Гагреи Нальчики аешьаратә еимадара дырӷәӷәоит ахәыҷқәа рыла

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАшколхәыҷқәа злахәу Нальчиктәи аделегациа Гагра иааны иҟоуп.
Ашколхәыҷқәа злахәу Нальчиктәи аделегациа Гагра иааны иҟоуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколхәыҷқәа злахәу Нальчиктәи аделегациа Гагра иааны иҟоуп.

ГАГРА, ажьырныҳәа 20 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Аԥсни Нхыҵ Кавкази рыешьаратә еимадара арӷәӷәара инамаданы Гагратәии Нальчиктәии ашколхәыҷқәа изныкымкәа аиҭныԥсахларатә системала аибашьра аветеранцәа рҭаацәа ирҭаахьеит. Иахьагьы ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра иҟоуп Нальчиктәи аделегациа.

"Аԥсны акзаара" Гагратәи аҟәша ахантәаҩы дазалхыуп

Аҩ-милаҭк рыешьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара алыршахеит атәыла анапхгареи Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз Рхеилаки раԥшьгарала.

Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз Рхеилак ахантәаҩы Сергеи Иахогоеви Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбари ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны шықәсыбжак иалагӡаны аҩ-милаҭк рхәыҷқәа сасра аӡәи-аӡәи ирызцеит.

Арҭ амшқәа рзы Гагра рыԥсшьарамшқәа рхыргоит хәҩык Ҟабарда-Балкариантәи иааз ахәыҷқәа. Дара Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны ирзымҩаԥган атәыла аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аныҟәарақәа.

Иахьа, иааз асасцәа аиԥылара рзеиҿкаан Гагратәи актәи аԥсуа школ аҟны.

Араҟа ԥшь-класск ирыхҵоуп Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз аибашьцәа. Урҭ иреиуоуп: Аԥсны Афырхаҵа Геннади Карданов, Леон иорден занашьақәоу Хасан Алхасов, Ибрагим Науржанов, Нургали Кануков.

Гагра араион аҵара аҟәшеи, ашкол анапхгареи хықәкыс ирыман аешьаратә республикантә иаҳҭааз ашколхәыҷқәа дара рабиԥара еиҳабы хамеигӡарала рашьцәа ишрывагылаз араҳәара. Дара иаадырԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи наунагӡа еиҵагыло аҿар ишырхамшҭуа.

Нальчиктәи аделегациа ахаҭарнакцәа ирзеиҭаҳәан аклассқәа зыхьӡ рыхҵоу аҵеицәа реибашьратә мҩа атәы, иара убас идырбан архив аҟнытә иаагоу авидео хроника, аҵаҩцәа ирыԥхьеит апатриоттә жәеинраалақәа.

Гагратәи абжьаратә школ №1 адиректор Хана Гәынба еизаз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәалҭеит, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ду шрымоу.

"Ҭоурыхла, ҳара еизааигәоу аешьаратә милаҭқәа ҳауп. Ҳара иҳабжьоу адоуҳатә еимадара иалнаршеит ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла аӡәк еиԥш ҳаидгылара. Хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз ирыбзоуроу рацәоуп. Урҭ аԥсуа еибашьцәа ргәы шьҭырхит, иддырбеит ацәгьараҿы рхала ишыҟам. Иахьа аҵара-ааӡаратә процесс знапы алакыу иаҳуалуп еиҵаҳааӡо аҿар ашәҟәқәа рыла мацара акәымкәа лабҿаба аиааира аагараҿы ацхыраара ҳазҭаз аибашьцәа рабадырра, иҭахаз рбаҟақәа рҭаара, аибашьра аветеранцәа рҭаацәа рызнеира. Сара сыхәҭакахьала аешьаратә еиҭанаиааира аԥшьазгаз иҭабуп ҳәа шәасҳәоит", — лҳәеит ашкол адиректор Хана Гәынба.

Анаҩс ашкол анапхгара рыхьӡала аҳаҭыртә шәҟәқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи ранашьан аделегациа алахәцәа.

Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны еибашьуаз Рхеилак ахьӡалагьы ахантәаҩы Сергеи Иахогоев аҩ-милаҭк реимадара арӷәӷәара иазааԥсо зегьы аџьшьара риҭеит. Убас ари Ахеилак иаԥнаҵаз "Аԥсҭазаара аҵкыс апату еиҳауп" захьӡыз амедал ианаишьеит, ари аус акырӡа иазааԥсо, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар. Иара убас, абиԥара ҿыц рааӡараҿы алагала ду ҟазҵо, "Аԥсҭазаара аҵкыс апату еиҳауп" захьӡыз аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьан ашкол адиректор Хана Гәынба, арҵаҩцәа Нанули Ҳагба, Флора Быџба, Светлана Ԥалба, Диана Заде, Емма Барцыц.

Гагратәи актәи абжьаратә школ аҟны иахьа аҵара-ааӡаратә процесс иазааԥсоит, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз хҩык арҵаҩцәа, Нанули Ҳагба, Ларина Гәынба, Марина Макарычева. Дара еизаз зегьы ҷыдала иҭабуп ҳәа рарҳәеит иаадырԥшыз агәымшәаразы.

"Аԥсуа жәлар еснагь ҳаешьаратә жәҩахыр иақәгәыӷлароуп. Ҳара иаҳгәиҭан, аибашьра аветеранцәа реиҭанаиааира ала ҳалагарц ари ақьабз. Аха ҳара усгьы ибзианы ҳаибадыруеит аҟнытә, еиӷьны иҳаԥхьаӡеит аҿар рыла ҳалагар. Ахәыҷқәа реиҭанаиааира еизааигәанатәуеит аҭаацәагьы", — азгәеиҭеит Сергеи Иахогоев.

Гагратәии Нальчиктәии ашколхәыҷқәа реиҭанаиааира ашьаҭа акхьан акыр шықәса раԥхьагьы, усҟан аешьаратә еимадара арӷәӷәаразы аџьабаа ду лбеит ԥасатәи ашкол адиректор Татьиана Мықәба.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар аделегациа алахәцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит ари иԥшьоу аус ахшыҩзышьҭра ахьарҭо.

"23 шықәса ҵуеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи. Аԥсуа жәлар ахаангьы ирхашҭуам Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны иҳацхрааз. Усҟан Қырҭтәыла Ахада Едуард Шеварнаӡе раԥхьа днаргыланы агәра рызгомызт аешьаратә республикақәа адгылара ҳарҭоит ҳәа, аха излаарԥшхаз ала ргәы иажьеит. Ҳара еснагь иаҳныруан шәара шәыцхыраара. Иҭабуп еишьцәас шәахьҳамоу", — инаҵшьны иазгәеиҭеит Беслан Дбар.

Аибашьра аветеранцәа рыхьӡала, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу ашкол арҵаҩы Нанули Ҳагба Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иаауаз иҭабуп ҳәа ралҳәеит.

"Сара сыблала избон Нхыҵ-Кавказынтә ҳашьцәа анаауаз. Усҟан ҳара Ауадҳара ҳаҟан. Ашьхарантә иааԥсаха, ршьаҵақәа шрыҵахозгьы илыбаауан. Маҷк рыԥсы ааиҭакны, иаразнак аибашьра агәҭа иалагылон. Ҳажәлар рҭынч ԥсҭазааразы зхы иамеигӡаз наунагӡа иаҳхашҭуам", — илгәалалыршәеит аветеран.

Хагба Нанули. - Sputnik Аҧсны
Нанули Ҳагԥҳа: зегь раасҭа ирыцҳараз – иҭахоз рыгәҭа сҵаҩцәа ыҟан

Аиԥылара ахырқәшамҭаз, Нхыҵ-Кавказынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз рахьтә иҭахаз, ари ашкол аҟны аклассқәа зыхьӡ рыхҵоу, ҳаҭырла иныҟәызго аҵаҩцәа ашкол анапхгара рыхьӡала иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Иахьа Гагра зыԥсшьарамшқәа зхызго Ҟабарда-Балкариантәи иааз ахәыҷқәа, аҩызцәа ҿыцқәа дырҳаит. Наҟ-наҟгьы реиҭанаиааира иацырҵоит.

"Сара раԥхьаӡакәы Аԥсныҟа сааит. Араҟа ибзианы ҳрыдыркылеит. Иаҳзеиҿыркааит аныҟәарақәа рацәаны. Ҳаргеит Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу, Аҟәатәи Ахьӡ-аԥша амузеи ахь, Афон ҿыцтәи аҳаԥахьы", — ҳәа исасра далацәажәеит Аслан Шоров.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан, Нхыҵ-Кавказтәи аешьаратә республикақәа иаадырԥшит шаҟа иаҳзыразу, шаҟа гәаартыла иаҳзыҟоу.

Аԥсуа жәлар ахаангьы ирхашҭуам аамҭа хьанҭақәа раан, рхьаа рыцеиҩызшаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0