Лыхны ақыҭан аныҳәара мҩаԥыргеит

© Фото : Даут ЛогуаЛыхны ақыҭан аныҳәара
Лыхны ақыҭан аныҳәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥшьаҭыԥқәа быжьба ируаку Лых-ных аҟны фҩык Аԥсны аныхаԥааҩцәа имҩаԥыргеит аныҳәара.

АҞӘА, нанҳәа 10 — Sputnik. Лыныхнытәи аԥшьаҭыԥ Лых-ных аҟны фҩык Аԥсны аныхаԥааҩцәа имҩаԥыргеит аныҳәара ҳәа аанацҳауеит аҳәынҭқарратә информациатә маҵзура "Аԥсныпресс".

Лых-ных аныҳәаҩ еиҳабы Сергеи Шьаҟрыл ишазгәеиҭаз ала, аныхаԥааҩцәа 2014 шықәса нанҳәамзазы, Аԥсны Ахада иалхраан акәырбан рықәырҵеит.

"Атәыла Ахада иалхраан ажәлар рыҩныҵҟа аимакқәа иҟаз азыԥхьагәаҭаны, ҳарҭ аныхаԥааҩцәа акәырбан ҳақәаҳҵеит, дарбанызаалак иалырхлак ихьмырԥшыкәа аныҳәара шымҩаԥааго ҳәа. Иахьа иҳақәыз акәырбан ҳақәхуа Анцәа ду ҳиҳәоит ҳажәлар аӡәк еиԥшны иҟаларц азы. Рауль Џьумка-иԥа, ишәыдаҳныҳәалоит. Еснагь шәыжәлари шәареи шәеиԥхамыз. Шәусқәа зегь рҟны аманшәалара шәыцыз. Ажәлар цәгьара рԥеиԥшымзааит", — иҳәеит Шьаҟрыл.

Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит аполитикатә еилибамкаара иахьыԥшымкәа ажәлар еидгылар шакәу.

"Аибашьра аамҭақәа раан еиԥш иахьагьы ҳаӡәыкны ҳаҟазароуп. Аполитика аганахьала гәаанагарак-гәаанагарак ҳамазаргьы ҳара ҳаишьцәоуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Акультуреи, анаукеи аҵареи рганахьала атәыла Ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит аныҳәара акульт азқьышықәсақәа ирызнеиуа ашьаҭақәа шамоу.

"Аныҳәара, ари хыхь иҟоу амчқәа рыгәра зго, ҳаԥшьаҭыԥқәа рымч хазҵо зегьы злахәу қьабзуп. Ари ақьабз ес еиҵеиуа ирыцны иаауеит. Иара зызку ажәлар ракзаареи, реимабзиареи аҭынчреи роуп. Иара азкуп Аԥсны иқәынхо ажәлар рыбжьара аилибамкаара аҭыԥ амоура. Ҳныхаԥааҩцәа рныҳәара амч ҿыцқәа ҳарҭоит, иаҳзааргоит агәабзиареи анасыԥи", — иҳәеит Занҭариа.

Ижәытәӡатәиу аԥсуа қьабызқәеи ақьырсиантә культуреи Аԥсны еилиааны иҟоуп, аԥсуаа реиҳаракгьы иазхарҵоит ҳәа ациҵеит Занҭариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0