалак ишәарҭараз ҭагылазаашьак ҳақәымшәеит амашьынарныҟәцаҩцәа рганахьала. Абжьааԥны амҩа ақәлара ашәара ззацу сакәызҭгьы, уи аҽны сгәы мыҭрыскәа амашьына сҭатәан.

Амҩан патруль ҳасабла иҷаԥшьоз амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа ҳгәаҳҽанырҵон, ахәылбыҽха Гагра акарантин шаԥшьгоу азы. Апатруль ныҟәызгоз ахаан ишысымбацыз аамысҭашәала ицәажәон, насгьы дара еибыҭан акарантин аԥҟарақәа инарықәыршәаны. Иазгәасҭарц сҭахын инымҩатәны, ҳмашьына абылтәы ҭаҳҭәарц ҳахьаангылаз абылтәы ҭаҭәарҭаҿы акарантин аӡбахәгьы шыҟамыз. Амашьынарныҟәцаҩ анапҭарԥа имӷамзаргьы, ахә аашәаны инапала уи арезиналых иахоу акыга имашьына инаҭаршьшьны ақәнага нҭеиҭәоит. Дара уа аҽхышә зхы кылакны итәоу, уу аллаҳ, напрыцқьагьы удыргалом, карантинк ыҟамшәа уоурыжьуеит. Ари акарантинбжа ахьӡуп.

Анаҩсан аԥсраҿы избаз атәы сҳәозар, ауаа рацәамызт, аха агәыдеибакыларақәеи агәыдеибаҳәҳәаларақәеи аӡәгьы иԥикуамызт. Сара аԥсрахьы сцеит ссабрада насҿаҵаны. Аԥсшәеибыҳәарақәа рахь ианиас, "саҭашәымҵан, акоронавирус сыхьны сыҟоуп, ишәсыркыр ҳәа сшәоит" насҳәан, схы аасырҵысит, сџьыба иҭаз аԥтекаҿы иаасхәаз анапрыцқьагақәа снапсыргәыҵа инылшьуа.

Музей Сделано в СССР  - Sputnik Аҧсны
"Арадио ала ирҳәаз бдыруоу?": аҩны изымтәо иҿыҵгақәа

Скәаҷалакыми, азакәан аԥсы шҭоу дсырбон, исызгәааргьы. Асабрада акәзар, аԥсраҿы сареи дҽа ҷкәынаки иаҳханы иҟан, уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны сыла иабаз ала. Сахьынаԥшы-ааԥшуа ауаа уиаҟара агәра ргом агәыргьын вирус, наҟ џьара хара ажәҩан иалоу акакәны иахәаԥшуеит, уимоу, саргьы сыԥҟарақәа наҟ сырҟәаҵындаз сҳәо сааҟарҵеит.

Акы ахьырҳәо акы ыҟоуп, "ачымазара шәарҭоуп, аԥҟарақәа шәрықәныҟәала" рҳәазар, зегьы изырмаҳауеи? Абри џьашьахәуп сара сзы.

Асабрада ԥшӡақәа

Аабыкьа Гагра инхо Иза Ҳагԥҳа лдаҟьаҿы ицәырылгеит, лхьы-напқәа рыла илӡахқәаз асабрадақәа. Урҭ аҵӷақәа ирымаз еиуеиԥшым хкыла иҟан - аиаҵәа, аҟаԥшь, аиқәаҵәа. Саареилаҳаит аиашазы. Акарантин нҵәаргьы, гәаларшәагас исымандаз сгәахәын, исылҭарц азы амессенџьер ала ашәҟәы лзысыҩхьан. Гагра саннеих, ари нсыжьуа сыҟазма. Ажурналист Саида Жьиԥҳа лмашьынала даадгылеит сахьыҟаз аҭыԥ ахь. Лара деибыҭан ишақәнагаз, асабрада, анапҭарԥақәа уҳәа, аԥҟарақәа зегьы инарықәыршәаны.

Ҳнеит асабрада ԥшӡақәа змаз Ҳагԥҳа дахьынхоз. Агәарабжьара ҭацәын, уаҩытәыҩса данымызт. Лара даацәырҵит дшашаӡа, лсабрада лхаҵаны. "Закә аамҭоузеи, аҩныҟа шәааи узымҳәо" лҳәан, лнапала илӡахыз асабрадақәа зҭаз ақьаадлых наслыркит. Нас, ҳфотоқәа нҭаҳхын, ҳнымхакәа ҳгьежьит. Аԥенџьыр аҟынтәи дааԥшуан 13-ҟа шықәса зхыҵуаз, акарантин иҩнанакыз Иза лашьа иԥа Иасон.

© Foto / Саида ЖибаЕлеонора Коӷониаԥҳаи Изольда Ҳагԥҳаи
Акарантини акарантинбжеи: аԥсуаа апандемиа ишақәныҟәо - Sputnik Аҧсны
Елеонора Коӷониаԥҳаи Изольда Ҳагԥҳаи

Аҩныҟа ҳгьежьит, аԥсрахьы ҳазгаз имашьына ҳанҭатәаны. Амҩан ауааԥсыра уарла-шәарла иубон, амашьынақәа ракәын ииасуаз. Ҳаанызкылаз апатрульуаа иҳарҳәеит "уаҵәы арахь амҩа адыркыр алшоит" ҳәа. Ҳаҩны ааигәара ҳанааи, абжьааԥны акәзар, ҳазгаз ҳҭынха "уааи аҩныҟа" ҳәа иасымҳәоз, аха баша аԥсышәаны ишыҟалоз здыруан азы, ишыԥхасшьозгьы "иҭабуп" мацара ҳәаны, сынҭыҵит амашьыналас.

Аицхыраара

Аицхыраара еснагь иҟан аԥсуаа рыбжьара, иахьагьы инымҵәац. Аҟәа аџьармыкьа анадыркы нахыс, аԥсуа шылеи ахрыӷи рыԥшаара уадаҩхеит. Уажәы ақыҭақәа рахь агәыҳалалратә цхыраара аԥшьганы иҟазаргьы, сара иахьа сқыҭаҟынтә сҭаца исзаалышьҭит ашыла, ашәаӡа, ашәеилаҵа уҳәа ақалақьуаҩы изы ихәарҭоу афатәқәа. Ус анакәха, аԥсуа ақыҭа аԥсы ҭоуп. Ашә агьама ҩашьара ақәума, ахәша алыҵәҵәа иҟан. Аџьармыкьаҿы ақыҭа ашә ҳәа иҳаадырхәо шамаха агьама ссирым, убри аҟынтә, Кәтолынтәи исоуз схәыҷра ашықәсқәа ирылаз сан лышә хаа аасгәаланаршәеит. Схәы аазгаз, саргьы саҵамхандаз ҳәа, ақыҭаҿы ирыхәашаз рзысҭиит.

Абас имҩасуеит иҳалаҳәоу акарантин аамҭа. Иаарласны еилгап сгәахәуеит…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0