Аметодқәа зегь бзиоуп, мамзаргьы COVID-19 ҳшаҿагыло

CC0 / / Аџьымшьы
Аџьымшьы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеи иалаҵәаз ачымазара ҿкы акоронавирус Аԥсынгьы, ҳәара аҭахума, ауаа ршьара иқәнарҟьеит. Аха иҟоуп алаф зхуҳәаашагьы ахҭысқәа. Убас, ариабжьарак дзықәшәаз ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Саида Жьиԥҳа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ишыжәдыруа еиԥш, адунеи иалаҵәаз аҿкы чымазара акоронавирус COVID-19 Аԥсныҟа ашьаҿа еихнагеит, ахгьы цәырнагеит Гагра. Ари ажәабжь ақалақьуаа ргәы бжьнахит, аха зегь акоуп ашәара рҽарҭаӡом. Доусы излаилшо ала ихы дашьҭоуп. Амедицинатә сабрадақәеи анапхазқәеи ныҟәыргоит аусура мамзаргьы адәқьан ахь ианҭыҵуа, ахархәара арҭоит аспирт злоу аӡшьарқәа. Аҭаацәарақәа зегьы рҿы сҳәаргьы сҩашьом, реишәа аџьымшьи, аџыши, аџьыкеи, алимони, ацхеи, ауаҭкеи уҳәа ахьықәгылам ыҟам, уи ала риммунитет дырӷәӷәоит, рыхәда вируск ҭалар, рырԥҳақәа рҟынӡа инеиаанӡа ирхәаҽуеит. Аха иҟоуп аҿкы иацәшәаны, нормада хыхь еиқәыԥхьаӡоу ауҭраҭыхи, ашәыри, арыжәтә џьбареи зҽадызцало.

Музей Сделано в СССР  - Sputnik Аҧсны
"Арадио ала ирҳәаз бдыруоу?": аҩны изымтәо иҿыҵгақәа

Уажәшьҭа мызкы ҵуеит, хаҭала ҳара ҳҭаацәараҿы акоронавирус ҳиммунитет аԥырхага анамҭарц азы, абжьааԥны аасҭа ауҭра иҭыҵуа аиаҵәара, ацитрусқәа уҳәа ҳмениу иалагалоуижьҭеи. Амала урҭқәа рҽадцалара ауаҩы ица ишаԥырхагоу ҳдыруеит аҟнытә, аџыш акәзар ҩба-хԥа рыц иреиҳамкәа, аџьымшьы рацәак идуум хык, алимон ҽнак ҩынтә ачаи иаҭаны уҳәа анормақәа шьақәҳаргылеит. Аха аиҳабыратәи абиԥара аӡәырҩы, аиҳарак ахацәа, саб раԥхьа днаргыланы, убас ргәы иаанагоит, шаҟа ирацәаны иуфо, иужәо (ауаҭкагьы налаҵаны) аҟара авирус уааигәара иааиӡом ҳәа.

COVID-19 иахырҟьаны зегьы аҩны ҳтәоуп, аха еизааигәоу, зыгәра еибаго аигәылацәа, есыҽны акәымзаргьы, акаҳуа еицаҳжәуеит, хымԥада агигиенатә нормақәа ҳрықәныҟәаны.

Литовский пилот Юргис Кайрис на самолете Су-31 чертит лицо в небе во время авиашоу Wings Over Baltics 2019 в Тукумсе, Латвия - Sputnik Аҧсны
Алаф ахи ахәшәи ираҩсуеит

Жәаха, сгәылацәа рҭаца ааԥхьара ансылҭоз, "акарантин иалагӡаны ашәҭ ааӡара салагеит, атиульпан ажәла бымаӡами" ҳәа дансазҵаа, исгәалашәеит хәба-фба жәла сан илцәынханы ишыҟаз. Анапахьшьы (асалфетка - аред.) илаҳәаны исыманы сцеит. Абжьааԥны амаҵурҭаҿы акәын лареи сареи акаҳуа ахьаҳжәуаз азы, ауада саныҩнала, атиульпан ажәла аишәа аханы инықәҵаны, саргьы снадтәалеит. "Акака аанышәкыл бара, иҟоу шәымбаӡои" ҳәа лабхәагьы дааҩнашылеит. Аха аҭаца иара иҿы дцәажәомызт аҟнытә, шьыжьхьа изықәыргыланы, ҳара азал ахь ҳцеит.

Мыцхәы снымхакәа, акаҳуажәра аамҭа иалагӡаны аҵыхәтәантәи уҳәан-сҳәанқәа ааибыҳәаны сандәылҵуаз, "Саида, атиульпан ажәла сзаабгазу мшәан" ҳәа нсықәҿылҭит. "Амаҵурҭаҿы анапахьшьы илаҳәаны аишәа иқәу иароуп" сҳәеит саргьы. Аҭаца дааигәырӷьан, ашҭа сҭыҵаанӡа аишәа днықәԥшзар, илбар иаахә…

Атиульпан ажәла, ишыжәдыруа еиԥш, аџьымшьы иеиԥшуп. Шьыжьхьа зфоз лабхәа, хпыҿк андәықәиҵа, "аџьымшьгьы" адикылеит. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, арҭ ҳаиҳабацәа рзы, шаҟа ирацәаны иуфо, иужәо аҟара, иузеиӷьми, цыракгьы нимыжьзаап. Сара иҟалаз анеилыскаа, азнык азы сшәеит изеицәахар ҳәа, ларгьы дамаԥхашьаны илмыраргамеит.

Амала, иахьа иӡамҩақәа ҟаԥшьӡа сгәашә аԥхьа данызба, агәра згеит авирус акәым, иара микроб хәыҷыкгьы ишьа ишалам…

Ари ахҭыс исгәаланаршәеит даҽакгьы.

Ӡынрак азы, Мгәыӡырхәа ақыҭан, ԥсрак аҿы, агылара иақәымшәоз џьоукы, "ахьҭа ҳалаланы ҳаҟоуп, авирус ҳалҳцароуп, иҵегь ауаҭка, аиаҵәара, аҟәыд цаҳәцаҳәуа иаҳзаажәга" ҳәа амаҵ зуаз аӡәы игәы "аакыдырхит". Иаргьы, "агылашьа шәақәымшәозар, ишәсырбап сара" иҳәан, ҩаԥхьа "аиаҵәара ҳзааг, уеиҭаҵ" ҳәа рыбжьы рхацаланы адҵа анирҭа, ашьаԥа ашьҭахь изызҳауаз анарцисс абӷьқәа хҵәаны ириҭеит, апраса акәызшәа. Амала урҭ иахьа ирыԥсҭазаашьоу сыздыруам…

Уи арԥыс иҟаиҵаз иашам зҳәо дҟаларгьы ҟалап, аха даҽа ганкахьалагьы уахьыҟазаалак, ухы удырыр бзиоуп...

Ажәакала, Гаграа акоронавирус аҿагылара аҳҭоит "аметодқәа" зегь рыла.

Уаҵәы сгәыла илзызго адәыкрын ажәлагьы, иамур, COVID-19 "иагәыдаҳҵоит"…

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0