Ауаа ирзааигәаз аинрал: Уалид Абаза- Маршьан игәаларшәара аҳаҭыр азы

Анапаҵаҩра
Сириатәи Арабтә Республика ашьақәыргылараҿы зылша рацәоу, зажәа акрыԥхылнадо, хылҵшьҭрала иаԥсацәоу аишьцәа Маршьанаа, Аԥсны иахьӡырҳәагақәоуп. Уалид Абаза- Маршьан иҿцәажәара Сырма Ашәԥҳа лархив аҟнытә.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аишьцәа Мамдухәыи, Шьарафи, Уалиди Абазаа- Маршьанаа, рабду ахҵәара аныҟала, Аԥснынтә иҭыҵқәаз дреиуоуп. Ҩыџьа аишьцәеи, ҩыџьа аиҳәшьцәеи иман. Руаӡәк Ҭырқәтәыла даанхеит, егьырҭ Сириаҟа иагеит. Уа иахьнанагаз, Кавказ ажәларқәа зегь реиԥш, рҭагылазаашьа уадаҩхеит. Аха, ишакәхалакгьы ахеиқәырхара иашьҭалеит.

Абиԥарак еиднакыло Маршьанаа рҭаацәа, атәым дгьыл аҿы аԥсыуак излаиаҭәо ала рхы ныҟәыргон, рыԥсадгьыл ахьаа рхьаан, ргәырӷьара ргәырӷьаран.

"Ҳара ҳабдуцәа рҭоурых ус иаарласны иузеиҭаҳәом. Ихҵәаны атәым тәылаҟа ианаа, анхара иалагеит Голантәи аҳаракырақәа рҿы. Усҟан, Кавказаа ахьынхоз 12 қыҭа ыҟан. Аԥсуаа еидызкылоз аԥсыуа қыҭан Гассаниа захьӡыз ақыҭа. Аԥсуаа, Сириа раԥхьа анхара иахьалагаз, аҭыԥ даараӡа ибааԥсын, иӡҭачыран. Изықәшәаз ачымазара бааԥсқәа ирхырҟьаны, рыԥсҭазаара иалҵуа иалагеит. Анаҩс, еиҳа иахьыҳаракыраз аҭыԥқәа рахь ихалеит. Убас, 1967шыкәсанӡа, инхон Голантәи аҳаракырақәа рҿы. Усҟан, уа инхоз адыгақәа, ачерқьесқәа, аҟабардақәа, аԥсуаа ркультура акын, патуеиқәҵарыла еизныҟәон, еилибакаауан. Избанзар, еиԥшын ҭоурыхтә лахьынҵала. Аха, 1967 ш. рзы, Израиль, Сириа излагаз аибашьра иахҟьаны, Голантәи аҳаракырақәа рҿы инхоз зегьы Дамаскҟа имылбаар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Уи ҳара ҳзы аҩбатәи мҳаџьыррахеит. Уахь ҳанхало, ҳгәы ҳзырхьуа агәалашәарақәа аанхеит", — аҭоурых ашьта дазхьаԥшуа дҳацәажәон Уалид.

Аишьцәа Маршьанаа рыла, Кавказ аҭоурых, Сириа инхо атәылауаа ирдыруа маҷым. Уалид иԥшәмаԥҳәыс, Жансет Казанԥҳа, ҭеиҭыԥшлагьы, ҟазшьалагьы даамсҭашәоуп.

"Ҳара ҳахьынхо атәымџьара ҳқьабызқәа рмырӡра ҳашьҭоуп. Ҳара иҳалшазар урҭ реиқәырхара, аԥхьаҟагьы ҳахшара иныҟәыргалар ҳҭахәуп. Сара Аԥсны снеихьеит, избахьеит. Уи нахыс еилыскаауа салагеит Аԥсадгьыл еиҳау ԥсҭазаара шыҟам. Аԥсныҟа ахынҳәра ҳхы-ҳгәы иҭоуп", — Жансет лылаӷырӡқәа илыдмырҳәоз лажәа абраҟа еиқәылҳәалеит.

Уалиди Жансети ԥшьҩык ахшара рыман. Рыцҳарас иҟалаз, лԥацәа руаӡәк, шықәсқәак раԥхьа машәырла дҭахеит, егьи аруаӡәк, Сириа ицоз аибашьраҿы дҭахеит… Ирызҳауеит рмаҭацәа.

"Ԥсадгьылда атәымџьара аҟазаара, еицәоу ԥсҭазаара ыҟаӡам. Еиҳау насыԥс иҟоузеи уара иутәу адгьыл ушьапы анықәгылоу, уа уанынхоу!"- гәыблыла аҭоурых дазхьаԥшуан Уалид.

Уалид Амаршьан, Сириатәи ашәарҭадаратә маҵзураҿы аус иуан, еинралуп. Уалид, ҟазшьала зегь ирзааигәаз, илахҿыхыз уаҩын. Арҭ амшқәа рзы Аԥснынӡа иааӡаз иԥсӡы, зегьы гәалсрыла ирыдыркылеит.

Салаҳ Леиба - Sputnik Аҧсны
Салаҳ Леиба: Шьамтәыла аҭаацәара ду сымоуп, араҟагьы ауа-аҭынха соуит

Уалид иашьеиҳаб Шьараф Маршьан, иҭаацәеи иареи, иахьа инхоит Аԥсны. Иара Сириатәи Ареспублика апарламент аҿы изныкымкәа депутатс далырххьан, иналукааша политикатә, уаажәларратә усзуҩуп.

Иазгәаҭатәуп, Шьарафи Уалиди рашьа Мамдыху Маршьан, Сириатәи арратә ҳаиртә мчраҿы аус шиуаз, еицырдыруаз уаажәларратә усзуҩын, агәымшәара злаз уаҩын. Израиль даҿагыланы аибашьраҿы ахаҵарақәа ааирԥшхьан. Мамдуху, 30 шықәса инарзынаԥшуа Сириа президентс иҟаз Хафез Аль Ассади иареи еиҩызцәан. Мамдуху дҭархан аҳаиртә мчрақәа рыштаб хада аҟны имҩаԥгаз атерракт иахҟьаны. Иара аинрал-леитынантын. Данҭаха ашьҭахь, аинрал-полковник ҳәа ахьӡ ихҵан.

Аишьцәа Маршьанаа, дара ахьанхоз атәылаҟнеиԥш, ҳаҭырла-патула ирызнеиуеит Аԥсынтәыла. Урҭ рымч-рылша зегьы рыуаажәлар рымаҵ аура иазкын.

Ажәабжьқәа зегьы
0