Жьиԥҳа Sputnik азы: сырҿиара ӡырнагеит, алшара ҿыцқәа снаҭеит

© Sputnik / Илона ХварцкияСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аҿы 2020 шықәсазтәи сусура салацәажәо иазгәасҭарц сҭахуп, сырҿиаратә мҩа аӡыргараҿы акырӡа ишсыцхрааз, алшара ҿыцқәа шыснаҭаз.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik ахь 2020 шықәсазы иаасышьҭыз раԥхьатәи материалын Ҭырқәтәыла имҩаԥысыз, ҳџьынџьуаа ирызкны иҭыжьыз ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа" аӡыргара иазкыз. Анаҩс Sputnik алшара снаҭеит арадио аҟны алацәажәара. Убас, Аԥсныҟа саныхынҳә, апресс-центр аҿы Sputnik Аԥсны анапхгара исзеиҿыркааит аӡыргара. Ари аусмҩаԥгатә абзоурала ашәҟәы-альбом "Амра ашәахәақәа" аӡбахә алаҩит ҳтәыла зегьы.

Презентация книги Саиды Жиба - Лучи солнца - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашәахәақәа: Саида Жьиԥҳа лышәҟәы Sputnik апресс-центр аҿы иӡырган

Апандемиа аамҭазы Sputnik ахь иаасышьҭуаз иреиуахеит акоронавирус атема зныԥшуаз анҵамҭақәагьы. Зегь раасҭа аԥхьаҩцәа ахҳәаа ззыруз акәхеит "Сшәишәи акоронавирус ишақәӡыз" захьӡыз аколонка. Уи иацыз агәамҵреи аччархәреи ажәлар еиуеиԥшымкәа ирыдыркылеит.

Адунеи иалаҵәаз ачымазара ҳабзазара иаланагалаз аԥкырақәа ирхырҟьаны ишысҭахыз еиԥш аус сзымуит аҟнытә, аиҳарак аколонкақәа ракәын изыҩуаз сынтәа. Аԥхьаҩцәа ибзианы ирыдыркылеит аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи рлахьынҵа иазкны, иҟалахьоу ахҭысқәа шьаҭас измаз "Ан лҳақ узгом", "Аԥшӡа насыԥда дшаанхаз", "Аԥҳәыс лыпату" захьӡыз уҳәа акьыԥхьымҭақәа.

Убас иалскаауа материалуп Леуант Қәинаӡеи Спирдон Адлеибеи аиашьара шрыбжьалаз иазку. Уи абзоурала забду идҳәалаз ажәабжь еиҭазҳәаз Цандрыԥшь аҳаблан инхо Инна Бенделианԥҳаи ари анҵамҭа иаԥхьаз Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Еџье Џьаԥраԥхаи аиуара шрыбжьаз аанарԥшит. Рҩыџьагьы аибабара рыбжьанаҵеит. Уи, хымԥада, ихҭыс дуны исыԥхьаӡоит.

2020 шықәсазы Sputnik иаднакылаз сусумҭақәа рахьтә х-нызқьҩык инареиҳаны аԥхьаҩцәа зауз акәхеит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны исышьҭыз, Гагра ҩыџьа-ҩыџьа аԥсуа хәыҷқәа реициира иазкыз ажәабжь.

Сынтәа Sputnik иснаҭеит алшара арадио аҿгьы схы ԥысшәарц. Азыӡырҩцәа ирыдызгалеит апоетесса Белла Барцыцԥҳа слыҿцәажәаны аус здызулаз "Гагра анцәахәы дшамаз", "Асаӡқәа аныха ишамҵаныҳәоз", "Аҭырас ныҳәара" уҳәа захьӡыз аҭоурыхқәа.

Ресторан Гагрипш в Гаграх. - Sputnik Аҧсны
Гагра анцәахәы даман: ажәытәан аԥшьаҭыԥқәа рҿаԥхьа ишхырхәоз

Sputnik асаит аҟны аԥхьаҩцәа ирыдызгалеит ашәҟәы ҟаԥшь иану Лӡаатәи акәуақәа ирызкыз аматериал. Хаҭала Лӡаатәи ахәыҳаракырақәа сырҭааит абиолог Умар Џьакониа сицны. Ажәакала, Sputnik иабзоураны сыблала избеит адгьылбжьарамшынтә акәуақәа рнызарҭа ҭыԥқәа. Аҽны сара сзы иҿыцыз аартрахеит Лӡаатәи ахәыҳаракырақәа руак Аҵангәара ҳәа изышьҭаз аҭоурых аилкаара. Уи иазку анҵамҭа аԥхьаҩцәа алшара шәыман, иахьагьы шәаԥхьарц шәылшоит Sputnik асаит аҟны.

"Ҳанашә Аҭрышбеи Ӡызлани Гагра ишеиқәшәаз" захьӡыз, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Озқан Чкок ианду лҟынтә иаҳаны исзеиҭеиҳәаз ахҭыс аԥсуа ҵарауаа рыбжьарагьы аинтерес цәырнагеит.

Амаҭқәа знапы иазыршьцылоз Калдахәара инхоз Ӡаби Сымсымԥҳа лҭоурых Sputnik асаит аҿы ианцәырҵ, иаршанхаз аԥхьаҩцәа аӡәырҩы ҭелла рыҽсымаданы ииашаҵәҟьазма ҳәа исызҵаауан. Анқәабԥҳаки Ԥачлиаԥҳаки рандуцәагьы амаҭ абызшәа шырдыруазгьы сеилдыркааит ари анҵамҭа ианаԥхьа.

Sputnik иӡырнагеит сынтәа аус здызулоз "Ицәажәо аҭыӡқәа" захьӡу апроект ҿыц. Уи азкуп иахьа уажәраанӡа Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо еиқәханы иҟоу, шәышықәса ирҭысхьоу аԥсуа кәасқьақәа раарԥшреи, рыԥшәмацәа рҭоурых аҭҵаареи. Sputnik ажурналист Алхас Манаргьиеи сареи ҳанеиҿцәажәа ашьҭахь, ирацәаҩхеит акәасқьақәа змоу рзы адырра сызҭаз арадиозыӡырҩцәа.

Гьаргь Аргәын - Sputnik Аҧсны
Зыҵәҩаншьап мыӡыз: Мамсыр Аргәын ихылҵшьҭра рҭоурых

"Ицәажәо аҭыӡқәа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аекспедициа мҩаԥызгонаҵы Sputnik асаит азы аматериалқәагьы срышьҭан. Убас Гәдоуҭа араион, Ҟәланырхәа ақыҭан Гьаргь Аргәын икәасқьа анҭысхуаз, аԥшәма исирбеит амҳаџьырра аамҭақәа раан Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз, иабду иаб иҟынтә еиқәырханы имаз ашәақь. Уи аҭоурыхгьы згәаҵанӡа инеиз аԥхьаҩцәа маҷҩым.

Sputnik аҿы уажәшьҭа сара схатәы аԥхьаҩцәа сымоуп азы, уи еиҳагьы аҭакԥхықәра сыднаҵоит. Иахьа аҿкы чымазара иахырҟьаны сусураҿы аԥынгылақәа сызцәырҵуазаргьы, дара раҳаҭыр баны есыҽны сазҿлымҳауп аинтерес зҵоу, ргәы шьҭызхуа, изырхәыцуа аҭоурыхқәа реилкаара.

2020 шықәса згәалаҟазаара бжьнамхыз аӡәы дыҟамзар ҟалап, аха ҳара ҳгәыӷрақәа ҿыцәаара рықәым. Ҳазҭалаз 2021-тәи ашықәс ҿыц азы доусы абзиарақәа шәзыԥшыз. Еснагь шәыҩнаҭақәа рҿы аччабжь галааит. Ажәабжь ссирқәа шәыԥсҭазаара дырлашааит. Ҽаанбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0