Абырфынбӷьыц еиԥшыз ауаҩы: Терент Ҷаниа игәалашәаразы

© Sputnik / Томас ТхайцукТерентий Чаниа
Терентий Чаниа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Анапаҵаҩра
Жәабран 3 рзы зыԥсҭазаара иалҵыз аԥсуа поет, ашәҟәыҩҩы, апублицист Терент Ҷаниа дылгәалалыршәоит Sputnik аколумнист, акыр шықәса аус ицзухьаз Светлана Ладариаԥҳа.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа даара агәыхь зцу ракәны иҟалеит ҳаԥсуа культураз, ҳаԥсуа литератураз, ҳаԥсуа ҭҵаарадырраз, инеизакны – Ҳаԥсуараз ахатәрақәа ҳацәцара иахьаҿу. Ҳала ишабо ииасны, хнырҳәышьа амамкәа ицоит аепоха Ду. Аамҭа аԥслымӡ аиԥш унацәкьарақәа ирыбжьышәшәоит ҳәа ззырҳәогьы абасеиԥш иҟоу аамҭа акәзар ҟалап. Инеишьҭагыланы рымҩа иқәлеит ҳхатәрақәа, ҳхыбаҩқәа, ҳамҩақәҵагақәа.

Инарцәымҩа дықәлеит Терент Михаил-иԥа Ҷаниа.

Терентий Чания - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Ҳлитература аизҳазыӷьараҿы злагала дууз: иԥсҭазаара далҵит Терент Ҷаниа

…Ашәҟәҭыжьырҭаҿы ҳредактор хада Сергеи Андреи-иԥа Кәыҵниа аусумҭақәа еихшаны ианҳаиҭоз, сара Терент Ҷаниа иажәеинраалақәа реизга саԥхьа астол инықәиҵеит, "баԥхьа, ибоуа азҵаарақәа рзы абар автор иҭел" ҳәа хыхь аномер нақәыҩны. Аамҭақәак рышьҭахь исызцәырҵыз азҵаарақәа автори сареи рҭыԥ еицықәаҳҵарц аҭел сизасит Терент Михаил-иԥа. Иара усҟан апартиа аобком аҟәшақәа руак аҿы аус иуан. Дааит ианиҳәаз аамҭаз.

Ашә данаахыҵ инаркны, сара усҟантәи сықәра иахьмырԥшкәа, ихы насаҟаратәны, днасыдтәаланы, иҩымҭақәа реилыргара дсыцалагеит. Иҟан, жәаҳәарада сара еиӷьуп ҳәа ишысыԥхьаӡаз ала ианириашоз, иҟан дсықәшаҳаҭымкәа иахьишьуаз, аха иахьагьы исгәалашәоит "абригьу?.." ҳәа ибжьы ҭымгакәа, акарандашь нақәкны дышҵаауаз. Анцәа иџьшьаны, исылшеит ирласны аилкаара изҵаареи, иҵаашьеи, илаԥши ирҳәоз "алакьысра аҭахым" ҳәа шакәыз. Ишәаџь ансаҳа абарҭ аминуҭқәа сгәалашәан, еиҭахгьы анцәа иҭабуп ҳәа иасҳәеит усҟан исиҭаз аилкааразы.

Усҟан анапылаҩыра ашьҭахь ианыркьыԥхьлак х-екземплиаркны иҳазнаргон аԥхьатә: автор, аредактор, акорректор рзы. Изныкымкәа ҳаиднагалеит уи сызҿыз ашәҟәы. Днеиуан Терент Михаил-иԥа аредакторцәа ҳахьтәаз ауадахь, ишьи-ишьи еиқәҵо, акала даҳԥырхагахар ҳәа дшәо, адунеи аҭынчра амаа иара иакәызшәа изкыз. Еснагьгьы схаҿы иааиуаз "абырфын бӷьыц деиԥшуп ззырҳәо абри иҩыза иакәзар ҟалап" ҳәа акәын.

© Foto / Абхазская интернет-библиотека Терент Михаил-иԥа Ҷаниа
Абырфынбӷьыц еиԥшыз ауаҩы: Терент Ҷаниа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
Терент Михаил-иԥа Ҷаниа

Аамҭақәак рышьҭахь Терент Михаил-иԥа ҳашәҟәҭыжьырҭа адиректорс днарышьҭит. Иахьеи-уахеи иаабоз иакәхеит. Аԥсҭазаара зны-зынла знык-ҩынтә иубаз, узыҿцәажәаз ауаҩы, дышԥабзиоу ҳәа ззуҳәаз, инеибанеиԥшны убла дыхгылар аҽакала данунарбогьы ыҟоуп. Заҟантә иара сара схаҭа сақәшәахьааз уи аҩыза аҭагылазаашьа. "Абри ауаҩ аԥсҳа диеиԥшуп" ҳәа зегь рыла исгәаԥхоз ауаҩы иаалырҟьаны хымҩаԥгашьак ма иҳәаз ажәак ала зынӡа аҽакала дызбахьааз... Аха, мап... Терент Михаил-иԥа знызаҵәыкгьы усеиԥш гәаанагарак сзынимыжьит. Аколлектив аилазаара зегьы еиҵбыз, еиҳабыз ҳәа акәымкәа инеибынеиԥшны ҳаҭырқәҵарала даҳзыҟан, ишырҳәо еиԥш, иаԥхьа ҳаргыланы ҳаибон.

© Sputnik / Рада Ажиба 2017 шықәсазы аԥсуа литература арҿиараҿы илагалазы Рауль Ҳаџьымба апоет Терент Ҷаниа ианеишьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара.
Абырфынбӷьыц еиԥшыз ауаҩы: Терент Ҷаниа игәалашәаразы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2021
2017 шықәсазы аԥсуа литература арҿиараҿы илагалазы Рауль Ҳаџьымба апоет Терент Ҷаниа ианеишьеит "Ахьӡ-аԥша" аорден III аҩаӡара.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рызгьы иара иакәхеит адунеи аҟны изаҵәыкны иҟаз аԥсуа шәҟәҭыжьырҭа аиҭашьҭыхра зықәшәаз. Уи имариаз усмызт. Аибашьра аамҭеи ауааи убас иаԥсахит, зынӡаск иузеидымкыло. Иааит "абырфын бӷьыц еиԥшыз" ауаа иртәымыз аамҭа. Аха убри аангьы Терент Михаил-иԥа илиршеит иламыс, ицқьара, итатара, иажәа хаа аԥыжәара аҭара.

Геннадий Аламия - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2021
Аламиа Терент Ҷаниа изы: анцәа ииҭаз ауаҩра, ауаа рызшатәыс имазшәа акәын дшыҟаз

Ҩбаҟа шықәса раԥхьа еиҭах снапы ианырҵеит иажәеинраалақәа реизга аредакциа азура. Аимхәыц ахыц ианахышәшәо аиԥш аҽазныкгьы Терент Михаил-иԥеи сареи ҳаиқәшәарақәа шьҭахьҟа сдыргьыжьит. Иамамкыкәа иара итәы аргара илыршаны, сара исҳәаз еиӷьны иахьибозгьы иҩаӡара ду иахьмырԥшкәа иаразнак иақәшаҳаҭра исеилдыркааит асеиԥш иҟоу ауаа шмаҷу, аамҭа егьа ицәгьазаргьы, рыҽшеиҭарымкуа.

Агәахәара ду сымоуп маҷк иадамхаргьы урҭ раамҭа сахьаҵанакыз, рымҩаҿ сахьырԥылаз, рхы-рыԥсы иалырхыз рҩымҭақәа аԥхьаҩцәа ирызнеиаанӡа сара снапы иахьыҵыҵыз.

Ааигәа ашәҟәҭыжьырҭаҿы сылаԥш нақәшәеит ҳредактор Марина Тәанԥҳа лаԥхьа иқәыз Терент Михаил-иԥа еизгоу иажәеинраалақәа. Урҭ акьыԥхьрахь имнеицт. Иареи лареи еиԥыланы аханатә еиԥш аус еицадырулараны иҟан. Агәра згоит иара даныҟам ашьҭахь адунеи азна ишылцәыцәгьахо аредакциа рзура, заҟа аҭакԥхықәра лхы иадылҵо.

Терент Михаил-иԥа зыбжьы умаҳаӡо, аха зыҟазаарала аҭакԥхықәра уаҵазыргылоз дреиуан…

Ауаҩы дыԥсӡом, агәалашәара ыҟанаҵы. Еиҳаракгьы агәалашәара лаша…

Ажәабжьқәа зегьы
0