Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан

© Foto / Анжелика КучбаОсень в селе Отхара
Осень в селе Отхара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны уажәааны ҽаҩраҭагалара иасакьаҳәымҭоуп. Шәыга рацәала иҩычоу, фҩы хаала ихырку, џьабаа згым ари аамҭа Оҭҳара ақыҭан ишымҩасуа ҳзеиҭалҳәоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа, убла хызкуа афотосахьақәагьы ҳадылгалоит.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсны уажәааны ҽаҩраҭагалара иасакьаҳәымҭоуп, ҭагалан аԥштәы – ари еинҭәылоу ажьымжәа аԥштәы ауп, иҟаԥшьыуаркалеиуа амыҵмыџь, ипатырқалԥштәу аҟаб, ахәырма уҳәа зеиуахк уҭаху шәырԥштәыла иҩычоуп. Бзиа излаумбари ақыҭа ари аамҭазы, еиуеиԥшым ашәырхкқәа рыфҩы хаа аҳауа илаҳалаҳауа ианалоу.

© Foto / Анжелика КучбаАхәырма уажәшьҭа ишыҟалара иҟалахьеит, уҿы ацхеиԥш иҭаӡыҭуеит
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ахәырма уажәшьҭа ишыҟалара иҟалахьеит, уҿы ацхеиԥш иҭаӡыҭуеит

Ақыҭақәа рҿы ари аамҭазы анхаҩы иусура еилашуеит: аџьықәреи аҭагалара, ажьҭаара, арасаҟәшәара, амандарин аҿыхра уҳәа. Ажәакала, илауҵаз ауп иааурыхуа. Ҳәарада ари аус иацуп аџьабаа маҷымкәа, аха уџьабаа ануԥыло еиҳау гәырӷьарас иҟоу арбану.

© Foto / Анжелика КучбаУажәааны ақыҭақәа рҿы аџьықәреиҭагалара иасакьаҳәымҭоуп
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Уажәааны ақыҭақәа рҿы аџьықәреиҭагалара иасакьаҳәымҭоуп

Анхацәа ишазгәарҭо ала, сынтәа аҽаҩра еиҳа еиӷьуп ҵыԥх аасҭа. Ҵыԥх ицәырҵны иҟаз ахәаҷа-маҷақәа аарыхрақәеи шәыри-қәыри ирырҭаз аԥхасҭа рацәан. Сынтәа уи аганахьала иаҳа еиӷьхеит, уи изаамҭанытәины имҩаԥгаз ахәышәтәрақәагьы ирыбзоурахеит ҳәа рҳәоит дара.

© Foto / Анжелика КучбаҨнаҭацыԥхьаӡа ажьҭаара иаҿуп, уи афҩы лаҳалаҳауа зехьынџьара аҳауа иалоуп
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ҩнаҭацыԥхьаӡа ажьҭаара иаҿуп, уи афҩы лаҳалаҳауа зехьынџьара аҳауа иалоуп

Анхаҩы адгьыл иазыҟазаашьа аадырԥшуеит уи иазкны имҩаԥиго аныҳәарақәагьы. Ҭагалан азы имҩаԥырго амзартә ныҳәарақәа шамахамзар адгьылқәаарыхра ирыдҳәалоуп. Адгьылқәаарыхра ианалагоз ааԥын азы рҽаҩра беиахарц азы аныҳәарақәа мҩаԥыргозҭгьы, ҽаҩраҭагалара анҵәамҭазы иҭаргалаз рҽаҩра иақәныҳәоит иаадрыхыз ала аишәа рхианы.

© Foto / Анжелика КучбаАжьырӡи ашылеи ирылхны аԥсуаа ргәырхаага - ақалмышь ҟарҵоит
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Ажьырӡи ашылеи ирылхны аԥсуаа ргәырхаага - ақалмышь ҟарҵоит

Алаҳарҩа, аџьынџьыхәа, ахәырмарҩа, ақалмышь Аԥсны асасцәагьы бзиа еицырбахьоу амилаҭтә аалыҵқәа иреиуоуп. Анхаҩы иаалыҵқәа аџьармыкьахь рцәыргара макьанагьы инагӡаны иӡбам ихадароу зҵаараны иаанхоит.

© Foto / Анжелика КучбаСынтәа ажь бзианы иҟалеит, ажьымжәақәа еиқәаҵәҳаҳараӡа аҩ бзиа алҵроуп рҳәоит анхацәа
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан - Sputnik Аҧсны
Сынтәа ажь бзианы иҟалеит, ажьымжәақәа еиқәаҵәҳаҳараӡа аҩ бзиа алҵроуп рҳәоит анхацәа

Амилаҭтә аалыҵқәа брендк раҳасабала рцәыргара априоритеттә зҵаарақәа иреиуоуп. Уимоу уажәы иҟоу аҿкы чымазара COVID-19 ицәырнаго акризистә ҭагылазаашьаҿы амилаҭтә аалыҵқәа аҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа аиӷьтәразы ицхыраагӡахар ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0