Таифун Арӡынба: иахьа сазгәыдууп аԥсышәала сахьцәажәо

© Foto / Сырма АшәԥҳаТаифун Арӡынба
Таифун Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, ҩыџьа аҭыԥҳацәа раб Таифун Арӡынба игәалашәарақәа ҳацеиҩишоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

"Аԥсадгьыл ахьӡ ансаҳауа, схаҿы иааиуа Аԥсноуп. Ҳабацәа, ҳабдуцәа рыла иҳаҳалон Аԥсны аӡбахә. Раԥхьаӡа Аԥснынтә избаз аԥсуаа, Ҭырқәтәыла инеиз акәашацәа ргәыԥ ауп. Убасҟан еиҳагьы иҿыхеит сыԥсадгьыл ахь исыхоз амч, уи иадҳәалаз схәыцрақәа. 

Сара сабду иаб, амҳаџьырра аамҭазы Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара дақәшәеит. Иара Асланбек ихьӡын. Уи иаб, сара сабду иабду Арӡынба (Џыр-иԥа) Ҳамид, Ԥсҳәы дынхон. Уа иҭахеит иашьцәеи иареи. Фышықәса ракәын Асланбек Ҭырқәтәылаҟа даннанага ихыҵуаз. Даара аџьабаа ду рбагәышьеит. Иԥсуоу инхоу рзымдыруа, иахьынхо аҭыԥ рымамкәа, абызшәа рзымҳәо, аҭагылазаашьа уадаҩ иҭагылан.

Мунир Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Мунир Кәыџба: иахьа ҳаԥсадгьыыл аҿы ҳгәы каршәны ҳанхоит-ҳанҵуеит

Сара сабду Сҭампыл дынхон. Арантә ихырҵәаз сабду иаб,  Диузџьа азааигәара иҟоу  Ефҭениа ақыҭаҿы Ус, сабду иашьцәа уантә иҭыҵны раԥхьа Адаԥазарҟа ииасит, анаҩс Сҭампыл анхара иалагеит. Сара Германиа сиит, аха Сҭампыл исызҳаит. Ҩыџьа аишьцәа ҳаҟоуп ҳара. Сашьеиҳаб Иалчын Аԥсны дынхоит, дҭаацәароуп, изҳауеит иԥа Ҭемыр. 

Сара еснагь схы-сгәы иҭан Аԥсныҟа ахынҳәра. Аибашьра аԥхьа, Ҭырқәтәылантәи иаақәаз сҩызцәа  ыҟан, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара рҵон. Усҟан сара Ҭырқәтәыла аҵара сҵон. Аԥсныҟа сааит аибашьра ианалагаз аамҭазы, ҩымчыбжьа ааҵуаны. Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа еибашьра иааз 200-ҩык инареиҳауп. Раԥхьатәи агәыԥ иалаз рхыԥхьаӡара 40-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Шәачантә ӷбала Гәдоуҭа ҳааит. Усҟан иаҳԥылаз аԥсуаа, исаҳаз аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь, лабҿаба избаз аԥсуаа, исаҳаз ҳаԥсадгьыл афҩы хаа, сыԥсҭазаараҿы ахаан исхамшҭуа аамҭаны иаанхоит. Аибашьра цон, аамҭа цәгьан, аха раԥхьатәи ҳшьаҿа ҳадгьыл аҿы аԥхыӡ иаҩызаны исзааиуеит иахьа уажәраанӡагьы… Аибашьра аамҭазы сааизаргьы, есымша ара сынхозшәа, ара сизшәа, ара сааӡазшәа схы збон. Ақырҭқәа рҽырӷәӷәаны инхон, рықәнага иақәыршәатәын.

Аҳәынҭқарратә усқәа рнапахьы иааргон, ус ҟалашьа амамызт. Аибашьраҿы зықьҩыла ҳауаажәлар ҭахеит, рҿаԥхьа схырхәоит. Урҭ ирыбзоураны иахьа иҳамоуп аԥсуаа еснагь иззықәԥоз ахақәиҭра. Уи еиқәҳархароуп. Сара, мрагыларатәи мраҭашәаратәи афронтқәа срылахәын. Исыцеибашьуаз сҩызцәеи сареи иҟоуп уажәыгь алаф анеибаҳҳәо. Уабаҟоу, ҳәа иансазҵаалак, зны Очамчыра, зны Тҟәарчал, зны Гәдоуҭа сыҟоуп сҳәоит. Аибашьра анцозгьы, аҭынч ԥсҭазаара аҟынгьы ус ауп.  

Аиааира амш аҽны сара Кәыдры сыҟан. Аҟәантәи иаауаз аибашьцәеи ҳареи Кәыдры ацҳаҟны ҳаиқәшәеит. Аԥсышәала иашахома исҳәар, сыздыруам, ажәҩанахь ҳԥыруан амҵәыжәҩақәа ҳамазар. Иадаҩуп усҟантәи аамҭазы сгәалаҟара зеиԥшраз аҳәара. Ҳгәы ҳзырхьқәоз рацәан, иҳавыршьааз ҳҩызцәа рхьаагара… Аха,  Аиааира ҳара иаҳтәын, ҳара егьаҳгеит! Кәыдрынтә ҳаицны ҳазегьы Егрынӡа ҳнаӡеит. 

Сонер Гогәуа - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: агазеҭ "Сабаҳ" адаҟьақәа рылоуп ҳҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра ҳшааз злеилыркааз

Аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа уадаҩын. Анхара аусура иацыз ауадаҩрақәа рацәан. Амамзаара ыҟан, асоциал-економикатә ҭагылазаашьа бааԥсын. Арҭ ауадаҩрақәа ирылҵтәын. Уи арҽеира ҳақәшәеит. Аԥсуа амамзаара иныԥшӡом, ихы аныҟәгашьа дақәшәоит, асас идкыларагь илшоит. 

Сара сусгьы, сыԥсҭазаарагьы Тҟәарчал иадҳәалоуп сҳәарц сылшоит. Исылшо ала сыуаажәлар срыдгылар сҭахуп. Тҟәарчаала сыгәра ганы, Аԥсны Жәлар Реизарахь салырхит. Саргьы ргәыӷрақәа насыгӡарц сҭахуп. 

Сара Аԥсны санаа аԥсшәа сыздырӡомызт. Ажәақәак еилыскаауан, аха сызцәажәомызт. Избанзар, сара Германиа сиит,  Сҭампыл сааӡеит. Аҩны сҭаацәа цәажәон, аха миллионҩыла ауаа ахьынхо ақалақь аҟны, иуадаҩуп аԥсшәа аныҟәгара. Аԥсны исоуз аԥышәа иабзоураны, иахьа сазгәыдууп аԥсышәала сахьцәажәо. 

Ҭырқәтәыла иныҟәаҳго аԥсуара, абрантә ҳабдуцәа инаргаз ауп. Ашкол аҟны иҳамҵаӡеит, ашәҟәы аҟны ҳамыԥхьаӡеит. Сҭаацәа исдырҵаз анаҩс, ара сахьааиз иацысҵаз ыҟоуп. 

Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш амоуп. Аамҭа уадаҩ ҳахысзаргьы, ахеиқәырхара ҳалҳаршеит. Ҳаԥсҭазаара ԥшӡазарц азы, аус ҳуроуп, ҳмаашьароуп, ҳаидгылароуп. Ҳбызшәала ҳцәажәароуп, ҳаԥсуара ныҟәаҳгароуп"!

Ажәабжьқәа зегьы
0